Print this page

Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә комедиатә театр аҧҵоижьҭеи 70 шықәса ҵит

Абҵара 13, 2025 15

Шәарах Ҧачалиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә комедиатә театр аҧҵоижьҭеи 70 шықәса ҵит. Арҿиаратә коллектив аиубилеи рыдиныҳәалеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба.

▫️ Адныҳәаларатә шәҟәаҿы иаҳәоит:

▫️ «Ҳаҭыр зқәу Шә. А. Ҧачалиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә комедиатә театр аколлектив!

▫️ Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит шәтеатр аҧҵоижьҭеи 70 шықәса аҵра!

▫️ 1955 шықәса рзы иаартыз Тҟәарчалтәи жәлар ртеатр иалнаршаз рацәоуп аҧсуа милаҭтә культура аӡыргаразы. Аусра анхацыркыз инаркны иаразнак хадара злоу культуратә хәышҭаараны иҟалеит ашахтиортә қалақь иаланхоз ауааҧсыра рзы.

▫️ Атеатр ахәаҧшцәа ирыднагалон ҟазарала иқәыргылаз аҧсуа драматургцәеи, Урыстәылеи, егьырҭ атәылақәеи рыклассикцәа рҩымҭақәа ирылхыз аспектакльқәа.

▫️ Еиуеиҧшым аамҭақәа рзы Тҟәарчалтәи атеатр аҿы аус руан еицырдыруа Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр актиорцәа.

▫️ Лымкаала ахшыҩзышьҭра аҭатәуп Аҧсныжәлар рџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахьтәи ари акультура ахәышҭаара аусура. Атеатр аиҭашьақәыргылара аблокада ӷәӷәа зхызгаз Ақалақь-Фырхаҵа Тҟәарчал аиҭаира асимвол хадақәа ируакхеит. СССР Жәлар рартист Шәарах Ҧачалиа напхгара зиҭоз акомедиа театр гәышьҭыхганы иҟалеит имариамыз аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы.

▫️ Аҧсны Раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба иусҧҟала Тҟәарчалтәи атеатр иахҵан аҳәынҭқарратә статус.

▫️ Аҽхәаҧхьыӡ иаҧсоуп атеатр ҳаамҭазтәи аусураҿы иалнахыз аҟазшьа ҷыда- аҧсуа қыҭақәа рҭаара. Хымҧада атеатртә ҟазара ауааҧсыра, аиҳаракгьы аҿар радыҧхьаларазы ари ус дууп.

▫️ Акыр иаҧсоу Тҟәарчалтәи атеатр иахьатәи актиарцәа, еиуеиҧшым ааҭақәа рзы араҟа аус зуаз!
Ишәзеиӷьысшьоит агәабзиара, аманшәалара, шәнапы злакыу арҿиара аус аҿы аихьӡара дуқәа!

▫️ Ахәаҧшҩцәа рыбзиабара еснагь ишәыцзааит. Ҽааныбзиала шәнеиааит!»