Уи азгәарҭо иалагеит зегь раԥхьаӡа Иапониа 1997 шықәсазы, убри аахыс иазгәарҭоит иахьанӡагьы 28 тәыла инарзынаԥшуа, Аԥсны акәзар ари амш азгәарҭоижьҭеи 16 шықәса ҵуеит.
Сынтәа Аҟәа ақалақь ашколқәа рҟны имҩаԥган ари амш иазкны еиуеиԥшым аурокқәа.
Изызҳауа ахәыҷқәа ирбзоуроуп аҿырԥшы бзиа ала аҳалалра закәу. Уи аусмҩаԥгатә аиҿкааразы еиҳарак иҿырԥшы хаҭоуп агәразратә фондқәа Аԥсны иаԥҵо, иааиԥмырҟьаӡакәа ахәыҷқәа ирыцхраауа, зҭагылазаашьа уадаҩу аҭаацәарақәа алкааны хылаԥшра рзызуа, згәабзиара уашәшәыроу асабицәа еилкааны афинанстә цхыраара ҟазҵо. Усеиԥш иҟоу ируакуп Мактина Џьынџьалԥҳа напхгара зылҭо афонд «Ашана», афонд «Кьараз», Кадыр Аргәын дызхагылоу, Сима Бебиа лнапхгарала еиҿкаау агәыҳалалратә фонд.
Ақьиара амш аҽны ҳаҭааит Е.Ешба ихьӡ зху Аҟәатәи 5-тәи абжьаратә школ. Араҟа Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Инар Гыцба 7-тәи аклассқәа рҵаҩцәа ирзымҩаԥигеит аурок, аинтерактивтә форма аҭаны. Ашкол адиректор Лиана Хәарцкиа, аиҿкааратә комитет аиҳабы Ииа Џьопуа, арҵаҩы Асида Дбар, рҵаҩцәа рҿаԥхьа иазааҭгылеит ари амш хықәкыс иамоу, адунеи зегьы аҟны иазгәарҭо «Ақьиара амш» аԥсуаа ҳзын еиҳангьы хшыҩзышьҭра шаҭатәу налкааны.
Аҵаҩцәа еиламырцҳаӡакәа ирҳәеит Аԥсны ацхыраара зҭаху ахәыҷқәеи, абыргцәеи рзын аус ду мҩаԥызго афондқәа рыхьӡқәа.
Аиҿцәажәаратә форма аҭаны иреилыркаан ақьиара аганахь иаҵанакуа, аицхыраара, арыцҳашьара, аӡәы игәаҟра, имамзаара азгәаҭан ианаамҭоу ивагылара, афинанстә цхыраара зҭаху изыҟаҵара уҳәа дара рыблала ишырбо.
Абарҭ ацәаҩақәа зегьы рхаҿы игылоуп хымԥада агәыблра, абзиабара, аԥсуара, ҳара насыԥ змоу жәларуп асеиԥш ихәыцуа аҿар ахьҳамоу. Абри аҩыза алкаа ҟаумҵар залшомызт, ари «Ақьиара аурок» уналатәар. Ақьиара ҟазҵо ауаҩы иззыҟаиҵо ишихәо аиԥшҵәҟьа, иара иҟазҵогьы ихәоит, уи угәалаҟазаара шьҭнахуеит, ухы угәы ақәыбзианы уҟанаҵоит.
«Ақьиара аурокқәа» мҩаԥган иара убас Аҟәатәи 1-тәи, 10-тәи абжьаратә школқәа рҟны. Б.Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи 1 абжьаратә школ аҿы ақьиара амш иазкыз аурок мҩаԥылгеит афонд «Ашана» аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа. Ноиабр 14 рзы ари амш иазкны Ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы аидгылеи, ақалақь ахадареи реиҿкаарала Надежда Курченко лыхьӡ зху апаркаҿы еиҭаҳан аҵиаақәа «Аллеиа добра», уи алыршан ашколхәыҷқәа рымчала. Ҳәара аҭахым, ари аҩыза аусмҩаԥгатә ҳаекологиа ахьчара, ахарҭәаара инаҷыдангьы, ҳхәыҷқәа аус бзиақәа рыҟаҵара ашҟа ихьанарԥшуеит.
Наира Сабекиа