Print this page

Атәылахьчара Аминистрраҿы Аҟәатәи иреиҳаӡоу азеиԥшарратә командаҟаҵаратә ҵараиурҭа 25-шықәса ахыҵра азгәарҭеит

Жьҭаара 31, 2025 27

Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Атәылахьчара аминистрра анапхгара, аҵараиурҭа арҵаҩцәеи аушьҭымҭацәаи.

Атәылахьчара аминистр, аинрал-полковник Владимир Ануа, Иреиҳаӡоу азеиԥшарратә командаҟаҵаратә ҵараиурҭа хаҭалатәи аилазаара аиубилеи рыдныҳәало, иазгәеиҭеит аҵараиурҭа атәыла арбџьармчқәа рҭоурых иузаҟәымыҭхо ишадҳәалоу, аихьӡара дуқәа шамоу.

В. Ануа иҳәеит Аҟәатәи Иреиҳаӡоу азеиԥшарратә командаҟаҵаратә ҵараиурҭаҿы раԥхьатәи амшқәа инадыркны арҵаҩ нагацәа аус шыруаз, аҵарадырра аҩаӡара ҳаракы шамаз. 25 шықәса ирылагӡаны аҵараиурҭа иазнархиеит имаҷҩымкәа афицарцәа, уи аушьҭымҭацәа аӡәырҩы Атәылахьчара аминистрра иатәу аҳамҭақәа ранашьоуп, Аԥсны Арбџьармчқәа рҿы амаҵура ҳаракқәа ааныркылоит.

«Агәра ганы сыҟоуп, еиҵагылаз аҿаргьы аҵараиурҭа атрадицақәа ишрыцырҵо», – ҳәа азгәеиҭеит атәылахьчара аминистр – ицәажәара хыркәшо хаҭалатәи аилазаара ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, аҭынчра, аизҳазыӷьара, рыԥсадгьыл амаҵ аура иазынархоу анаҩстәи русураҟны аихьӡара дуқәа.