Print this page

«Адуқәа зегьы иаарылҳәҳәо»

Абҵара 07, 2025 42

Мышқәак раԥхьа Гәдоуҭа, Р.Дасаниа ихьӡ зху акультуратә Хан аҟны имҩаԥган Аԥсны жәлар рартистка Маиа Џьгәаҭ-иԥҳа Гьерзмаа лырҿиаратә еиԥылара.

Уи иалахәын араион Ахадара аусзуҩцәа, абжьаратә школқәа рҵаҩцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа. Иара убас,  Маиа Гьерзмаа жәашықәсала илыцааԥсоз, аҟазара ҳаракы амаҵ азызухьоу, русеицурахьтә агәалашәаратә ажәа ԥхақәеи адныҳәаларақәеи рыла иқәгылаз Аԥсны анҭыҵгьы зыхьӡ еицырдыруа – Арвелод Ҭарба, Лиудмила Гәымба, Леонид Какачиа уҳәа аӡәырҩы.

Аиԥылара аартын  Аԥсны жәлар рпоет Рушьбеи Смыр, жәлар рартистка илыхьӡыниҩылаз апоезиатә цәаҳәа хьыршәыгәқәа, исахьаркны ҟазара ҳаракыла иназыгӡаз, аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр актиорцәа нагақәа ируаӡәку Ҭемраз Чамагәуа иқәгыларала.

Аиԥылара агәалаҟазаара ҳауа хадырҭәаауан акультуратә Хан аҟны иаԥҵоу ансамбльқәа «Риҵеи» «Адаци» рашәаҳәареи рыкәашареи.

Аԥсуа ибзазара аҵабырг аазыртуа ахәҭа хадақәа иреиуоу жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи, еиҳаракгьы аиҳабыратә абиԥарақәа рахьтә хәҭаҷ ссаӡакгьы рыцәмырӡкәа, игәынкыланы, ҟазара ҳаракыла иназыгӡо рыхәаԥшра ианакәызаалакгьы ауаҩы игәалаҟара шьҭнахуеит, игәыӷра ҩбанатәуеит.

Баша имҳәазаап Еврипид «аԥсҭазаара иашаҵәҟьа – ҟазарада ҟалашьа амаӡам» ҳәа. Амала, иара аҟазара ахаҭагьы ҵабыргызароуп, аԥсҭазаара иаша иахаҿырбагахарц. Аҟазара абызшәа еилызкааз, амаӡақәа аҵдырааны знапаҟны иззаагаз иоуп, ашәышықәсақәеи азқьышықәсақәеи иргәылганы, дызхаҭарнаку ажәлар рҵас, рқьабз, рҟазшьа, рыламыс уҳәа инарҵауланы ианыԥшыртә анагӡара  зылшогьы. Ҳәарада, уи злахьынҵахо ԥсабарала иҷыдоу аҟыбаҩ Ҳазшаз изцишаз мацара роуп. Урҭ дреиуоуп ҳажәлар рдоуҳатә культура арҿиареи аӡыргареи русԥшьа аҟны зылшамҭа маҷым, еиуеиуԥшым абиԥарақәа ирхаҭарнаку, жәаҩыла Бзыԥтәи Аԥсны иалиааз  абаҩхатәрауаа ируаӡәку Аԥсны жәлар рартистка, Адыгеиа зҽаԥсазтәыз артист  Маиа ­Џьгәаҭ-иԥҳа  Гьерзмаа.

Ари ахьӡ аҭыԥантәиқәа реиԥш, анҭыҵтәи ахәаԥшцәагьы ирдыруеижьҭеи акрааҵуеит. Маиа Гьерзмаа аԥсуа ҟазара, хықәкыла – акәашара, иҵаулоу дырралеи ҟыбаҩлеи амаҵ азызуа, Фазылбеи Ҟәыруа иажәақәа рыла иаҳҳәозар «адуқәа зегьы иаарылҳәҳәо» аԥсуа ҭыԥҳацәа акәашаҩцәа рханӡа иҳаргыло уаҩ нагоуп.

Иарбан ҟазара хкызаалак аҟны, ахәаԥшҩы иршанхара ус имариам. Ауаҩы даныхәыҷу нахыс згәыблра иоуз ауп аԥсҭазаараҿы иҽыззикуа. Маиа иахьлызҳауаз аҩнаҭа ишынҭаацәаз шәаҳәаҩцәан, кәашаҩцәан доуҳала ибеиаз уаан. Зысас гәашә ҭбааз урҭ рашҭа еснагь иҭыҩуан агәырӷьабжьы. Ҳәарас иаҭахузеи, ақыҭа ԥҳәызба хәыҷы леизҳарагьы уи анырра  анамҭарц залшомызт. Даныхәыҷӡаз нахыс илнубаалон аҟазарахь иаалырԥшуаз азгәышьра. Ԥсабарала дақәшәаны, данааланы акәын уи лыҽшагәылалхалоз. Лқәыԥшра ашықәсқәа инадыркны лҽаҵалмырхарц инеиԥынкыланы, еснагь лхы аус адылулон, амилаҭтә ҟазара аҳаракырахь ахалара даҿын. Ишырҳәо еиԥш, аҟазараҿы аҳәаа ыҟаӡам, уи  зыԥсҭазаароу ауаҩы, иԥсы ҭанаҵы имҩа акаҵәарахь ихазаауеит. Убас ауп ишыҟоу апоет Анатоли Лагәлаа «аԥсуа Плисецкаиа» ҳәа ззиҳәаз Маиа Гьерзмаа лдунеигьы.

Акәашаратә ҟазараҿы зба­ҩхатәра ҳаракӡаз, уи арҿиараус аҿы  шьардаӡа зылшахьаз Иосиф Слуцкер: «Ашәеи акәашареи жәларык ишырҿахәҳәагоу, ишрыԥсҭазаароу еилкаауа, аԥсуа коллективқәа даҽакы  иузадымкыло дара рхаҿра рымоуп. Насгьы  урҭ  еиҳаракгьы излаугәаԥхо, гәыла-ԥсыла ирԥхоу дара рхатәы знеишьа ахьрымоу ауп» ҳәа зхиҳәааз, ҳажәлар реиҿамсреи реилҟьареи иарҵабыргыгоу рҟазара хкы, иатәышьҭрам акы аламгалакәа, жәашықәсала адунеи асценақәа акыр рҟны, зықьҩыла рнапқә́а азеинырҟьартә зылшахьоу драԥхьагылоуп Маиа  Гьерзмаа.

Жәибжь шықәса  данырҭагылаз жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи Аԥснытәи аҳәынҭқарратә ансамбль аилазаарахь инанагаз Маиа Џьгәаҭ-иԥҳа инеиԥынкыланы ԥшь-жәашықәсак егьаарыгымхо, афырҭын даҩызаха, лыбаҩ лцәыласны, лӡара еихатыруа, лыблақәа аччаԥшь рхыҳәҳәала, ҵҩа змам ахәаԥшцәа, аԥсуа кәашара агәыблыра рызлырҿыхахьан Ааигәатәи аҳәаанырцә атәылақәа рҟнеиԥш, Аргентина, Мексика, Ефиопиа, Мозамбик, Таиланд, Кампучиа… уҳәа,  ихароу аҳәынҭқаррақәагьы шаҟа еиқәуԥхьаӡари. Иара иахьагьы, асцена дықәԥраа лҿанаалхо ланарԥшыра  ссируп.

Аԥсны аԥсабара аԥагьара зҭеиҭԥшу Маиа, лҟазара  ианубаалоит аанкылашьа змам амч згәыҵаҵәаху ҳашьха ӡиасқәа рылшареи, ажәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа рфырхацәа ргәамчи. «Аԥсуа чара», «Аиԥылара», «Ауапакәашара» уҳәа хаҭалеи, гәыԥла дызлахәны иналыгӡахьоу, зхыԥхьаӡара маҷым акәашара хкқәеи ирныԥшуеит иординартәым лҟазаратә хәыцра.  Уи дреиуоуп аԥсуа милаҭтә ҟазара аҭоурыхаҿы, ажәлар рфольклор атрадициақәеи, акәашара адунеитә культура аихьӡарақәеи лыҵшәа ҳаракыла еимаданы раарԥшра зылшаз, уи Аԥсны аҳәаақәа хараӡа ирҭызгаз аҟазацәа хатәрақәа.

Аԥсуа кәашара – ҳажәлар рха­ҿраарԥшыга хадақәа ишыруаку,  инагӡаны  уи аиқәырхара хықәкны еиҵагыло абиԥарақәа ишьҭыркаартә азнеишьақәа рыԥшаара ауп Жәлар рартистка иахьагьы лажәеи луси зызку. Уи даҽазныкгьы иарҵабыргуеит, «абызшәа зегь раԥхьа игылоуп, уи зегь аҵанакуеит» зҳәаз, ҳмилаҭтә сахьаркҩыра ауасхыршьҭаҵаҩ Дырмит Гәлиа ихшыҩҵак хада ақәҿызҭуа лажәақәа: – Сыжәлар рҟазара аӡыргара,  уи ала урҭ рымаҵ аура акәын схықәкы хада, маашьарада схы аус садзырулозгьы уи ауп. Аамҭа егьа иуадаҩзаргьы ҳбызшәа, ҳҟазара реиқәырхареи, реихаҳареи ирзынархоу аус ҿыцәаара ақәымзароуп, урҭ раԥхьа иҳаргыло, иреиҳау даҽа мчык ҳамаӡам ҳара  ҳаиқәхарцазы.

Маиа Џьгәаҭ-иԥҳа дызхаҭарнаку лыжәлар  гәакьа рхаҿреи рдоуҳатә культуреи наӡаӡазтәуа хаҭараны дыҟоуп, дагьаанхоит ашәышықәсақәа рҭоурых аҟны.

Ахра Анқәаб