Print this page

Аҳәынҭқарра Ахада Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы ишьҭоу ахәцәа ибеит

Абҵара 12, 2025 21

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы ишьҭоу, иацы Аҟәа иҟалаз аиҿахысра иахҟьаны ааха зауз ахәцәа дырҭаан ибеит.

Аҳәынҭқарра Ахада ареанимациа аҟәшеи апалатақәеи дырҭааит, ааха зауз рыуацәа дрыҿцәажәеит, адгылара риҭеит, ахәрақәа зауз зегьы иаарласны ршьапы иқәгыларц рзеиӷьишьеит.

Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Ерик Ҳаҭхәеи Аҳәынҭқарра Ахада иарҳәеит ахәцәа ргәабзиара аҭагылазаашьеи урҭ рыхәшәтәра амҩаԥысшьеи ртәы. Ааха зауз амедицинатә цхыраара ирласны ирыҭан.

Аҳәынҭқарра Ахада агәабзиарахьчара аминистри аҳақьым хадеи анеилацәажәа, иазгәеиҭеит ахәцәа рҭагылазаашьа иалнаршар урыстәылатәи иколлегацәа рҟынтә ацхыраара дшаҳәо, анаҩстәи рыхәышәтәразы иахәҭоу адгылра ҟарҵарц.

«Уажәы ихадоу ҳтәылауаа иаарласны ргәабзиара аиҭашьақәыргылара ауп. Уи азы аҳақьымцәа ирылшо зегьы ҟарҵоит. Ҳара ҳганахьала иаҭаху адгылара аҟаҵара ҳазыхиоуп», – ҳәа азгәеиҭеит Бадра Гәынба.

Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит ацәгьоура ҟазҵаз ԥшааны ишахьырхәхо.

«Ари ацәгьоура бааԥсы аԥсуа ихымҩаԥгашьа аԥҟарақәа зегьы еиланагоит», — иҳәеит Бадра Гәынба.