Print this page

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Жәлар ракзаара амш идиныҳәалеит

Абҵара 04, 2025 13

Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа!

Аԥсны жәлар рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала, Шәара аԥхьа шәнаргыланы, милаҭрацәала иеилоу Урыстәыла ажәлар зегьы гәык-ԥсык ала ирыдысныҳәалоит Жәлар ракзаара амш!

Ари аныҳәа символра азнауеит ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа Урыстәыла ажәлар ауадаҩрақәа риааираҟны, Аԥсадгьыл ахьчараҟны, ԥхьаҟа ацараҟны ирыцхраауаз аидгылара, амчра, хра злоу азеиԥш ҵасқәа рыцәхьамҵра. Аидгылара акәын ахаангьы уасхырс ирзышьҭаз азеиԥш ҭоурыхтә, доуҳатә ҭынхала иеимадаз аиҩызаратә жәларқәа рҭаацәарақәа еидызкылоз Урыстәыла Дуӡӡа амчреи аизҳазыӷьареи.

Ҷыдала иазгәасҭарц сҭахуп Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа аиҩызара иаша, аҳаҭыреиқәҵара, аидгылара шьаҭас ишрымоу. Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит Урыстәылеи ҳареи иҳабжьоу астратегиатә усеицура, ганрацәалатәи ацхыраареи ҳ-Республика иамоу азҿлымҳареи.

Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа, аҵак ду змоу ари амш азы ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, Урыстәыла ажәлар рымаҵ аураҟны аԥхьаҟатәи аихьӡарақәа, Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа зегьы ирыгымзааит аҭынчра, аизҳазыӷьара, уаҵәтәи амш агәрагара.