Аха излеилкаахаз ала, дара иныҵыҩ-ааҵыҩны ираҳахьаз ада конкретла аинформациа ҳәа акгьы рымамызт. Аҭыԥантәи ауааԥсыра ианрацәажәа ашьҭахь, иазырӡбеит аамҭа алхны, иҵегьы Зана лҭоурых ҭҵааны аҭыхрақәа мҩаԥыргарц. Аҭыхратә гәыԥ Ҭхьына ианаҭаа, сқыҭа аҟынтәи аҭел исзасит «зны Зана илызкны ибмыҩхьази, лҭоурых аиҭаҳәара былшоума» ҳәа. Убасҟан архив аҟны сашьҭаланы исыԥшааит 23 шықәса раԥхьа Зана илызкны изыҩхьаз астатиа. Уажәы ҩаԥхьа уи аԥхьаҩцәа ишәыдаагалоит.
Саныхәыҷыз санду зныкымкәа-ҩынтәымкәа исзеиҭалҳәахьан Зана илызкыз ажәабжьқәа. «Уи дыбнауаҩын» –ҳәа лажәа дналагон. Саргьы лакәк сзеиҭалҳәоз џьшьа слымҳақәа кыдҵаны сылзыӡырҩуан. Аха саныҩеидас, санду исзеиҭалҳәоз шлакәмыз, ишҵабыргыз еиҳа агәра зго салагеит.
Дызусҭадаз Зана? Абри аҩыза азҵаара аԥхьаҩ изцәырымҵырц залшом. Зана дазусҭаз аилкаара акырынтә рҽазыршәахьан Аԥснытәи ҳҵарауаа, шьоукы ишьақәдырӷәӷәон уи раԥ ԥҳәысын ҳәа, даҽа шьоукы –дыбнауаҩын ҳәа. Иара убас Зана дызусҭаҵәҟьаз лҭоурых аҭҵааразы Аԥсныҟа иаахьан аӡәымкәа-ҩыџьамкәа еицырдыруа аҵарауаа. Раԥхьаӡа акәны 1962 шықәсазы Зана лҭорых аҭҵааразы, Ҭхьына ақыҭан дааны дыҟан апрофессор азоолог Алеқсандр Машковцев. Ашьҭахь уи иусура иациҵеит апрофессор Борис Поршнев. Арҭ аҩыџьегьы рыԥсҭазаара ианалҵ, русура аҵыхәтәанӡа анагӡаразы 1971 шықәсазы Аԥсныҟа дааит апрофессор, антрополог Игор Бурцев. Ари зыӡбахә ҳҳәаз аҵарауаҩ уажәааигәа ҩаԥхьа Ҭхьына ақыҭан дыҟан. Уи Олег Алиев напхгара зиҭоз ателеканал ОРТ аҟынтәи аҭыхратә гәыԥ дацын. Урҭ иҭырхуан Зана илызкыз адокументтә фильм. Аҭыхратә гәыԥ Ҭхьына иҟанаҵ сара алшара соуит апрофессор Игор Бурцев иҿцәажәаразы. Уи исзеиҭеиҳәеит апрофессорцәа Алеқсандр Машковцеви Борис Поршневи русура атәы, иара убас иара иусура атәгьы.
Зана Ҭхьына ақыҭан Абаажә ахәы аҳаблан инхоз аамсҭа Едгьы Генаба иҩнаҭаҟны дыҟан. Агәыла-азла дызбахьаз зегьы абнауаҩы ҳәа илышьҭан. Зана данырбаз иарбан шықәсоу, мамзаргьы дахьырбаз иахьауажәраанӡагьы инҭкааны ишьақәыргылам. Изларҳәо ала, уи дырбеит ашьхара бна Заадан, убри аҟнытә лыхьӡгьы Заадан иахаршалоуп. Зана Заадан ашьхақәа рҿы абна дахьылаз зылаԥш дыҵашәахьаз ауаа лыкра иашьҭан, аха уи ус имариамызт. Акыр аџьа баны ирыулакгьы данырк, лҿаҳәара уадаҩхеит: уаҩытәыҩса дизынкыломызт, дықәԥон, дыцҳауан, амчазгьы дкәадамызт. Ианылмыхәаӡа лхы дамыхәо дрыпҟеит, дмыцҳаларц азы аҿаԥа лҿарҵеит, дыршьаҳаит.
Иҟаларын Зана дзымԥыхьашәаз ауаа акырынтә дырҭихьазҭгьы, Заадантәи ашьхақәа рҟны инхоз аҭауад М. Ачба иҟны днанагаанӡа. Зана аҭауад иҟны днанагаанӡа ллымҳақәа кылыжәжәан аҳаиуан алымҳақәа анкылрыжәжәо еиԥш, лӡамҩа адамыӷа анын. Аҭауад иҿы хԥаҟа шықәса дыҟан, аха гыгшәыгҵас лхы ахьымҩаԥылгоз азы дҭакны диман. Нас М. Ачба иҟынтә Х. Ҷолокәуа иахь днанагеит. Ԥыҭрак ашьҭахь Зана ҳамҭас дирҭеит ари аҭауад иахь ласы-лассы сасра инеилоз аамсҭа Едгьы Генаба. Уи Зана дҿаҳәаны иқыҭахь – Ҭхьынаҟа дааигеит. Убри инаркны Зана лҭоурых еиҳа инарҵауланы иҭҵаауп.
Зана лыԥсҭазаара далҵит XIX ашәышқәса 80-90-тәи ашықәсақәа рзы. Алеқсандр Машковцеви Борис Поршневи иаҳхысыз ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа рзы Ҭхьына ақыҭан ианыҟаз ирыниеит Зана дызбахьаз, хаҭала дыздыруаз абыргцәа Ламшьаҵә Сабекиа(105шықәса зхыҵуаз), уи иаҳәшьа Дыгәа Сабекиа (85 шықәса зхыҵуаз), Нестор Сабекиа (120 шықәса зхыҵуаз), Кәакәана Кәыркәнаа (120 шықәса зхыҵуаз), Алықьса Ҵәыџьба (130 шықәса зхыҵуаз). Абарҭ абыргцәа ргәалашәарақәа рыла иалыршахеит Зана лҭоурых инарҵауланы аилкаара.
Аамсҭа Едгьы Генаба Зана Ҭхьынаҟа данааига дҭаимкыр ада ԥсыхәа ҟамлеит, избанзар, гыгшәыгҵас лхы мҩаԥылгон. Лхәы акәзар, ахышә хәыҷы аҟынтәи илырҭон, лааигәара аӡәгьы дналышьҭӡомызт, ахыц иҭаку агыгшәыг еиԥш, дҭагьежьуа дҭан. Уахынла дылаиап, ма илықәылҵап ҳәа илырҭоз ацәарҭа кыкәны икалыжьуан, дахьҭакыз напыла анышә жны дҭаианы дыцәон. Нас, хәыҷы-хәыҷла лыҽлырҭынчуа далагеит. Аха уеизгьы хԥаҟа шықәса лааигәара уаҩытәыҩса дналышьҭӡомызт. Ус хәыҷы-хәыҷла ауаа дрышьцыло, дахьҭакыз аҟынтә аҩны аҿаԥарахь диаргеит. Ԥыҭраамҭак уаҟагьы дҿаҳәаны дрыман, нас доурышьҭуа иалагеит. Лара аҩны даԥырҵны хара дцаӡомызт, афатә ахьлоуаз дадԥшылон.
Зана ӡынгьы-ԥхынгьы адәахьы дыҟан, мамзаргьы ишшны аҩны иаҿакыз аҿаԥара дыҩнан. Аԥхарра бзиа илбаӡомызт. Зана аҿаԥараҿ дшыцәоз интересс измаз ақыҭауаа кылԥшны илыхәаԥшуан, лабала илкьысны даадырԥшуан, лара дгәааны алабақәа рымлыжәжәон, ахәыҷқәеи аҩнытәи аԥстәқәеи хаҳәи-мҿыхәи иалыргон.
Зана лыԥшра-лсахьа акәзар, лцәа еиқәаҵәан, лнапсыргәыҵеи лшьапсыргәыҵеи рыда лхы инаркны лшьапаҟынӡа дқамсаӡа ахәы лықәын. Изларҳәо ала ахәы лҿан. Лыхцәы акәзар, иџыԥхьӡа, еиқәаҵәаӡа лӡара аҟынӡа инаӡо илықәԥсан. Лоура-лыҭбара акырӡа идуун, лхы-лҿы ауаҩы дацәшәартә иаазҟьаҟьаны, лыцлымҳәақәа аалгәыгәны хаара-бзарак рыҵамкәа иҟан. Лҿырҟьара акырӡа идуун, лхаԥыцқәа ҟьаҟьан, лыблақәа агыгшәыг аблақәа реиԥш амца рхыҳәҳәылон.
Зны-зынла дызхыччоз уаҩытәыҩса изымдыруа, даалҟьаны аччара далагон, аха абжьааԥны дԥышәарччо, мамзаргьы дҵәыуо аӡәгьы димбацызт. Ацәажәара акәзар, ажәакгьы лызҳәаӡомызт. Акыр шықәса аԥсуаа ирыланхоз абнауаҩы ԥсыуа жәакгьы лзымҵеит. Ус ауаҩытәыҩса изеилымкаауаз быжьқәак лхылҵуан, лгәы ԥжәаны даныҟаз арҵәаа ҳәа дыҳәҳәон. Ллымҳақәа даара иҵарын, лыхьӡ ануҳәалак ахьышәҭҳәа дхьаҳәуан, аԥшәма Едгьы Генаба напыла илирбоз акык-ҩбак налыгӡон, ибжьы дацәшәон.
Ашықәс рацәа нызҵыз Зана, дызбахьаз изларҳәо ала дажәӡомызт, лҽылыԥсахӡомызт, лыхцәы шлацк аларшәымызт, лхаԥыцқәа зегьы еивҵрыԥхаа иҵагылан, лымч шлылац илылан. Лызнапык ала 50 кьыла аџьықәреи зҭаз ааҵәа шьҭылхуан, ажь афара анылҭахыз аӡахәа ашьапы кны днаханы аҵла илбааҳәаны инкалыжьуан, амшә еиԥш дықрамҽо ашәыр дашьҭаланы аҵла ақәцә дхалон. Зана лшьамхы даара иҵарын, аҽқәа драԥхныҩлон. Ҭхьына ақыҭа иалсуа аӡиас Мықә хыш-хыҵәаны ицозаргьы, ӡынгьы-ԥхынгьы дҭаланы дыруан, иахьагьы лыхьӡ зху аӡыхь аҟны асы шьҭазаргьы лҽылкәабон. Акамбашьқәа аԥхын ашоуразы рыҽдырхьшәашәарц акәарақәа иахьырҭатәоз ларгьы дрыцҭалон, бзиа илбон уахынла аныҟәара, ахаҳәқәа рылахәмарра, еинҟьаны рыԥҽра.
Зана амаҭәа ашәҵара лҭахӡамызт, лҽеилыхны аныҟәара бзиа илбон, дыкны илшәырҵоз аҵыкқәа ԥыжәжәаны икалыжьуан, амала лыгәчама инакәыршаны дхызҩашаз акы аныҟәгара лдырҵеит. Ус дышнеи-шнеиуаз аҩныҟагьы дыҩнало далагеит, аха аԥшәмацәа дыздырԥхьалоз аишәа ашҟа днеиӡомызт, иаразнак ддәылҵны дцон.
Афатә еилылхӡомызт, илырҭалакгьы лфон. Зегьы иреиӷьылшьон акәац еимыжәжәаны, аԥсыцәгьара аарԥшны афара. Зны-зынла аҩыжәра бзиа илбон, ианылжәлак лгәалаҟазаара бзиахон, нас ижны илымаз лыжра дынҭаианы, мамзаргьы ахәышҭаараҿы ахәа дылаианы дыцәон.
Зана ауаа ирҿылҵааз зынӡаск имаҷӡан, ус баша дрылашьцылеит аҟароуп. Уи зыҟны дыҟаз аԥшәмацәа рҽазыршәон ауаҩы иҟазшьа-ицәаҩа ларшьцылара, аха рџьабаа зегьы лҵшәадахеит, дшыбнауаҩыз даанхеит.
Зана – абнауаҩы ауаҩытәыҩса ицәаҩа ашьҭыхра лылмшеит, аха уи лҭоурых аҿы иҟоуп иџьоушьаша акы – Зана данхеит, илыхшеит ахшара.
Апрофессор Б. Поршнев ианҵамҭақәа изларҳәо ала, Зана илыхшеит ԥшьҩык ахшара. Ишырҳәо ала, ахшара шаалоулак аӡыхь аҟны инаганы илкәабон. Унацәкьыс нӡааукылар ихнаҵәоума уҳәартә ихьшәашәаз аӡы ахәыҷқәа ирзычҳаӡомызт, иԥсуан. Ашьҭахь агәыла-азла лышьклаԥшны аӡҟы дылкәабарц дшылгоз дыкны длымырхит, драаӡеит. Ихьӡырҵеит Хәиҭ.
Хәиҭ иан леиԥш иаргьы иоура-иҭбаара уамак ала идуун, ицәа еиқәаҵәан. Гәылаки иареи рыгәқәа еизынхан, реидыслара иахҟьаны иарӷьа напы хҵәан, аха иусураҿы иԥырхагамызт, изнапык ала аҵла дықәланы ажь иҭаауан. Хәиҭ абжьы бзиа ихан, ашәаҳәара бзиа ибон. Иара дҭаацәаран. Иқәрахь днеиуа даналага иқыҭа Ҭхьына ааныжьны нхара ҳәа Тҟәарчалҟа диасит, иара уаҟа иԥсҭазаара далҵит 1954 шықәсазы, 70 шықәса дшырҭагылаз. Анышә дамардеит Ҭхьына ақыҭан, иан дахьжыз Гьенабаа рнышәынҭрақәа рҿы.
1971 шықәсазы Б.Поршнев иусура иациҵеит апрофессор антрополог Игор Бурцев. Зана лҭоурых аҭҵаара згәы иҵхоз апрофессор Аԥсны дахьааиз еицырдыруаз аҵарауаҩ, археолог Иури Николаи-иԥа Воронови иареи еибадырит. И. Воронов 60 –тәи ашықәсқәа раан Б. Поршнев Зана анышә дахьамадоу аҭыԥ аилкааразы имҩаԥигоз аԥшаарақәа дрылахәын. Ашьҭахь И. Воронов ибзоурала И. Бурцев дидыруеит усҟантәи аԥшаарақәа ирылахәыз аҭоурыхҭҵааҩы, абызшәадырҩы Владимир Сергеи-иԥа Ориолкин. Абарҭ ауаа ирҭаз ацхыраарала И. Бурцев Генабаа рнышәынҭрақәа рҿы Зана лыԥсыжырҭа аԥшаара деиҭалагоит. Уи аҟны ақыҭауаа даараӡа ицхыраауан. Абыргцәа идырбон Зана анышә дамадоуп ҳәа ргәы иахьаанагоз аҭыԥқәа– ажәытә ԥсыжырҭақәа. Урҭ изларҳәоз ала, Зана дахьнаҭмыз азы егьырҭ анышәынҭрақәа инарцәхыкны джызар акәын.
Б. Поршнев аԥшаара ахьымҩаԥигахьаз аҭыԥқәа ааныжьны, И. Бурцев Зана лнышәынҭра аԥшаара далагеит лыҷкәын Хәиҭ дахьжыз акәша-мыкәша. Хәиҭ дахьжыз метрак аҟара набжьаны ирыԥшааит жәытә ԥсыжырҭак. Уи ҩметрак инеиҳаны аура аман. Иаадырԥшыз аԥсыжырҭа аханы ирбеит асаркьа, ашьапаҿы анышә иамфацкәа еиқәханы иҟаз агалошқәа, урҭ рыҵаҿы ирнын «Товарищество «Проводник», 1888г».
Ирбаз агалошқәа даара идуун аԥҳәыс лшьапы азыҳәан. Иаарԥшыз анышәынҭра, абыргцәа изларҳәаз ала, Зана илтәызар акәын. Аха уи ҿаԥызҽуаз ыҟан, иаҳҳәап, анышәынҭра аханы ирбаз асаркьа аҭыԥан Зана акрызлалфоз аџьам ыҟазар акәын. Аиашазы, ашьҭахь излеилкаахаз ала ирбаз аҭыԥ аҟны анышә иамадаз Зана лакәӡамызт. Ирбаз ахыбаҩ ала аҵарауаа ишьақәдыргылеит аԥҳәыс лыԥсы анҭаз лхаԥыцқәа рыбжеиҳарак шкаԥсахьаз, Зана лакәзар, лхаԥыцқәа зегьы еибган.
Игор Бурцев Генабаа рнышәынҭрақәа рҿы уаҳа аԥшаарақәа рымҩаԥгара азин иимҭеит усҟан зыԥсы ҭаз Кьынта Генаба. Уи иҭахымхеит иабацәа рнышәынҭрақәа рыртытра, убри иахҟьаны аԥшаарақәа анаанкылаха И. Бурцев дрышьҭаланы иԥшааит Зана лхылҵшьҭра еиуаз. Иара убас Зана лҭоурых ахарҭәааразы дрыҿцәажәеит хаҭала дыздыруаз абыргцәа, иаҳҳәап Нестор зыхьӡыз ақыҭантәи абырг, 130 шықәса зхыҵуаз. Уи иажәақәа рыла, XX ашәышықәсақәа 30-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсны ауааԥсыра ашәҟәы ианҭаргалоз Зана лыҷкәын Хәиҭ Сабекиа ҳәа дҭаргалеит.
1975 шықәсазы ҩаԥхьа Аԥсныҟа дааит И. Бурцев, гәыԥҩык ауаа ицны. Урҭ аҳәынҭқарра аҟынтә азин ганы Генабаа рнышәынҭрақәа рҿы аԥшаарақәа ирыцырҵеит.
И.Бурцев напхгара зиҭоз агәыԥ имтәа-имгыла ирыԥшаауан Зана лыԥсыжырҭа. Ирыԥшааит ижәытәӡатәиқәаз даҽа 7 ԥсыжырҭак. Урҭ рахьынтә акы аинтерес укыртә иҟан. Уи ахьырбаз Хәиҭ анышә дахьамадаз аҟнытә 4 метрак ракәын иабжьаз, анышәынҭра уи аҟара иҵаулаӡамызт. Изларҳәо ала, Занагьы иҵауланы дрымжӡеит, анышә анԥырҟа аӡы ҩеиуа иахьалагаз азы. Ирыԥшааз ари анышәынҭра ахаҿы асаркьа рбеит. Аха зегьы реиҳа иџьашьатәхаз ирбаз абаҩқәа ракәын. Излашьақәыргылахаз ала уаҟа ижыз аԥҳәыс лывара дықәырианы, лшьапқәа лгәы иҵаԥсаны джын. Издыруада, убри азы акәзар абыргцәа Зана ауаа шыржуа еиԥш, дрымжӡеит зырҳәозгьы!?
Аԥшааҩцәа излашьақәдыргылаз ала, ара анышә иамадаз аҭоубыҭ дҭаӡамызт, ашьаршьаф дылаҳәаны ауп дшыржыз. Ирбаз абаҩқәа ауаҩытәыҩса ибаҩқәа излареиԥшқәамыз ыҟан, еиҳараӡакгьы ахыбаҩ. Абаҩқәа рыцқьаны, еиқәыршәаны Москваҟа иргеит. Уаҟа алаборраториаҿы иахьнаргаз Галина Виачеслав-иԥҳа Лебединскаиа ахыбаҩ араԥ ԥҳәыс илтәуп ҳәа шьақәлыргылеит.
Зана драԥ ԥҳәысын ҳәа акырынтә ирҳәахьан Аԥснытәи аетногрофцәа, аҭоурыхҭҵааҩцәа. Еиҳараӡакгьы еицырдыруа аҵарауаҩ Ш.Д.Инал-иԥа Зана драԥ ԥҳәысын ҳәа шьақәирӷәӷәон. И. Бурцев ари азҵаара ус иаанимыжьӡеит, иҭиҵааит. 1971 шықәсазы раԥхьаӡа Аԥсныҟа данааз уи азҵаара шьҭихит. Ҭхьынаа ибзианы ирдыруан араԥ иԥшра, исахьа. Изларҳәо ала, Пиотр I ихаан Петербургынтә Аԥсныҟа иааган араԥцәа, уаҟатәи аҳауа рзымычҳакәа. Ара иахьааргаз аԥсуа ҭауадцәа хәуцәас ирырҭеит. И. Бурцев урҭ араԥцәа рхылҵшьҭрақәа дрышьҭаланы иԥшааит. Аха Зана илхааныз абыргцәа еицҿакны ирҳәон уи дышраԥ ԥҳәысмыз, дшыбнауаҩыз. Ус анакәха, Генабаа рнышәынҭрақәа рҿы араԥ ԥҳәыс джызар ҟалон. Зана лԥа Хәиҭ ихыбаҩи ирыԥшааз ахыбаҩи злеиԥшу ҳәа акгьы рымам ҳәа ишьақәыргылоуп. Абасала, Зана – абнауаҩы лнышәынҭра макьана иԥшаам.
И. Бурцев иажәақәа рыла, Зана анышә дахьамадоу аԥшаара аус иацҵахоит, «уи уажәшьҭа сара исылымшаргьы сус назыгӡаша ҟалоит», – иҳәеит апрофессор.
Шарида Торчуа