Print this page

Ахада Аусҧҟа инапы аҵаиҩит Аҧсны ақалақьқәеи араионқәеи радминистрациақәа рнапынҵақәа рзы

Абҵара 10, 2025 38

Аҧсны ақалақьқәеи араионқәеи радминистрациақәа рнапынҵақәа рынагӡара иацырҵоит.

Абри азы Аусҧҟа инапы аҵаиҩит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра.

Аҧсны Аҳәынҭқарра аҭыҧантәи ахаланпхгара аусбарҭақәа рдепутатцәа рзинмчқәа рыҿҳәара ахыркәшара инамаданы, «Аҧсны Аҳәынҭқарра административ-ҵакырадгьылтә акқәа рыҟны напхгараҭаразы" Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан инақәыршәаны, ақалақьқәеи араионқәеи радминистрациақәа рнапхгаҩцәа ирыдҵоуп рнапынҵақәа рынагӡара закәанла ишьақәыргылоу аҧҟарала изыхәҭоу админстрациақәа рнапхгаҩцәа аҭахаанӡа.