Print this page

Адокументтә фильм «Дука» ахыркәшарахь инеиуеит

Абҵара 20, 2025 51

Санкт-Петербургтәи акинорежиссиорцәа Мариа Рудневскаиеи Алексеи Зенченкови рдокументтә фильм «Дука» аҭыхра ахыркәшара иаҿуп.

Ари афильм х-хык рыла ишьақәгылоуп, урҭ рҟынтәи зегь реиҳа ихадоуп уи афырхаҵа хада Тамшьтәи аихамҩатә станциа аиҳабы Гиви Занҭариа изку, аԥсуа идунеихәаԥшышьеи иоуҳамчи зныԥшуа ахәҭа.

Апроект аԥшьгаҩцәа рыгәҭакала, афильм аиҳарак изкхоит Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан ааха зауз аихамҩатә астанциа аусзуҩ Гиви Кан-иԥа Занҭариа.Уи ҩажәи ҩынҩажәа шықәса инарзынаԥшуа аус иухьеит хыхь зыӡбахә ҳәоу аихамҩатә станциаҿы. Иара изыҳәан ари аҭыԥ аҩбатәи иҩны изаҩызоуп. Иџьабаа ду анаҩсгьы иадуп игәыбылра.
Тамшьтәи астанциа аадыртит 1949 шықәсазы. Гиви Занҭариа аибашьра ҟалаанӡа уаҟа аус иуан. 1994 шықәса рзы иара далагеит аихамҩа ахыбра аиҭашьақәыргылара, аҭӡамцқәа рышәра, аҭыԥ аыцқьара, ашәҭқәа реиҭаҳара. Аибашьраан ааха ӷәӷәа зауз ари аихамҩатә станциа, аибашьра ашьҭахь акраамҭа аус ауӡомызт, аха Гиви Занҭариа напы адкыланы иахьимаз иабзоураны ақьаԥҭацәа ахымлаӡеит. Минуҭқәак раԥхьа адәыӷба ииасызшәа акәын ааигәа-сигәа зегьы цқьаӡа, ҳәирак ахымҵәаӡакәан ишыҟаз. Ахыбра ахаҭа акәзар, Гиви Кан-иԥа ихатәы харџьала акырынтә ишәхьан. Гәыкалаҵәҟьа аус абзиабара, аҭагылазаашьаақәа рыҽрыҵамырхара-риааира, иулшо иахьулшо аҭыԥ азкра, абарҭқәа зегьы ргәаҵанӡа инеины иархәыцит акиносахьа аус адызуло, Мария Рудневскаиеи уи лыԥшәмеи.
Дара раԥхьаӡа акәны Тамшьтәи аихамҩатә станциа иаҭааит 2021 шықәсазы. Уи машәыршәа иҟалаз аныҟәара лгәаларшәо, Мариа Рудневскаиа илҳәоит, аихаматә станциа анырба, уи иахылаԥшуа ианиҿцәажәа нахысҵәҟьа акиносахьа аҭыхразы ахшыҩҵак шрызцәырҵыз. Гиви Занҭариа иакәзар, адокументтә фильм афырхаҵа ахадахара дақәшаҳаҭхеит, анаҩстәи раараан дырԥылеит, аҭыхрақәа рҿы ацхыраарагы риҭеит. Абасала, актәи ахы аҭыхрагьы алыршахеит. Афильм аҩбатәи ахәҭа аҭыхрақәа хацыркын, иагьымҩаԥысуан 2024 шықәса рзы,аха проект авторцәа ргәы ишҭаз еиԥш иалымҵит, аҭыхрақәа иаразнак рхыркәшара алмыршахаӡеит, макьанагьы иаҿуп. Мариа Рудневскаиа иазгәалҭоит, уажәшьҭа маҷк шакәу иаанхаз, акгьы шрыгым ахыркәшаразы. «Ари афильм ҟаҵоуп адокументтә фильмқәа иреиӷьу ртрадициақәа инарықәыршәаны. Аинтервиуқәа маҷны иагәылагылоуп, избан акәзар иара ахықәкы ацәажәарақәа ракәӡам, изызку даҽа хшыҩҵакуп. Зеиԥшыҟам аԥсуара злоу Гиви Занҭариа имацара иакәымкәа, афильм иафырхацәахеит иара иҭаацәа, иҭынхацәа, изааигәоу ауаа»,–лҳәеит Мариа Рудневскаиа. Адокументтә фильм ахьӡ аԥшаара еснагь иуадаҩуп, аха араҟа имариахеит. Амаҭацәа Гиви Кан-иԥа «Дука» ҳәа иарҳәоит. Авторцәа ари ахьыӡшьара афильм азгьы зеиӷьыҟам хьӡуп ҳәа азырыԥхьаӡеит.
Гиви Занҭариа, аинвалидра шимоугьы, изшьапык шицәыӡызгьы, илахьынҵазы агәынамӡара ааирԥшӡом. Иара ааԥсара ззымдыруа, аԥсҭазаара еигәырӷьо, алаф бзиа зҿо уаҩуп. Иҳәоит гәазыҳәара дус ишимоу мышкызны атурис­ттә дәыӷба араҟа, Тамшьтәи адәыӷба станциаҿы аанкылара ахҭыс ахаанхара. «Даара сақәгәыӷуеит ари адәыӷба Гиви Занҭариа ихьӡ ахҵахоит ҳәа, уи, ари аҭыԥ иадиҵахьоу иџьабаа ҳасаб азуны ииашахон»,–ҳәа азгәалҭоит Мариа Рудневскаиа.
Актәи ахы аҭыхрақәа аны­мҩаԥысуаз инаркны, астанциа аҭагылазаашьа акырӡа аҽаԥсахит, еиӷьхеит. Аҭыԥантәи анхацәа реиԥш, уи атәы азгәарҭоит адокументтә фильм арежиссиорцәагьы. Ҳаамҭазы Тамшьтәи астанциа аусзуҩцәа аихамҩақәа русбарҭа имҩаԥнаго аусурақәа ирыбзоураны астанциа аԥсахрақәа аиуит. Уаҟа Аԥсны аихамҩақәа русбарҭа ахылаԥшрала уаҩы игәы иахәаша аиҭакрақәа мҩаԥысуеит. Афильм аҭыхрақәа мҩаԥысуеит Аԥсны аихамҩақәеи, атуризм Аминистрреи, акультура Аминистрреи рыцхыраарала.
Аԥсны туризм аминистрра ганрацәала адгылара анаҭоит агәыԥ имҩаԥнаго аусурақәа. Атуризм азы аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Занҭариа инаҵшьны иазгәеиҭеит астанциа «Тамшь» атуристтә маршрутқәа рхыԥхьаӡаларазы агәҭакқәа шыҟоу. Уажәазы ари аанҿасырҭа аидарашьҭыхратә станциа аҳасабала аус ауеит, аха Гиви Занҭариеи Аԥснытәи аихамҩеи агәыӷра рымоуп иаарласны араҟа апассаџьырцәа рыдыркылап ҳәа.

Елана Лашәриаҧҳа