Аԥсны алахьынҵа аӡбара рнапы ианушәа зхы мҩаԥызго шьоукы реиԥш акәымкәан, даара дшеилахазгьы, агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» сзааӡаз ауп, даара ҳаҭырла сазыҟоуп, мап сызшәыцәкуам. Усқәак сымоуп, рҭыԥ ишаақәысҵалак аҭел сышәзасуеит», – иҳәан, ҳажәа ҩбамтәкәан, даҳмыргәамҵыц дахьыҟало аҭыԥахь ҳнеирц шиабжьаагазгьы, аредакциахь даҳзымҩахыҵит.
Ҳәарада, ауаҩ хатәра иаамысҭашәара, ихымҩаԥгашьа мацарагьы иуанаҳәоит.
Кьасоу Ҳагба зҟазара аҩаӡара ҳараку актиор дууп, уи иактиортә ҟазара инаваргыланы ирацәоуп еиҿибаауа аусқәа, ганрацәала иҭбаауп уи идунеихәаԥшра. Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы еидибалахьан еиуеиԥшым аиҳабыратә маҵуратә ҭыԥқәа. Еиҳа ианыуадаҩыз аамҭазы, Аԥсны Аџьынџьтәлатә еибашьра ашьҭахь, 1995 ш. инаркны 1999 ш. азынӡа Аԥсны акультура аминистрс аус иуан. Аамҭақәак рзы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада иабжьгаҩыс дыҟан, Аԥсны Жәлар Реизара адепутатс далырххьан. Аха, зегь раԥхьа инаргыланы, Кьасоу Ҳагба дыруаӡәкуп зыԥсадгьыли зыжәлари згәыӷырҭоу, уи чарҳәара азызуа, згәаанагара аартны ирҿагыло, иҿаԥызҽуа.
«Зқьынтә иҟауҵахьоу усзаргьы, акырынтә́ асценаҿы инаугӡахьоу хаҿсахьазаргьы, уажәада иҟаумҵацшәа, раԥхьаӡа акәны инаугӡошәа уазнеиуазароуп. Иарбан усзаалак ишьцыларахар, усҟан уи ҭацәхоит, ихаҭәаахаӡом.
Шәымҭацыԥхьаӡа, ҿыц иаауртуа, ҿыц узызнеиуа, аҟазара аума, даҽакы иадҳәалоума, аԥсы ҭаны иаанхоит, еиқәхоит. Агәы-аԥсы аҵаны иҟауҵо, инаугӡо, ахааназ иԥсӡом, аԥсы ҭазаауеит», – иҳәеит Аԥсны жәлар рартист, еиуеиԥшым аиҳабыратә маҵзурақәа рҟны аусура анидыргалазгьы, актиортә ҟазара шәымҭак ишнимыжьыз, ишеидибалоз азгәаҭо.
Уи ус шакәу шьақәнарӷәӷәоит, анаҩстәи игәалашәара:
– Киев ақалақь аҟны сыҟан усқәак реиҿкааразы. Уи аамҭазы П.Кальдерон иҩымҭа иалхыз аспектакль «Аԥсҭазаара ԥхыӡуп» ықәиргылон, Аԥсны жәлар рартист, аԥышәа змоу арежиссиор Валери Ақаҩба. Сара ароль хада сыхәмарӡомызт, амала агәыԥ срылахәын. Аспектакль аҟны ахәмарразы иусқәа ныжьны сааит…
Раԥхьатәи ироль, аԥсуа сценаҿы инеигӡоз ахаҿсахьа игәаларшәо, усҟан имаз, асценахь ицәырҵра иацыз агәыхыҭ-хыҭра, уиижьҭеи 50 шықәса инарзынаԥшуа ишцахьоугьы, ишизынхаз азгәаҭо, зҟазара аҩаӡара ҳараку актиор дазааҭгылеит, аепизодқәа рҟны дшыхәмархьаз, аха раԥхьа асценахь дызлацәырҵыз, Қарҭтәи атеатртә институт даналга ашьҭахь иқәдыргылаз адипломтә усумҭа «Аԥеиҳабы» шакәу. А.Вампилов иҩымҭа иалхыз ари аспектакль аҟны, Кь.Ҳагба инаигӡон аԥеиҳабы ироль, Ҭемраз Чамагәуа – аԥеиҵбы.
Ҳаиҿцәажәараан уи ҷыдала, иазгәеиҭеит, аԥсҭазаараҿы ицәтәымыз, иашьашәаламыз аҟазшьақәа раарԥшра лассы-лассы ишиқәшәоз, аха ишиқәҿиоз.
«Ихадоу ахаҿсахьа анагӡара сқәашьхеит ашәҟәыҩҩы, адраматург Анзор Мықәба иҭоурыхтә пиеса, арежиссиор Дмитри Кәартаа иқәиргылаз «Ашәқәа зегь анаарту» захьӡыз аспектакль аҟны. Уаҟа сара инасыгӡон, аԥсуа жәлар рышьҭамҭа, рдаракәац ақәхра зҭахыз, аԥсуаа гәаӷла, цәымӷрала ирзыҟаз аурыс еинрал ироль.
Аиашазы, аԥсҭазаараҿы исыцәтәымыз ауаҩы ироль, ихаҿсахьа, сара исҟазшьазшәа, схы-сгәаҿы инаганы сазнеит, иаасырԥшит. Исгәаԥханы сыхәмарит. Аԥсуа драматә театр акорифеицәа, абаҩхатәра злаз актиорцәа дуқәа: Азиз Агрба, Леуа Касланӡиа, Минадора Зыхә-ԥҳа уҳәа иргәаԥханы исымадырҽхәеит усҟан. Сара сзы уи ҳәарада, инасыԥын. Аха, ас еиԥш ауаҩы џьбара ихаҿсахьа қәҿиарала аарԥшра ахьсылшаз азныказы, «сара суаҩы цәгьоума, ауаҩы цәгьа иҟазшьа аарԥшра зласықәҿиеи?!»– ҳәа агәҭынчымра снаҭеит.
Актиор ду иажәақәа рыла, иҟоуп ауаҩы аԥсҭазаараҿы иқәҿиои иқәымҿиои, аха уи дызлаго аус иқәҿиарц азы зегь раԥхьа дацәымшәароуп, дацәхьамҵроуп, иҽазишәароуп. Дарбанызаалак, аҭакԥхықәра ихы иадҵаны дызлаго аус, гәык-ԥсыкала анагӡара дшазнеиша азы ахықәкы анықәиргыла хымԥада алҵшәа аимур ҟалом.
Имаҷым, актиор ҟазшьала ицәтәыму ахаҿсахьақәа реиԥш, шьахәла иааирԥшхьоу иҵоуроу, акрызҵазкуа, иалукааша, еиуеиԥшым ахаҿсахьақәа.
– А.Грибоедов иҩымҭа «Зыхшыҩ зызрыцҳароу» иалхыз, арежиссиор В.Ақаҩба иқәиргылаз аспектакль аҟны Молчалин ироль насыгӡон. Уи ахаҿсахьагьы сыцәтәымын, аха аспектакль ақәыргылара ашьҭахь, даара ацәажәара бзиақәа ахылҿиааит, сара инасыгӡаз Молчалин ирольгьы алыркааит.
Б.Шьынқәба ироман «Ацынҵәарах» иалхны арежиссиор А.Терентиев аспектакль анықәиргылоз, хаҭала, сара уи сгәы изҭамызт. Исҭахын аԥсуаа ҳхьаа, ҳгәырҩа, ҳрыцҳара еиҳа изныруаз аԥсуа режиссиорк иқәиргылар. Аха Брежнев изкны аспектакль қәҿиарала иқәиргылеит ҳәа даарыԥхьеит. Сара Ҳамыҭбеи ироль насыгӡон, уи ижәлар рахь ихы рханы ииҳәаз амонолог дуун, аҵакгьы ӷәӷәан. Ахәаԥшцәа даара ибзианы ирыдыркылеит. Араҟагьы Ҳамыҭбеи ихаҿсахьа аарԥшра сықәҿиеит.
Аԥсуа жәлар рартист Азиз Агрба иҩымҭа иалхны, Аԥсны жәлар рартист, арежиссиор Валери Ақаҩба иқәиргылаз аспектакль «Аԥсҳа Леон» аҟны, Аԥсҳа ироль насыгӡон. Уи сгәы-сыԥса зегь адҵаны, ижәҩа иқәыз ахьанҭара зегь схы-сгәаҿы инаганы, иснырны сазнеит. Аха аспектакль анхҳаркәша, Қарҭынтәи иааз акомиссиа анахәаԥш, иаанкылатәуп рҳәеит. Автор Азиз Агрба дҭактәуп, иқәзыргылаз Валери Ақаҩба дахьынтәааз Москваҟа дышьҭтәуп ҳәа адҵақәа ҟарҵеит. Аҭыӡшәа ахылҿиааит. Аха, усҟан апартиа Аԥснытәи аобком аиҳабыс иҟаз Борис Виктор-иԥа Адлеиба, аҭыӡшәа гәхьаас имкыкәа «Ари аспектакль Лыхнашҭагьы, Мықәашҭагьы иқәҳаргылоит» – иҳәеит ҿыӷәӷәала. Ус иагьыҟаҳҵеит, «Аԥсҳа Леон» аспектакль ҳахәмарит Лыхнашҭеи Мықәашҭеи – дҳацәажәон Кьасоу Ҳагба.
Аԥхьаҟа еицырдыруа актиорны иҟалашаз Кьасоу Ҳагба ҳаиҿцәажәараан излазгәеиҭаз ала, аханатә, актиор изанааҭ алхрахь дхьаԥшаанӡа, даныхәыҷыз Асовет аамҭазы иҭыхыз, хаҭала, дызхәаԥшуаз адукатцәа ирызкыз афильмқәа анырра инаҭаз инамаданы, даара игәаԥхон адукатра. Усҟан дазхәыцуан аԥхьаҟа ари азанааҭ алхра.
«Адукат изанааҭ даара ишысгәаԥхозгьы, аамҭаказы, ажурналистика сыԥсы аҿҳәараны избон. Аха сыԥсҭазаараҿы актиор изанааҭ аԥыжәара агеит.
Саныхәыҷыз, аԥсуа театр агәыԥ ақыҭақәа ирҭаауан. Раԥхьаӡа акәны сызхәаԥшыз, Аԥсны жәлар рартист Еҭери Коӷониа-ԥҳа дахьыхәмаруаз акамедиа, «Дамошьниа» захьӡыз аспектакль ахаан исхашҭуам, убриаҟара сгәаҵанӡа инеит. Даара узгәылазхалоз акы акәын. Валери Ақаҩба, Виачеслав Аблоҭиа, Нелли Лакоба, Сергеи Габниа уҳәа рабиԥара ахьыхәмаруаз, Н.Гоголь иҩымҭа иалхны иқәыргылаз «Аԥҳәысҳәара» иара убас, «Иван Абхазец», «Ахра ашәа» уҳәа ирацәан аспектакльқәа атеатр ахь, актиортә ҟазарахь схьазырԥшыз, уи инаҷыданы, сара саныхәыҷыз сзыԥхьоз, сзааӡаз агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь», ажурнал «Алашара» ракәын. Уахынла, алашара аныҟамызгьы ацәашьы аркны срыԥхьон аԥсышәала иҭыҵуаз аԥсуа кьыԥхь», – иҳәеит уи.
Анаҩс, актиортә ҟазара, амаӡақәа дырзааҭгыло иажәа инациҵеит:
– Адоуҳаи абызшәеи реиқәырхараҿы амилаҭтә ҟазара иааннакыло аҭыԥ даара акыр аҵанакуеит. Атеатр, амузика, ашәаҳәара, акәашара, апоезиа уҳәа аԥсуа шьҭыбжь зцу зегьы, аԥсуа ҷыдарақәа знубаало, ҳара ҳазлеибарку абызшәоуп. Урҭ шьагәыҭс ирымоу аԥсуа шьҭыбжь ауп.
Хаҭала, саргьы уажәраанӡа ишазгәасҭаз еиԥш, актиор изанааҭ ахь схьазырԥшыз, исгәазырԥхаз аԥсышәала асценаҿы иахьыхәмаруаз, урҭ аԥсышәала ирхылҵуаз ашьҭыбжь ауп… Уи инаҷыданы, ихадароуп ажәлар ишрыдыркыло, рхы-ргәы аҿынӡа ишнеиуа.
Ажәлар рылаԥш хаа, бзианы, иҳалалны иухьысырц азы, урҭ рҿаԥхьа, угәра ргартә, рхы-ргәаҿы унеиртә ухы ааурԥшыроуп. Анаҩс, знык иуҳәо иазыӡырҩуа, иухәаԥшуа, рылаԥшхҳәаа шухьысыз ануныр, хәыҷык иадамхаргьы асцена аҟнытә агьама анук, ахаан асцена узныжьӡом.
Актиор изанааҭ сара сзы зегьы иреиҳауп, уи мчыла акәымкәан, бзиа ибаны, гәык-ԥсыкалаҵәҟьа амаҵ азызуеит.
Ачынтә маҵзуреи актиортә ҟазареи анеиласыгӡоз аамҭазы акәзар, знымзар зны иҟамлеит, сахнагеит, сақәымшәеит ҳәа атеатр аҟны аусура иагсыжьны, дҳацәажәон актиор.
«Зхыԥша ӷәӷәаз, зҟазара ҳаракыз, аԥсуа театр актиорцәа дуқәа, Аԥсны жәлар рартистцәа: Азиз Агрба, Леуа Касланӡиа, Минадора Зыхә-ԥҳа, Еҭери Коӷониа-ԥҳа реиԥш иҟаз ахатәрақәа асценаҿы рыцҟазаара, рыцхәмарра хаҭала, сара сзы насыԥ дуун. Урҭ рыцхәмарра даара иманшәалан, изцыхәмаруаз ауаҩы иԥышәа иага имаҷзаргьы, дҭыргон, дҳараркуан, дӡырыргон, ихы агәра иго, ибаҩхатәра ааирԥшыртә аҭагылазаашьа изаԥырҵон. Сара сзы акыр аанагоит, ас еиԥш иҟаз абаҩхатәра дуқәа сахьырхааныз, аамҭак сахьрыцаныз», – иҳәеит Кьасоу Ҳагба, раԥхьаӡа акәны, Аԥсны Жәлар рартистцәа Шәарах Ԥачалиеи Минадора Зыхә-ԥҳаи, Џь.Иоселиани ипиеса иалхны иқәыргылаз аспектакль «Ауардын хышәҭаанӡа» аҟны дышрыцхәмаруаз игәаларшәо.
Артист иажәақәа рыла, ирацәаҩуп аус зциухьоу арежиссиорцәа. «Дмитри Кәартаа даара аус ицура маншәалан, Никәала Чқәан иакәзар, акымкәан-ҩбамкәан сыхәмархьан уи иқәиргылоз аспектакльқәа рҟны. Ажәакалаа, аԥсуа режиссиорцәа инарҷыданы, егьырҭ амилаҭқәа иреиуаз арежиссиорцәа аӡәырҩы аус рыцзухьеит, аха Валери Ақаҩба ирежисура иацназго сымбацт макьана. Хаҭала, сара аус ицура даара исзыманшәалан.
В.Ақаҩба иқәиргылаз, Ф.Искандер иҩымҭа иалху аспектакль «Махаз» Аԥсназы цҳаражәҳәаҩҵас иҟалаз акоуп. «Аԥсҭазаакра ԥхыӡуп», «Аҽшьҩы», «Кьоџьаа рҭыӡшәа», «Гәараԥаа рписар» уҳәа Жәларбжьаратәи афестивальқәа рҟны, Европа иреиӷьӡоу аспектакльқәа ҳәа иалыркаартә, иреиӷьу атеатр ҳәа Аԥсуа драматә театр аӡбахә рҳәартә аҟаҵара зылшаз, зус бзианы издыруа, иазҟазоу арежиссиор, Валери Ақаҩба иоуп», – иҳәеит Кьасоу Ҳагба, иреиӷьу ирольқәа уи ибзоурала рынагӡара Анцәа ду иахьиаҭәеишьаз азы, насыԥ змоу актиорны ихы шиԥхьаӡо азгәаҭо.
Ҳаиҿцәажәараан, аԥышәа змоу актиор даара игәхьааны ишимоу азгәеиҭеит, иахьа ашколқәа рҟны, ахәыҷқәа аҟазара иадҳәалоу шамахамзар иахьахымсуа, иахьыддмырҵо.
«Ҳхаан адраматә кружокқәа еиҿыркаауан, имҩаԥыргон, ашәаҳәара, акәашара уҳәа зегь ыҟан. Уажәы урҭ гәыгәҭажьуп. Иҟоуп даҽа проблема дук. Уи зхатәы бызшәа ззымдыруа аҿар рхыԥхьаӡара ахьеизҳауа ауп. Зхатәы бызшәа ззымдыруа аҵеи иҟнытә ҳара иҳауазеи? Илшома уи ҳмилаҭтә ҟазара амаҵ азура, ҳҭоурых, ҳкультура, ҳлитература уҳәа реиқәырхара? Сгәаанагарала, мап! Аполитикатә еибарххарахь, аҭыԥ ԥхақәа реимакреи ршареи рахь ҳаисын, ҳбызшәа гәыгәҭаҳажьит, ҳҿар аԥсуаҵас рааӡара хырҩа аҳамҭо ҳалагеит. Иаартны иахьысҳәо гәаӷьыуацәазар ҟалап, аха «мгәала» ҳхәыцуа ҳалагеит. Иахьа Аԥсны Аҳәынҭқарра анапхгара амахәҭақәа рҟны, аԥсышәала арзаҳал ҩны иноугар, шамахамзар ирыдрымкылозар, иарбан ҳәынҭқарроу ҳахьынхо, иҳаргыло, амаҵ ззауа?! Ари апроблема алҵразы, ҳәарада, ихымԥадатәуп ахдырра, аилкаара.
Сара сгәаанагарала, зегь раԥхьа арҵаҩ изаааҭ азхьаԥшра ӷәӷәа аҭатәуп, иахаҵгылатәуп. Урҭ руалафахәы шьҭыхтәуп, рус ирыднаҵо аҭакԥхықәра анагӡаразы. Апоет, асахьаҭыхҩы, аҵарауаҩ, актиор, аҳақьым – зегь зааӡо арҵаҩ иоуп. Урҭ зааӡо арҵаҩ бзиа даныҟамла – аԥсышәала асценаҿы ихәмаруа актиоргьы дҟалом, аԥсышәала ажәеинраала зыҩуа апоетгьы, убас егьырҭ азанааҭқәагьы ҿиом.
Иахьа Аҟәа 40-45-ҩык ашколхәыҷқәа класск аҟны аҵара рҵоит. Арҵаҩы иага адырреи аԥышәеи лымазаргьы сааҭк иҭагӡаны зегьы дрыхьӡаны, урҭ рҵатәхәы ишазыҟаҵоу аилкаареи адырреи рызнагара лылшаӡом.
Ҿырԥштәыс Аҟәатәи ажәабатәи Ашьхаруаа ршкол аагозар, уи аҿаԥхьа 5-6 еихагыла иҟоу асасааирҭа ду анҳаргыло, иаҳԥырхагада ҩба-хԥа уада ацаҳҵар иахьа иаҳзымхо аклассқәа рҟны? – абас, ҳҳәынҭқарра аиҭашьақәыргылараҿы, милаҭк раҳасабала ҳхеиқәырхараҿы, ҳҭоурых, ҳҵас, ҳқьабз, ҳкультура, ҳмилаҭтә ҟазара аиқәырхараҿы ҳбызшәа шхадароу, зегьы ишрыцку атәы гәҭыӷьӷьаала далацәажәон Аԥсны жәлар рартист.
«Адоуҳа зхылҵуа абызшәоуп, абызшәа аныӡлак – адоуҳа ԥсуеит» – иҳәеит Кьасоу Ҳагба амилаҭтә ҟазара аҿиара аиурц азы, уи иаҵагылаша аҿар шааӡатәу, зегь раԥхьа урҭ рбызшәа агәбылра, агьама шдырктәу азгәаҭо.
Абаҩхатәра злоу аҿар, аҟазара иазхьаԥшырц азы, агьама ркырц азы, ирнырыртә ирбароуп аҩнаҭаҿы, ма ашкол аҿы. Ус баша занааҭны аҟазара ашьҭыхра, уи ззымдыруа, иалааӡам ицәыуадаҩуп, еиҳаракгьы, иахьатәи аамҭазы ахныҟәгаразы ианыманшәалам. Даҽа ганкахьала, ауаҩ иалихуа азанааҭ, ма идыргало аусурҭа ҭыԥ, амаҵура ахныҟәгаразы мацара ихы иаимырхәозароуп, уи иҿаԥхьа иқәиргыло ахықәкы хадоуп.
Кьасоу Ҳагба иактиортә ҟазара аҩаӡара аҳаракыра инаваргыланы, зхатә ҟазшьа, зхатә гәаанагара змоу, апринципра злоу – убриаамҭазы, зхаҭара – амаҵурагьы зактиортә ҟазара аҳаракырагьы иазымԥсахуа иоуп.
«Амаҵурахьы уаннеиуа – аус амаҵ азуразы унеиуазароуп. Иҟалоит уи уқәҿиар, мамзаргьы иуқәымҿиар. Аха, гәык-ԥсыкалаҵәҟьа уус уаназнеиуа, иудгыло рацәаҩхоит, алҵшәагьы уԥеиԥшхоит. Зус ззымдыруа шьоукы, иртәым аус ианаҿу рыхдырра иазеилкааӡом «аҽырбара», «ахжьара» ишӡырнамго. Зегь реиҳа ауаҩы дзырԥшӡо, деиҿызкаауа, уи дызҿу аус анидыруа алҵшәагьы ихы-иҿы иананубаало, ихаҭа агәахәара анинаҭо ауп» – дҳацәажәон уи.
Кьасоу Ҳагба иахьагьы ааԥсарак инмырԥшкәан, актиортә ҟазара амаҵ азиуеит, аԥсуа сценаҿы инаигӡоит еиуеиԥшым ахаҿсахьақәа.
Аҵыхәтәантәи аамҭазы дызлахәыз аспектакльқәа рахьтә иалкааны аӡбахә иҳәеит Валери Ақаҩба иқәыргыламҭа «Шьапыла», иара убас ааигәа арежиссиор Мадина Аргәын-ԥҳа иқәлыргылаз Алықьса Гогәуа иҩымҭа иалху «Ас ду», мышқәак раԥхьа ихдыркәшаз, А. Чехов иҩымҭа иалху «Аҷныш».
Шамахамзар, ҳтәылаҿы акрызҵазкуа аныҳәақәа, аусмҩаԥгатәқәа разгәаҭараан, Кьасоу Ҳагба ибжьы уаҳауеит игәыҟаҵагаха. Уи ибызшәа ацқьареи ицәажәашьҭыбжь аԥшӡареи гәахәарыла ирыдыркылоит, иазыӡырҩуеит аԥсшәа ззымдыруа, иззеилымкаауа атәым милаҭгьы.
Атеатр асценаҿы еиԥш, актиор дыхәмархьеит зметраж кьаҿу еиуеиԥшым асахьаркыратә́ фильмқәа рҟны, деицырдыруеит киноактиорк иаҳасабалагьы.
Имҳәакәан высшьа амам, Кьасоу Ҳагба ихатә ҩыза, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Маиа Џьыкыр-ԥҳаи иареи Аԥсуа драматә театр асцена аҟны аус шеицыруа. Ҩыџьа аҟазарауаа сценаки ҩнаҭаки рҟны ианеицыҟоу рҟазара аҳәаақәа еиҳагьы рыҽдырҭбаауеит, ихеибарҭәаауеит, ҳәарада. Урҭ рыхшара Аԥшьеи Аминеи рхатә ҭаацәарақәа аԥырҵахьеит. Аԥшьа занааҭла дсахьаҭыхҩуп. Амина англыз бызшәа дазҟазоуп, асахьаҭыхрагьы бзианы илықәҿион, аха инлыжьит. Кьасоу Ҳагба ихатә ҩызеи иареи рыхшареи рмаҭацәеи рыла ргәы дууп.
«Аҩны аимак-аиҿак анҳауагьы ыҟоуп, ҳахшареи ҳмаҭацәеи ҳареи ҳгьамақәа ахьеиқәымшәогьы ҟалалоит, аха аҵыхәтәаны акы ҳазааиуеит. «Ҳзырҟә́ышуа» хә-ҩык ҳмаҭацәа рахьтә руаӡәк, Қаниа Кәыҵниа-ԥҳа лассы-лассы лани лан лаҳәшьеи реиԥш, схатә ҩызеи сареи ҳхаҿсахьақәа ҭылхуеит, даарагьы ибзианы илықәҿиоит, аха ҳара ҳанлыҳәо иҭылхӡом. Лара ианылгәаԥхо хаҭала, сара схаҿсахьа ҭыхны исзаалышьҭлоит. Сара аҭӡы икыдҵаны сахәаԥшуеит», – иҳәеит уи гәахәарыла ҳаиҿцәажәара хыркәшо.
Аиашазы, сынтәа 75 шықәса зхыҵыз актиор ду, аԥсуа сцена азҟаза, жәабала инаигӡахьоу, иаԥиҵахьоу ахаҿсахьақәа рыла ахәаԥшцәа, аҟазара абзиабаҩцәа еицырдыруа, бзиа еицырбо Кьасоу Ҳагба иҩаӡара аҟынӡа инеиуа арҿиаҩцәа ыҟанаҵы аԥсуа милаҭтә ҟазара аԥсы ҭазаауеит.
Алиса Гәажә-ԥҳа