Лаша Ашәба, асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо иазгәеиҭеит:
«Ҳа ҳзы ҳаҭыр дууп Аԥсны Жәлар Реизараҟны иналукааша урыстәылатәи акультура аусзуҩцәа рԥылара. Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ртеатртә ҟазара арҿиараҿы шәлагала ахә ҳаракны иаҳшьоит. Ҳтәыла ауааԥсыра Вахтангов ихьӡ зху атеатри Шьукин ихьӡ зху ауниверситети ҳаҭыр ду ақәырҵоит».
Кирилл Крокки Евгени Книазеви ракәзар ҭабуп ахырҳәааит аԥсуаа рысасдкылара, инаҵшьны иазгәарҭеит иаҳзеиԥшу акультуратә ҭынха аиқәырхара аҵак ду шамоу, иазааҭгылеит русура ахырхарҭақәа, ирҳәеит абаҩхатәра змоу аԥсуа ҿар рхыԥхьаӡара шырацәоу
Аиԥылара иалахәыз Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара акультуратә еимадарақәа рырӷәӷәаразы иҟоу алшарақәа ирылацәажәеит.