Print this page

Раԥхьаӡакәны Аԥсны - А.Чехов еицырдыруа иҩымҭақәа иреиуоу иалху аспектакль "Аҷныш" (Чаика) Аԥсуа театр аҿы аԥхьарбара мҩаԥысит жьҭаара 30 рзы

Жьҭаара 31, 2025 35

 Апремиерахь имҩахыҵит Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Тарас Ҳагбеи афинансқәа рминистр Саид Гәбази. 

Ари апиеса ауаҩы иԥсҭаазара ганрацәала иаанарԥшуеит. Абзиабара, агәкаҳара, адгылара аҟамзаара, аилибакаара, аҟазара амҩа иацу аҭагәҭасрақәа уҳәа. 

Ахәаԥшҩы дамҽханакуеит гьама ҳаракыла еибыҭоу амизансценақәа, амузыка, алашара уҳәа. Арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа иҷыдоу лазнеишьа Чехов иреиӷьу инапкымҭа гьама ҳаракыла еиқәыршәоу аспектакль аира абзоурахеит. 

Зҟазара ҳараку артистцәа рус мариамызт. Ҩсааҭк раҟара ицо аспектакль аҿы урҭ рмонологқәа ургәылахалартә еиԥш, досу кырӡа иҵабыргны ахаҿсахьақәа аԥырҵеит. 

Хымԥада, Аԥсуа театр иарҳаит уи арепертуар зырбеиауа аспектакль.

Жьҭаара 31 рзы апремиера "Аҷныш" аҩбатәи амш ауп - ишәеҩшәмыжьын! 

Абилеҭқәа шәрыдҵаала Аԥсуа театр акассаҿы!