Print this page

Амилициа Амш иазкны

Абҵара 12, 2025 24

Амилицииа Амш иазкыз агәырӷьаратә еизара мҩаԥысит Р.Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭфилармониаҿы ноиабр 10 рзы.

Гәырӷьарала азал иҩнаргалеит Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟи аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра абираҟи.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгареи хаҭалатәи аилазаареи дрыдныҳәалеит Ахада Бадра Гәынба.

«Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа зинлаҵәҟьа аҭыԥ ҷыда ааныркылоит аҳәынҭқарратә институтқәа рыҩнуҵҟа, иалдыршоит аҭышәынтәалара, ирыхьчоит атәылауаа рзинқәа, ринтересқәа, ацәгьоурақәа, арҩышьыгатә маҭәашьарқәа изакәымкәа реикәыршара иаҿагыланы иқәԥоит, амҩақәа рҟны иалдыршоит ашәарҭадара», – иазгәеиҭеит Ахада.

«Аԥсны амилициа еиҷаҳаны еиқәдырхоит абиԥара еиҳабыра ишьақәдыргылахьоу атрадициа бзиақәа. Аҩнуҵҟатәи аусқәа русзуҩцәа рыҩнуҵҟа иҟоуп Аԥсны жәлар Рџьынтәылатә еибашьра аветеранцәа рацәаҩны. Урҭ рахьтә имаҷҩым аԥсадгьыл ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зхы рықәызҵаз. Ргәалашәара наунагӡа ҳгәаҵаҿы иаанхоит», – иаҵишьит Гәынба.

Уи ҭабуп ҳәа реиҳәеит абиԥара еиҳабыра иаҵанакуа амилициа аусзуҩцәа, аҿар зԥышәа рымаздо, аҭакԥхықәра рылазааӡауа.

Атәыла Ахада иақәиргәыӷит аҳәынҭқарра аԥхьаҟагьы лымкаала хшыҩзышьҭра шрызнауа аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рматериал-техникатъ еиқәыршәара.

Бадра Гәынба аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Робер Киут ииҭеит Ахада иусԥҟала ишьақәырӷәӷәоу аминистрра абираҟ ҿыц, иара убас аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа амилициа аинрал-маиор ҳәа ахьӡ ихиҵеит.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Робер Киут аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рветеранцәеи хаҭалатәи аилазаареи рымш рыдиныҳәалеит. Иара убас иқәгылеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахаҭарнак Сергеи Голенков, Аминистрра аветеранцәа Рассоциациа ахантәаҩы, ԥхьатәара иҟоу амилициа аполковник Аслан Дгебиа.

Анаҩс иҟан аконцерт.

Амилициа аусзуҩцәа рымш рыдырныҳәаларц уахь имҩахыҵит Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Аԥыза-министр Владимир Делба, Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Дмитри Шамба, аиҳабыра иалоу, Жәлар Реизара адепутатцәа, апрокурор хада Адгәыр Агрба, Аҟәа ахадара аиҳабы Ҭемыр Агрба.