Print this page

Аҟәа ахьа Амш азгәарҭоит

Абҵара 05, 2025 25

Ахьа Амш азгәарҭоит абҵарамза 15 рзы Аҟәа ақалақь, акультура-усуратә платформа «Гәыма» аҿы.

 Аусмҩаԥгатә Аԥсны аекосистема хадақәа иреиуоу, аԥсабаратә, аекономикатә акультуратә ҵакы змоу ахьа бнақәа реиқәырхара апроблема ахшыҩзышьҭра аҭара иазырхоуп.

Ахьа Амш апрограмма иалагалахоит аетнографиатә цәыргақәҵеи ахьа аԥсуа жәлар рыԥсҭазаараҿы ҵакыс атәы зҳәо адокументтә фильм дырбареи. Аматериалқәа зегьы еиқәыршәахеит Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Афатә-ажәтәи ақыҭанхамҩеи реиҿкаара Аҟәа иҟоу апроекттә офиси Аԥснытәи аҵарауаҩ, атәылаҿацәҭҵааҩы, арккаҩы Таисиа Аланиеи русеицура иалҵшәаны.  Аекспозициеи, акинорбареи, уи лгәалашәареи ахьа иадҳәалоу акультуратә ҭынха ахьчара иазкхоит.

Ашеф-хәыҟаҵаҩ Шамиль Кылыч афатәҟаҵара аҟазара-класс мҩаԥигоит. Уаҟа ахьа иалху автортә афатә хкқәа цәыргахоит, асасцәа урҭ ргьама рбар алшоит.

Иара убас, еиҿкаахоит ахәаахәҭратә цәыргақәҵа маҷ, араҟа Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Афатә-ажәтәи ақыҭанхамҩеи реиҿкаара Аҟәа иҟоу апроекттә офис (ФАО) апроект алахәылацәа ацхеи ашьхааӡара аалыҵқәеи рӡыргаразы алшара рзаԥҵахоит.