Print this page

Виачеслав Ҷыҭанаа диижьҭеи 70 ш. ҵит

Абҵара 19, 2025 60

Апоет, апублицист Виачеслав Михаил-иҧа Ҷыҭанаа диит 1955 ш. ноиабр 19 рзы Очамчыра арион Ԥақәашь ақыҭан.

СССР-и (1989) Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәеи, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (1999) дрылан.
Аҟәатәи ашкол-интернат №1 далгеит (1974). 1978 ш. акәзар, иҵара хиркәшеит А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аҟны, аҧсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩы изаанаҭ ала. Аус иуан агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» акорреспондентс (1978-1980). Ажурнал «Аҧсны Аҟазара» аҟәша аредакторс, ашьҭахь аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩыс аус иуан (1980-2005). Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992-1993) арадио «Би-би-си» акорреспондентс дыҟан, Аҧсны жәлар фырхаҵарала ахақәиҭразы рықәҧара иазкыз арадиоматериалқәа азирхион.
Ажәеинраалақәа иҩуан ашкол данҭаз инаркны. Иҩымҭақәа рнылон ажурналқәа: «Амцабз», «Алашара», агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь», «Аԥсны» уҳәа егьырҭгьы. Ипоезиатә рҿиамҭақәа агәылоуп «Аҧсуа поезиа антологиа. ХХ ашә.». (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009). Иажәеинраалақәа рахьтә Д. Чачхалиа, В. Краско аурысшәахь еиҭаргаз анылеит алитературатә еизга «Ерцахә» (Аҟәа, 1981), насгьы аизга «Однажды в апреле» (Қарҭ, 1982).
Еиуеиԥшым ашықәсқәа раан Аҟәа иҭыҵит ишәҟәқәа: Исызгәакьоу аҿыҭбжьы. Ажәеинраалақәа (1981); Ажәҩан баҳча. Ажәеинраалақәа (1984); Амш мҩас. Ажәеинраалақәа (1987); Сызхьымӡаз ажәа. Ажәеинраалақәеи апародиақәеи (2005); Иалкаау (2017); аурысшәахь еиҭаганы Москва иҭыжьын: Золотая нить. Стихи (1987). (Библиотека журнала ЦК ВЛКСМ «Молодая гвардия», 1987, №9 (272).
Виачеслав Ҷыҭанаа 50 шықәсагьы нагӡаны ихымҵыцкәа иԥсҭазаара далҵит 2005 ш. февраль 25 рзы.

Ашәала иҭәу абаҳча шана 

Аҩыза изы ажәа

Иҟалап, уи игәаҵа иҭацеиуаз аԥсҭазаара амцашыра ирласцәаны даблызар. Џьара дартәомызт, даргыломызт. Зегьы дрыхьӡарц, ибарц, иаҳарц иҭахын. Еснагь ццакырак ицын, мчы маӡак даршаҟьон.
Виачеслав Ҷыҭанаа поетк иаҳасабла, уаҩышьала ихаҿсахьа даеа хаҿсахьак иалаҩашьом. Ҭахак изымҭоз иеилахарақәа зегьы наҟ иԥхьеиҳәҳәон, ихаиршҭуан иԥсы аиԥш бзиа иибоз ипоезиа адоуҳа ашҭа данҭалоз. Араҟа дыццакуамызт Виачеслав. Иажәақәа зегьы агәыр аҵа икылиршәарц иҭахын. Иагьиқәҿион. Ирхәыз ауарбажә еиԥш, рымҵәыжәҩақәа хьынааӡа урҭ акьыԥхь аҿы иуԥыломызт. Ҵабыргыҵәҟьаны, иажәеинраалақәа ркультуратә еиҿартәышьа ҳаракын, апоезиатә гьама аганахьала ҽԥныҳәак иҭашьа ыҟамызт. Сара дсыздыруам даҽа ԥсыуа поетк, ихатәқәа ракәымкәа, егьырҭ ицнагаҩцәа, иҩызцәа рҩымҭақәа ҿырҳәала изҳәоз, урысшәала аҿҿаҳәа ажәеинраалақәа ирыԥхьоз.
Виачеслав Ҷыҭанаа аҭаацәара ду далиааит. Иашьцәеи (ԥшьҩык) иаҳәшьцәеи (ҩыџьа) дызлареиҳабыз ала, иҭакԥхықәрагьы кырӡа идуун, иагьыхьанҭан. Аха акы ихы аҵаимырхеит. Иеидикылеит, драԥгылеит, рӷьажәҩара рзиуит. Асовет Еидгыла анхыбгала, акоммунисттә режим анеилаҳа, аҳәынҭқарра аџьыба ҳаҭцаны ишәҭаху ҟашәҵа ҳәа, амҩаду ҳананырҵа, иаҳҳәо-иаауа ҳақәымшәо адәышкәаӷьаз иқәхаз ҳрацәаҩуп. Аха Виачеслав ус шԥаихьуаз. Еиҿирцааз аусқәа рацәоуп.
Қәрала кырӡа дсеиҵбын, аха ҳаиҩызцәа гәакьақәан. Схаҭа аԥсра сақәгәыӷуан акәымзар, абас иаалырҟьаны акы ихьып ҳәа сгәы иаанагомызт. Ихы-иҿы, ибла гәыҭбаақәа, ицәажәашьа, итәашьа-игылашьа, иныҟәашәаҵәҟьа лахҿыхрала иҭәын. «Сара адунеихаан сыԥсӡом» иҳәоит раԥхьаӡатәи ишәҟәы «Исызгәакьоу аҿыҭбжьы» (ашә­ҟәҭыжьырҭа «Алашара», 1981 ш.) иагәылоу иажәеинраалақәа руак аҟны. Алитературахь ҿыц зшьапы еихызгаз апоет қәыԥш изакәытә гәыӷроузеи, изакәытә гәаҳәароузеи имоу:

Агәыӷра сымоуп – зегьы срыхьӡап уаҵә
аншо,
Иҳалалӡа амра шәахәа сԥыларц илашо.
Сдақәа ашьа цаҳәцаҳәуа ирҭашуп,
Сгәы уаҩ иимҳәац ашәақәа ирзыԥшуп.

«Игәакьоу аҿыҭбжьы» ала апоет ихы агәра игартә, ҳажәа сахьарк азҟазацәагьы игәра ргартә арҿиаратә мҩа ду данылеит. Аизгаҿы аԥхьаҩ имаҷымкәа иԥылоит ажәа лыԥшаах маҭәала еилаҳәоу ацәаҳәақәа. Иаҳҳәап: «Аҵла рымахәқәа нхьашьшьит, Рыжәҩахырқәа ҭԥазшәа. Сишь, ҷыт бжьык сназыԥшит, Апатҟәыр ааиҟәшәазшәа»;

Убас идыдит ажәҩан гәы ҩаҵжәаны,
Ианааимҟьа, ихәра ҭыԥны сназыԥшит.
Схәыцра ашьаҟа нсываҳаит илыҵҩрны,

Сцәа сааҭӡыӡеит, сгәы ԥшқа хәашьит уҳәа, ирацәоуп аизга аҟынтәи иааугаша ажәеинраала ҟаимаҭқәа.
Ҳәарада, Виачеслав Ҷыҭанаа ишәҟәы иану ажәеинраалақәа рӷьырак ҿыхаацәоушәа, зыбжьамҭа иҭагылоу амархәац аиԥш иӡыӡымкцәоушәа збоит, – аӡаӡеи ашәҭыцқәеи, ааԥни абӷьы иаҵәареи, аеҵәақәеи амзеи дыргәылахацәамашь ҳәа ахьугәахәша ҭыԥқәак уԥылоит. Аха апоет қәыԥш уи ҿԥныҳәас иҭара – гәнаҳароуп. Зырҿиара алагамҭаҿы, шамахамзар дарбану ус змыхьуа?
«Исызгәакьоу аҿыҭбжьы» анҭыҵ ашьҭахь фышықәса анҵы ауп аҩбатәи ишәҟәы – «Ажәҩан баҳча» (1987 ш.) акьыԥхь анаба. Уи иацу аннотациа хәыҷ иаҳәоит:
«…Аизга ҿыц иаԥхьо игәеимҭарц залшом автор поетк иаҳасаб ала иаҳа дышҭышәынтәалаз, ипоезиатә дунеи шыҭбаахаз… Исахьаркыратә ажәа иамоуп даҽакы иаламҩашьо ахатә бжьы, ахатә дунеи». Ииашангьы, «Исызгәакьоу аҿыҭбжьы» иаҵубаауаз маҷар ҿыхаарак шықәсыла еилашын, агьама убар, узыршоушоууа ҩыџьбараны иаақәгылеит. Ашәҟәы злаатуа «Аӡхьамԥш» инаркны автор аҵыхәтәантәи аҭыԥ зиҭо «Уахык зны сқәацә аҿы» аҟынӡа аизга иану ажәеинраалақәа рхәыцгоуп, гәырҩахҽыгоуп, ԥхьаҟа рԥшыгоуп.
Иџьоушьартә иҟоуп, аха Виачеслав Ҷыҭанаа аамҭаказ алакәқәа хҭеикцәеит, рыда ԥсыхәа имамкәа дҟалеит. Иара убригьы машәырны имыхьӡеит. Алакәқәеи амифологиатә ҳәамҭақәеи ргәамч ала иҽеибыҭаны, иҽазыҟаҵаны, ирҿиаратә гәахәара зегьы ҳауаажәлар иахьатәи рыԥсҭазаарахь ииаигарц иҭахын. Аха убарҭ алакәқәа рҿгьы иибоз адауцәеи ақаҷаацәеи ракәӡамызт. Абар, ажәеинраала «Сыдгьыл зыргәырӷьо алакә» дшалаго:

Зынӡа ҿыц ихшәаз аҵыс ԥшқақәа
ргәеисыбжь
Ихааӡа, иқәыԥсычҳауа амахә ԥсыс иахоуп.
Аԥсы иахылҵуа ашәа иазыӡырҩуашәа ахы
ақәыжь,
Игылоуп сбаҳча шана, ашәала агәы рԥхоуп.

«Аҵх еиԥш аҵаа ԥхыӡқәа ԥҽны», «Иақәымшәеит, иавҟьеит ахызаҵә ацәҟьара», «Абзиара ианиаша», «Шьыжь шәаԥшь ҽазнык саԥыларц», «Дгьыли-жәҩани рҳәаа» реиԥш иҟоу ажәеинраала гәҭархәыцгақәа урыгәҭыларкуеит апоет аҵыхәтәантәи иеизга – «Амш мҩас» аҟны. Виачеслав Ҷыҭанаа араҟа дааԥшуеит изызҳаз, зылаԥш ҳәаа ҭбаахаз лирик-философны. Ашәҟәы агәра унаргоит, еицырдыруа аурыс поетцәа дуқәа Тиутчев, Фет уҳәа иаҳа изыдгылоз аидеиа – «аҟазара аҟазаразы» амҩала ацара ихы шазкыдыз. Сгәанала, иара убри ауп изыхҟьазгьы арҿиаратә усураҿы иҽаанкылара, иааҭгылара, икәанызанра. «Аҟазара аҟазаразы» амҩа анылареи, ажәарацәареи, зцәақәа ҭчааӡа иҟоу ашәҟәқәа рҭыжьреи еимаҭәам.
Сара саӡәыкны, апоет ирҿиараҿы дзыхьӡаз, мҽхакыла имаҷшәа иҟазаргьы, акраҵанакуеит ҳәа исыԥхьаӡоит, илитературатә ҭынха сахӡыӡоит, ишыҟаҳцалац еиԥш акәымкәа, еидкылатәуп, иҭҵаатәуп, хаз шәҟәны иҭыжьтәуп. Усҟан уи, лакҩакрада, даҳзыхынҳәуеит уажәраанӡа иаҳзымдыруаз арҿиаратә хаҿсахьа иманы, иқәнаго ажәа изҳәара даԥсаны. Иажәеинраалак аҟны ихаҭа ишиҳәаз аиԥшҵәҟьа, дҳацәцеит иара мацәысҵас даҳҿаҷҷаны, ҳгәаҿы акраамҭа имӷьо ахәра ҳазныжьны, аха ашәала иҭәу абаҳча шана ибжьы ыҵыҩуа.

Рауль Лашәриа
(2005)

Агәалашәарақәа

«В. Ҷыҭанаа акьыԥхь аҿы дцәырҵит дпоет-лирикны… Раԥхьа иргыланы иҳәатәуп апоет инапы злеикыз, иԥсҭазаара хықәкыс иеиҭарц ииҭаху арҿиаратә ус ахьынӡауадаҩу шидыруа – уи заманала ирныԥшуеит зыхшыҩҵаки зцәанырреи акны еилаӡҩоу ицәаҳәақәа. В. Ҷыҭанаа иқәла зықәлоу аԥсуа поетцәа даарылукаартә дыҟоуп аԥсҭазаара иаҵоу ацәгьа-абзиа, хыхь-хыхьла акәымкәа, рдац-ԥашә аҟынӡа анеира иҽахьанишәо ала.
Ауаҩы иԥсадгьыл, иқыҭа, ихәышҭаарамца, дызхылҵыз, дзааӡаз иани иаби – абарҭқәа дшырзыҟоу, иԥсҭазаараҿы ҭыԥс иааныркыло сахьаркыратә ажәала ҳгәаҵанӡа инеигарц иҭахуп апоет иажәеинраалақәа «Саб илакәқәа», «Ԥақәашь». Кациҳабла», «Сани саби рахь», «Исҭахуп аҩныҟа» уҳәа убас егьырҭгьы рҟны.
В. Ҷыҭанаа иажәеинраалақәа ааибаркны, темас изызкылаалак дыргәылоуп ауаҩы. Урҭ ирзеиԥшу ридеиатә хырхарҭа хада ианыԥшуа иахьатәи ауаҩы иԥсҭазаареи ихәыцрақәеи роуп. Апоет ирҿиамҭақәа иаҳдырбоит аԥсҭазаара аҵаулара, уи хыхь-хыхьла ианыԥшуа, иахьеи уахеи ҳазхәаԥшуа асахьақәа ирыҵаҵәаху, иаармарианы збара алымшо амаӡақәа, афилософиатә ҵакы».
Таиф Аџьба

«Виачеслав Ҷыҭанаа – ԥсабарала, цәаҩала, ҩныҵҟала еибаха-еибафарала дпоетын. Иаармариашәа иҳәаз иажәа, ицәаҳәа иаҵан уи идунеихәаԥшра уазааигәазтәуаз доуҳамчк.
Ҿыцбарах убла иаахгылаша аметафорақәа, илыԥшааху ашәыгақәа лассы-лассы иуԥылоит уи иеизгақәа рҿы. Зны-зынла ԥшь-цәаҳәак, аа-цәаҳәак баҩхатәрыла ирҭеигӡон бзиабаратә гәалаҟазаарак, гәаҭеирак иарҵысыз ацәаныррақәа, насгьы ирхәмаршәа, маҷк астилизациа ззуны еиҿкаау адиалог ахархәашьа маншәала азыԥшааны.
Виачеслав Ҷыҭанаа илирика ианыԥшуеит иара еснагьтәи игәаҭеира, иҩныҵҟатәи иԥсихологиатә лакҩакрақәа, акырӡа асубиективра зҵоу иԥсабарадкылашьа. Ус еиԥш иҟоу ацәалашәарақәа идырҿиоит дара ирышьашәалоу, апоет игәалаҟазаара иақәҿызҭуа аритмқәа, џьара-џьара зхы иақәиҭу ашәагазагақәа… Џьара-џьара апоет ицәанырра-емоциатә дунеидкылашьеи ирҿиаратә интуициеи русеицура, реигәныҩра иалҵшәаны ииуеит зеӷьаҭам алирикатә етиудқәа».
Владимир Занҭариа

«Машәыршақә акәхарым Виачеслав Ҷыҭанаа иажәеинраалақәа жәпакы ижәлари, Аԥсни, аԥсабара ԥшӡеи иахьрызку. Уи иныруеит ауаҩи аԥсабареи реимадара шаҟа аҵанакуа. Арҿиаҩы изы акраҵанакуеит аԥсадгьыли, ақыҭеи, аџьынџьи, ахәышҭаареи, урҭ рыԥшәмацәеи анхеибарҭәаауа, еиҟәгашьа анрымам. Лымкаала дазхьаԥшуеит аԥсҭазаараҿы ауаҩы ҭыԥс иааникыло, ибзоуроугьы шырацәоу.
Виачеслав ибзианы идыруан адунеитә литература, еиҳаркгьы – апоезиа. Ҳәарада, алитературатә гьама иман.
Апоет раԥхьатәи ишәҟәы анҭыҵ нахыс аԥхьаҩцәа деицгәарҭеит. Иажәеинраалақәа рҟны ицәыригоз, иааирԥшуаз инарҵауланы азнеира иҽазишәон. Ииҳәарц ииҭахыз еилацаланы аҿахәы аирҳәартә азнеишьа дақәшәон. Ицәаҳәақәа хаарак, ԥхарак рыҵоуп, ргәыблра удыркуеит, урыдрыԥхьалоит. Иажәеинраалақәа рбызшәа ласуп, ираӡоуп, еихышәшәоит, аха убри аамҭазы иҵаулоу ахшыҩҵакқәа аадырԥшуеит».
Вахтанг Аԥҳазоу

«Сара аа-класск рҿы стәан Виачеслав Ҷыҭанааи сареи Аԥсны аҿар рсеминар аҟны ҳанеибадыр. Уи К. Ф. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи аԥсуа интернат далгахьан. Виачеслав иажәеинраалақәа зегьы ҿырҳәала идыруан, ибзиангьы дрыԥхьон. Уи аҽны, ашәҟәыҩҩцәа, ҳҩыџьегь ҳажәеинраалақәа даара иргәаԥхеит.
Иҟоуп иареи сареи ҳаиҩызараҿы ахаан исхамышҭуа ахҭысқәа рацәаны.
Виачеслав аҩыза изы иԥсы ҭихуан, иахьынӡаилшоз дивагылан. Уи алитератураҿы даара агьама бзиа змаз поетын, ирацәаӡаны аҩымҭақәа ҿырҳәала идыруан.
Ҳаԥсуа поезиа дацәыӡит ҳаԥхьаҩцәа бзиақәа зыргәырӷьашаз, иҵаулан ихәыцуаз, ажәа агьама зныруаз, злафи зҟазшьа бзиеи рыла угәырҩақәа ухазыршҭуаз, ахааназ зҭыԥ ҽаӡәы иҭыԥ иаламҩашьо ҳҩыза бзиа, ҳашьа бзиа – Виачеслав Ҷыҭанаа».
Анатоли Лагәлаа