Аԥсны афымцалашаратә нхамҩа ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьа злаҟоу иаҳнарбоит афымцатә мыругақәа акыр ишажәхьоу. Уи афымцалашара анашьҭраан ацәыӡ анаҭоит, џьара-џьара аихшаратә ҳақәа рҿы алашара ҭааны инеиуеит, – иаанацҳауеит аенергетика Аминистрра.
Иара убас, иазгәанаҭоит иажәыз амыругақәа рымаҭәахә џьаргьы ишыҟам, урҭ рҭыжьра иахьаҟәыҵхьоу иахҟьаны. Атехникатәи аекономикатәи цәыӡқәа рырмаҷразы иажәхьоу амыругақәа аҿыцқәа рыла иԥсахтәуп. Ҳаамҭа иақәшәо аинформациа-технологиатә системақәеи аԥхьаӡагатә мыругақәеи рышьақәыргылара хымԥадатәны иҟоуп.
Афымцатә нхамҩа аҿиара иацхраауа абарҭ аусмҩаԥгатәқәа рзы аинвестициақәа алагалатәуп.
Афымцамч ахаҭабзиара ашьҭыхра, ишьақәырӷәӷәоу ашәахтә ашьақәгылара, анхамҩа ацхырааразы иақәырӡтәу ахәыԥса ақәҵара - адунеи зегьы аҿы иазхаҵоу, ихадоу асоциалтә факторқәа иреиуоуп, уи ахархәаҩцәа рзы иҭышәынтәалоу афымцамчтә ҭагылазаашьа аԥнаҵоит.
Ҳазҭоу ашықәс азы атәыла араионқәеи ақалақьқәеи рҿы аиҭашьақәыргыларатә, апрофилактикатә усурақәа мҩаԥган ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аенергетика Аминистрра.
Иҳараку авольттә фымцацәаҳәа 35 кВ «Мықә» аҿы арҿыцрақәа ирыцҵоуп, уи иабзоураны аӡын алашара анмаҷу аамҭазы афымцатә еиԥҟьарақәа ирыгхоит.
Афымцамчтә станциа «Дранда» аҿы атрансформатор ҿыцқәа арсуп аусурақәа цоит, уи атрансформатортә лшара азымхара арҽеиуеит.
Ԥсҳәытәи ашьхаҳаракыратә қыҭаҿы афымцалашаратә нхамҩа еиҭарҿыцуп. 10 кВ иҟоу акаҭақәа рҽеиуп, 5 км инареиҳаны ихьчоу ацәаҳәақәа быжьгоуп, ақыҭаҿы ирацәаны асы аур афымцамч иаԥырхагамхарц азы иаҭаху аихатә шьаҟа ҿыцқәа шьақәыргылоуп, Ԥсҳәытәи аӡеизакырҭа ахыбра арӷәӷәаразы аусурақәа мҩаԥгоуп, аӡеизакырҭа агенераторқәеи атурбинақәеи еиҭашьақәыргылоуп.
Иазԥхьагәаҭаз аиҭашьақәыргылара-профилактикатә усурақәа мҩаԥган: 10 кВ «Атобаиа», 35/10 к/в «Рухскии кариер», «Алаҳаӡы», «Бзыԥ 220», иара убас аенергосистема иаҵанакуа егьырҭ аҭыԥқәа жәпакы рҿы. Аԥхын зымҽхак ҭбаау аусурақәа мҩаԥган иҳараку авольттә цәаҳәақәа ирыҵаркуа аҭыԥқәа рҟны Гагра, Гәдоуҭа, Очамчыра араионқәа рҿы. Ас еиԥш аусурақәа 2014 шықәса раахыс имҩаԥгамызт.
Амуниципалтә унитартә наплакы «МахадырГЕС» Ареспубликатә еилакы «Амшынеиқәафымцамч» иадҵоуп, уи иабзоураны имҩаԥгаз ашәахтәқәа реизгара арбагақәа еиҳахеит, иҟалаз ахашәалахәы Амуниципалтә унитартә наплакы «Махадыр ГЕС» аиӷьтәрахь идәықәҵоуп.
Ҭагалани аӡыни еиҳа иманшәалоу афымцамчтә ҭагылазаашьа аԥҵаразы ЕгрыГЕС аӡтәы ресурс ииашаны ахархәаразы ауснагӡатәқәа мҩаԥгоуп.
Нанҳәамза инаркны уахынла, ҽынла, аԥсшьарамшқәа раан Урыстәылантәи афымцамч аашьҭра мҩаԥысуеит. Арҭ аамҭақәа рзы Урыстәылантәи иаарышьҭуа афымцамч ахәԥса зынӡа илаҟәуп. Абри атәы аанацҳауеит «Амшынеиқәафымцамч».
Иааидкыланы иаашьҭу афымцамч иақәхарџьуп 261 ман. мааҭ.
Абҵарамза 1, 2025 шықәсазы Егрытәи аӡеизакырҭаҿы аӡы ашьҭыҵара аҩаӡара 56 метра рыла еиҳауп, иҳаҩсыз ашықәс арбага аасҭа.
Аԥсны афымцамч ахархәара иҳаҩсыз ашықәс абри аамҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар еиҵахеит.
200 млн мааҭ рҟынӡа инаӡаз ахашәалахәы иалнаршоит афымцамч адефицит ахҩаразы идәықәҵахо ахарџь акырӡа армаҷра ҳәа аанацҳауеит аенергетика аминистрра.
Аихшьаалақәа рыла жә-мзы ирылагӡаны (2025 ш. цәыббрамзанӡа ) Аԥсны абонентцәа зегьы рыбжьара афымцамч азы ашәатәқәа реизгара 52,2% рҟынӡа инаӡеит, цәыббрамзазы ари арбага 85,4% ыҟан.