1941 шықәса декабр мза инаркны ахы акит уи иеибашьратә мҩа. Аминаршәга иазкыз акоманда деиҳабын. Далахәын Ростов-Дон ахықәаҿтәи ажәылареи, Кавказ ахақәиҭтәраз ажәылареи, иара убас Нальчик, Прохладное уҳәа рхақәиҭтәра.
1944 шықәсазы асержант еиҳабы Уарлам Габлиа инапаҵаҟа иҟаз архәҭа алахәын Керч ахақәиҭтәра, иара убра иҽаԥсеитәит раԥхьатәи иеибашьратә ҳамҭа «Агәымшәараз» амедал.
1944 шықәса маи 7 рзы анемпец Балаклава данажәлаз, иҩызцәеи иареи иаадырԥшит аҿагылара ӷәӷәа, иҭархан 7-ҩык аӷа ир.
Аибашьра адәаҿы Уарлам Габлиа зегь реиҳа иҽаликааит 1945 шықәса март 19-24 рзтәи Венгриа ақалақь Естерг аҟны, ԥшьаха-ԥшьымш аӷа иҿагылараан афырхаҵарагьы аадырԥшит. Ирхәҭа ирыбзоураны иҭархан 18 танк. 147-ҩык анемец ирхәҭа аҟнытә, афицерцәа. Убарҭ рахьтә́ 9-ҩык хаҭала иҭаирхеит Уарлам Габлиа, иара ихаҭа абри аҽны ахәра шимазгьы, аибашьра адәы аанимыжьит, архәҭа аҿаԥхьа иқәгылаз адҵа нарыгӡаанӡа.
Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы зчаԥаз Уарлам Габлиа иуалԥшьа нагӡаны дхынҳ́әит иԥсадгьыл ахь. Иахьа иара ихьӡ ахуп Очамчыра амҩадуқәа руак. Дахьынхоз иқалақь гәакьаҿы иқәыргылоуп Афырхаҵа ибаҟа. Ихьӡ ҿырԥшыгоуп еиҵагыло абиԥара рзы.
Наира Сабекиа