Уи ҳтәылаҿы аҿиара иалагеижьҭеи рацәак шымҵуагьы азыҟаҵаҩцәа Ирина Китаевеи Татиана Боциеви рнапхгарала, ареспубликатә актәи ахәыҷтәы-қәыԥштә спортшкол аҟны ари азҟазара хкы знапахьы аагара зҽазызшәо, изныкымкәа, зыҩаӡара ҳараку атурнирқәа рҟны лҵшәа ҳаракыла рхы аадырԥшхьеит. Убас, октиабр 24-26 рзы Еиду Арабтә Емиратқәа, Дубаи ақалақь аҟны, имҩаԥысуаз «GVMNASTIKA SOLO CUP 2020» ҳәа хьӡс измаз 12 ҳәынҭқарра рахьтә асахьаркыратә гимнастиказы адунеи аҟны зыхьӡ еицырдыруа Алина Корнаско, Амалиа Лука, Ева Празилива уҳәа зынӡа 700-ҩык инареиҳаны аспортсменкацәа злахәыз жәларбжьаратәи атурнир аҟны иқәгылеит Аԥснытәи агимнастка қәыԥшцәагьы жәаҩык.
Атурнир актәи амш аҽны ахьтәы аԥхьахәқәа ирыԥсахеит Нара Цымцбеи Дана Карапетиани. Араӡынтә – Злата Харченкои Дениза Хутовеи. Аҩбатәи амш азы рықәгыларақәа рҟны актәи аҭыԥқәа ааныркылеит Алеқсандра Адлеиба, Алиссандра Багаҭелиа, Алина Хутова.
Ихыркәшаратәыз ахԥатәи амш аҽны, амилаҭтә кәашара аелементқәа рыла ихарҭәааны, аԥсуа музыка иацназгоз рықәгыларақәа рҟны ахьтәы медалқәа ранашьахеит Алина Боциева, Мариа Ԥилиа, Николь Гәбаз.
Инеизакны Аԥснытәи агимнасткацәа хәыҷқәа рыҽрыԥсартәит ахьтәы медалқәа – 21, араӡнытәқәа – 2; аџьазтәқәа – 3. Ари ҳәарада дарбанызаалак дамеигәырӷьарц залшом. Аҳәынҭқарратә бираҟ рхашәыршәыруа, Аԥсны аҭыԥҳацәа хәыҷқәа рбаҩхатәра ҟазара ҳаракыла анагӡашьа, мҩашьарада агәра унаргоит аԥхьаҟагьы аихьӡара ҳаракқәа раарԥшра шрылшо.
А.Бзыԥба