Уахь имҩахыҵит аԥсуа интеллигенциа рхаҭарнакцәа, хаҭала, Чықь Смыр ихаҭареи иӡбахәи здыруаз, ҳаҭырла иазыҟаз, иара убас уи иҷкәын Џьон Смыр иааигәаны дыздыруаз, аус ицызуаз иҩызцәа, иҭынхацәа, иҭаацәа.
«Аамҭақәа реигәныҩра» ашәҟәы аӡыргара ааиртит Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Басҭаҟәа Агрба. Уи иқәгылараҿы иазгәеиҭеит, Џьон Смыри иареи хаҭала, иааигәаны ишеибазымдыруаз, аиҩызара шрыбжьамыз, аха, уи ихаҭара, иуаҩра ӡбахәыла ишидыруа.
«Зыжәлари зыԥсадгьыли рхьаа зхьааз, хаҭала, ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл ахь рырхынҳәразы, ари аус ацхраараҿы ихшыҩи иажәеи акыр аҵанакуан. Урҭ ирнаалоз, рыԥсадгьыл ахь ирымаз абзиабареи агәбылреи зырҿыхашаз, изырцыхцыхшаз ажәа иԥшаауан, иҿан», – иҳәеит уи.
Анаҩс, аекран ду аҟны аӡыргарахь инеиз идырбан, Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы аҟны Џьон Смыр аус аниуаз аамҭазы, усуратә визитла Ҭырқәтәылатәи аныҟәарақәа раан, уаҟа имҩаԥгаз аизарақәеи, аусмҩаԥгатәқәеи рҟны, ҳџьынџьуаа рахь ихы рханы ииҳәоз ахшыҩҵак ҵаула змаз иажәа ҟәышқәеи иқәгыларақәеи зныз авидеонҵамҭақәа.
Уи ашьҭахь ажәа иман, ашәҟәы аиқәыршәаҩ, аԥхьажәагьы зҩыз, апоет, ажурналист, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу.
Уи иажәа хацыркуа иазгәеиҭеит, ашәҟәы аӡыргара, хаҭала, Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы аҟны амҩаԥысра, машәыршақә ишыҟамлаз, ҳџьынџьуаа ирыдҳәалаз азҵаатәқәа рыӡбареи рымҩақәҵареи рхыҵхырҭаҿы игылаз дшыруаӡәкыз Џьон Смыр.
«Зыуаажәлари зыԥсадгьыли зыԥсеиԥш бзиа избоз, урҭ рԥеиԥш згәы иҵхоз, хаҭала Џьон Смыр 2005 шықәса раахыс, иԥсҭазаара ашықәсқәа аҳҭны-қалақь Аҟәа иадҳәалахеит, Аԥсадгьыл ахь ахынҳәра афонд аиҳабыс аус иуан. Ари амаҵурахьы дназԥхьаз, иазыҟаҵоу, аԥышәа зырҳахьоу, аԥсуа игәаӷь змоу ҳәа дыршьон, иагьиқәгәыӷуан. Уи имаҵура инаваргыланы дрылахәын ауаажәларратәи аполитикатәи усқәа. Дахьыҟазаалак уи ламыс цқьала дазнеиуан иарбан усзаалак, ихы мҩаԥигон иара ишиҟазшьаз еиԥш, иаԥсуара ишиднаҵоз ала.
Џьон унадыххылан иузгәамҭоз, ҷыдарак зҵубаауаз ихатә дунеи иман, уи аԥсуа идоуҳамч ала еибаркын, ауасхыргьы ӷәӷәан. Зегь ззеиԥшыз даднакыломызт, зыԥсадгьыли зыуаажәлари рлахьынҵа иазымхәыцуаз, иамырҭынчуаз уахь дзымҩахыҵуамызт, избанзар уа даҽа шәага-загақәак, даҽа ԥҟарақәак шьақәгылан.
Џьон еиҭаҳәашьа змамыз ԥхарак иҵан, уи зныруаз, изааигәахоз, иднаԥхьалоз рацәаҩын. Аԥсуара згәы азыбылуаз аӡәырҩы иара иахь имҩахыҵуан, ажәытә-аҿатә иалацәажәон…
Даара игәы азыҳәон, аԥсуаа ҳаԥсадгьыл аҟны ҳаӡәыкны ҳаҟалара, ҳаизҳара. Оумакала дреигәырӷьон, дырхаҵгылон зразҟы зыԥсадгьыл иадызҳәалоз ҳашьцәа. Урҭ раԥхьаӡа иахьнеиуаз Џьон иҟны акәын» – иҳәеит, Џьони иареи еибадыруеижьҭеи, аиҩызара рыбжьеижьҭеи акыр шҵуаз, аха 2011 шықәсазы Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы (анапхгаҩыс иҟаз З.Адлеиба ихаан) аԥшьгарала зҭыжьра хацыркыз, аԥсышәалеи ҭырқәшәалеи мызкы знык иҭыҵуаз агазеҭ «Аԥсадгьыл агәеисыбжь» редакторс даннарԥхьа ашьҭахь, реиҩызара еиҳа аҽшарҭбааз, ишыӷәӷәахаз, ишеизааигәахаз азгәаҭо Вахтанг Аԥҳазоу. «Зны ҳанааидтәала, Џьон иаацәыригеит иаб игәалашәарақәа ирызкыз ажәабжьқәа. Харада ахара рыдҵаны ҳҵеицәа иреиӷьыз, ҿааҳәыра рмауа иандырӡуаз аамҭазы, зыжәлар рҿахәы аӷьараҳәа изҳәоз, агәаӷьра злаз, ҩынтә идырбаандаҩхьаз, ашьра зқәырҵараны иҟаз, аха идыриашаз, хәышықәса ҭакрала изхызгаз, уи ашьҭахь, ахынтәраан иҭакра ианашьҭала иҩыза бзиа, аҩнуҵҟатәи аусқәа Гә́доуҭатәи рраионтә ҟәша аиҳабыс иҟаз Роман Гәбаз ибзоурала згәызҽанҵаз Чықь Смыр дзынҟьаз-дзынԥаз зныԥшуа игәалашәарақәа уанрыԥхьо, улахь еиқәызҵо ахҭысқәа рацәаны иуԥылоит. Урҭ ааӡагоуп, ихшыҩрҵагоуп, аха ҳажәлар ирхыргахьоу аҭоурых, ахлымӡаах, агәыҭшьаага ула ихгылартә рсахьа ҭыхуп.
Сара иаразнак Џьон иабжьазгеит иаб игәалашәарақәа еидызкыло анапылаҩырақәа акьыԥхь азырхиаразы дызлагаз аус иациҵарц. Усҟан аҭакс исеиҳәеит, акьыԥхь ахь анагаразы аредактор инапы ишыҵхтәу. Сара уи мап шацәысымкуаз иасҳәеит. Уи нахыс иареи сареи аусеицура ҳалагеит, хәҭа-хәҭала агәалашәарақәа аус рыдуланы исзааигон сылаԥш ахызгарц азы. Раԥхьаӡа икьыԥхьны исиҭаз «Аԥсуа хаҵа» ахьӡуп, ашәҟәыҩҩы, аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩы С.Ҷанба изкуп. Инагӡаны аус анадааула ашьҭахь агазеҭ «Аԥсадгьыл агәеисыбжь» ианаҳҵеит.
Аиашазы, Џьон убриаҟара дагәыланахалеит, дышнеи-шнеиуаз аредактор даҭахым уҳәо аус адуланы иааигон. Уи ибызшәа беиан, ицқьан, иҿаԥыц бзиан аҟнытә, инапкымҭа аԥхьара агәахәара унаҭон», – иҳәеит иажәа хыркәшо.
«Сара саб иԥсҭазаара даналҵуаз 7 шықәса схыҵуан, уара аԥсуа жәлар рҭоурых азы акрызҵазкуа, уаб Чықь Смыр ихигаз, дзыниаз игәалашәарақәа аус рыдуланы акьыԥхь ахь анагара улшартә уҟоуп, уаҟәымҵын, инагӡа ҳәа иабжьазгон Џьони с́ареи ҳаибабацыԥхьаӡа.
Аԥсуара злыжжуа, амца зыӷраз ззырҳәо, агәаӷь зызҭаз, аԥсуа жәлар ҳҿахәы зҳәоз хаҭала, жәлар рԥызацәа: Нестор Лакобеи Самсон Ҷанбеи здыруаз, урҭ рыбзоурала иӡыргаз, зҵара Москва иацызҵартә еиԥш аҭагылазаашьа зауз Чықь Смыр амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара иадҳәалаз еизарак, усмҩаԥгатәык дагханы ҟаломызт. Уи ҿаԥыц ӷәӷәала дықәгылон, ажәлар ршьапы иқәгыланы изыӡырҩыртә.
Ас еиԥш ахаҵа ӷьеҩ иԥсҭазаара «ахаҳә былгьо» изыҟаломызт ҳәарада, уи дызнысыз амҩа даара ихьанҭоуп, ихигаз уадаҩуп, аха игәы еиҭамԥакәан иԥсҭазаара ахы инаркны аҵыхәанӡа дызныз ахаҵарамҩа даанымҵӡакәан дшаныз дымҩасит.
Аҿар, изызҳауа абиԥара ирдыруазар ахәҭоуп, Чықь игәалашәарақәа рҿы дыззааҭгыло, хаҭала иара дызхааныз, иҟаҵәҟьаз аҭоурых» – иҳәеит аҭоурыхҭҵааҩ Руслан Гәажәба, хаҭала агәыбылра ду змаз Чықь Смыр иҷкәын Џьон Смыр иаб иҭынха мырӡкәан, еиқәырханы, ҳара ҳҟынӡа иааиртә аҟаҵара ахьилшаз акыр шаанаго азгәаҭо.
Апоет, ажурнал «Алашара» аредактор хада Анатоли Лагәлаа иқәгылараҿы иазгәеиҭеит Аԥсуареи аламыси ирылааӡаз, агәаӷьра злаз Џьон Смыр иҿаԥыц шыбзиаз, ибызшәа шыцқьаз, ишбеиаз. Уи ажурнал «Алашара» иреиӷьыз авторцәа дышреиуаз. «Зынгьы ашықәсан иреиӷьу арҿиамҭа ҳәа ишалыркааз «Аԥсуа хаҵа» захьӡыз, иаб Чықь Смыр игәалашәарақәа рҟнытә иаагаз аҩымҭазы, апремиагьы шианашьаз, аха апремиа ҳамҭас ажурнал «Алашара» аусзуҩцәа ишырзынижьыз» – иҳәеит уи.
Иажәа хыркәшо, ашәҟәы «Аамҭақәа реигәныҩра» аиқәыршәаҩ Вахтанг Аԥҳазоу иахь ихы нарханы иҳәеит, ашәҟәы аҭыжьра азырхиаразы, агха ҟамларц, хәыц-хәыц улаԥш ахугар, унапы иҵужьыр шакәу, уи аџьабаа шацу, аха, Вахтанг аиҩызара аҳаҭыр азы ихы иадиҵаз ауалԥшьа ҭакԥхықәрала анагӡара шилшаз.
«Хә-минуҭк уиҿцәажәар, уи имаз агәыбылра ду уара уахь ииасуан. Ибызшәа беиан, ицқьан иаԥсуара, иус, ихықәкы, зегь рыла ашьха ӡыхь еиԥш ицқьаз аԥсуа хаҵан Џьон Смыр.
Динхаҵарас иҟоу зегьы иреиҳауп Аԥсуара. Џьон Смыр уи ала деибаркын», – иҳәеит Џьон Смыр ихаҭара дазааҭгыло ауаажәларратә усзуҩы Октаи Чкотуа.
Аш́әҟәы аӡыргараҿы иқәгылаз, апрофессор, ажурналист Екатерина Бебиа-ԥҳа, Жәындәрыԥшьтәи абжьаратә школ арҵаҩы Џьума Габуниа, С.П.Дбар ихьӡ зху амузеи аусзуҩ Гугуца Џьыкыр-ԥҳа, акыршықәсқәа Џьон Смыр Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы аҟны аус ицызуаз Зураб Ахба уҳәа аӡәырҩы азааҭгылеит Џьон Смыр иеиԥш зажәеи зуси еимадаз, ҭакԥхықәрала зус иазнеиуаз, зыуаҩра ҿырԥшыгаз, ихымҩаԥгашьа ҷыдеи иажәа ҟәышқәеи ихшыҩи шҳагу. Уи иԥсы анҭаз иҵегь дзыԥсаз еилкааны изхьаԥшра, иеиҷаҳара шҳагхаз, ишаҳуалыз.
Ашәҟәы аӡыргара ахыркәшамҭаз Аԥсадгьыл ахь архынҳә́разы Аҳәынҭқарратә еилакы анапхгара, ашәҟәы аиқәыршәаҩ Вахтанг Аԥҳазоу, иара убас уахь имҩахыҵыз зегьы Смыраа рыхьӡала иҭабуп ҳәа реиҳәеит Анзор Смыр. Иазгәаҭатәуп, иара убас ашәҟәы аиқәыршәараан хаҭала В.Аԥҳазоу ицхраауаз Џьон Смыр иҷкәын Никәа Смыр иабдуи иаби рҭынха гәцаракрала дшазнеиуа.
Алиса Гәажә-ԥҳа