Print this page

Еиҭашьақәыргылоуп аспорттә зал

Абҵара 20, 2025 21

А.П. Чехов ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №14 аҿы еиҭашьақәыргылаз аспо­рттә зал ҿыц аартра иадҳәалоу аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит. Ашкол адиректор Рита Бениа еизаз ари агәырӷьаратә хҭыс – 30 шықәса иреиҳаны иззыԥшыз аспортә зал ҿыц аартра рыдылныҳәалеит.

Иманшәалоу аҭагылазаашьақәа рҿы абаҩрҵәыра аурокқәа рымҩаԥгара азы алшара рамамкәа ашколтә дәы аҿы рҽазыҟарҵон, аха уеизгьы аҵаҩцәа ақалақьтә еицлабрақәа рхы рыладырхәуан, аԥхьахәтә ҭыԥқәа ааныркылон, амедалқәеи ахраҿақәеи ргон, ҳәа лҳәеит лара.
Арҭ ахраҿақәа азал ахь инаргеит. Азал аиҭашьақәыргылара Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба иҟаиҵаз аиҿкааратә цхыраарала имҩаԥган.
«Ҳара ҳашкол аушьҭымҭа Лаша Ашәба ацхырааразы ҳидҵаалеит. Аҳҭны-қалақь ахадарагьы иара убас аиҭашьақәыргылараҿы ацхыраара ҟанаҵеит. Аспортзал даара игәыгәҭажьны иҟан. Ӷәӷәала ақәа анауаз амшқәа рзы ауада аӡы ҩналон. Адашьма баахьан, аҭыӡқәа аԥакәа иаганы иҟан», – лҳәеит Рита Бениа.
Лаша Ашәба ашколхәыҷқәеи арҵаҩцәеи аспорттә зал ҿыц аартра рыдиныҳәалеит. Ашкол сынтәа 65 шықәса ахыҵра азгәарҭараны иҟоуп. Жәлар Реизара Аиҳабы аибашьра ашьҭахь ари ашкол далгеит. Аԥсны анапхгареи Аҟәа ақалақь ахадеи иҭабуп ҳәа реиҳәеит иҟарҵаз ацхыраара азы.
«Ҳара ацхыраара ду ҳарҭеит, ахыб аԥсахраҿы иҳацхрааит, иҳаҩсыз ашықәс азы классқәак реиҭашьақәыргылара алыршахеит», – иҳәеит Лаша Ашәба. Уи иара убас Краснодартәи атәылаҿацә ашкол аҳамҭа ду шанаҭаз, уи азааигәара ҳаамҭа иақәшәо аспорттә дәы шыҟаҵаз иҳәеит.
Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи аспо­рттә зал ҿыц аартра рыдиныҳәалеит, уи шьҭарнахыс иҿыцу аспорттә еихьӡарақәа рыҟалара ишацхраауазы агәрагара ааирԥшит. «Ҳара аринахысгьы ашкол адгылара аҭаразы иааиуа 2026 шықәсазы ақалақьтә биуџьет аҿы усмҩаԥгатәқәак азԥхьагәаҳҭахьеит», – иҳәеит Ҭемыр Агрба.
Аҳҭны-қалақь ахадара аҵара Аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьылԥҳа аспорттә зал аиҭашьақәыргылара ахәыҷқәа ргәабзиара ахьчара хықәкыс иҟаҵаны имҩаԥган ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит. Аусмҩаԥгатә аофициалтә хәҭа ашьҭахь ашколхәыҷқәа ықәгылеит. Урҭ аспорт иазку ажәеинраалақәа ирыԥхьеит, ашәақәа рҳәеит. Аномер шьахә еизаз иддырбеит агимнастка ҿарацәа.