Print this page

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аҧснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аусзуҩцәа Аԥсуа телехәаԥшра аԥҵара амш рыдиныҳәалеит:

Абҵара 06, 2025 12

«Акыр иаԥсоу аҩызцәа,
гәык -ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Аҧсуа телехәаҧшра аԥҵара амш!

Аԥсуа телехәаԥшра ҳтәыла аҭоурых ҿыц аҟны иҷыдоу аҭыԥ ааннакылоит. Уи массатә информациа хархәага мацараны акәымкәа, акрызҵазкуа Аԥсны ауаажәларратәи акультуратәи ԥсҭазаара иахәҭакны иҟан, ҳажәлар ирхыргаз илахьынҵаӡбагаз ахҭысқәа ирхаанын, урҭ ирылахәын.

Ҷыдала иазгәасҭарц сҭахуп Аԥсуа телехәаԥшра аусзуҩцәа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан инарыгӡаз ароль, уи ахә ашьара уадаҩуп. Аԥсҭазааразы ишшәарҭазгьы ателехәаҧшра аусзуҩцәа аибашьра ацәаҳәаҟны игылан, Ҳаԥсадгьыл ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы ақәԥара иазкыз аиаша аларҵәара хықәкыс ишьҭыхны. Хашҭра рықәӡам ззанааҭтә, зтәылауаҩратә уалԥшьа анагӡараан иҭахаз Аԥснытәи ателехәаԥшра аусзуҩцәа, иара убас ҳхырхәоит хьӡи-ԥшеи згым аҭынха ҳзынзыжьыз, зыԥсҭазаара иалҵыз амилаҭтә телехәаҧшра аветеранцәа ргәалашәара аҿаԥхьа.

Иахьа ателехәаԥшра ҳтәыла аԥсҭазаара саркьаҵас изныԥшуа хәынҭқарратә усбарҭак аҳасабала, – ауаажәларра ргәаанагара ашьақәыргылара, амилаҭтә хаҿра ашьақәырӷәӷәара иазку аҵак дуӡӡа змоу аус анапы иануп. Гәахәароуп аколлектив есааира иахьацло ҳаамҭазтәи атехнологиақәеи азнеишьақәеи знапахьы иаазго абаҩхатәра змоу аҿар, убри аан аԥсуа журналистика иреиӷьу атрадициақәа — апрофессионализм, аиашара, апатриотизм есааира реихаҳара алдыршоит.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аколлектив зегьы ирзеиӷьасшьоит ақәҿиарақәа, арҿиаратә еихьӡарақәа.

Шәнапы иану аус аринахысгьы аҳәынҭқарра арӷәӷәара, ҳажәлар реидкылара, иӷәӷәоу, иаарту, ҳаамҭазтәи Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҿра адунеи аларҵәара иазкызааит.

Ҽаанбзиала шәнеилааит!»