Print this page

Аԥсны аҭҵаарадырра амш: Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аҭоурых

Жьҭаара 30, 2025 18

Жьҭаарамза 30 рзы Аԥсны иазгәарҭоит аҭҵаарадырра амш. Аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа рзы ҳтәыла аҭоурых аҿы ихадоу хҭысны иҟалаз Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аԥҵара иадҳәалоуп ари арыцхә.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба дзыԥхьаз, Аԥсны ахада Бадра Гәынба иҟаиҵаз адныҳәалараҿы дазааҭгылоит аҳәынҭқарразы аҭҵаарадырра алшара иамоу аҵакы. Иаагозар:

«Аԥсны Асовет аамҭақәа инадыркны аус руеит иӷәӷәоу аҭҵааратә институтқәа, уаҟа аџьабаа рбоит иналукааша аҵарауаа. Урҭ рзанааҭдырреи рус гәыкала азыҟазаареи еиҵагыло абиԥарақәа рзы ҿырԥштәны бзиоуп.

Аҭҵаарадырра есымшагьы аҳәынҭқарра аҿиара иашьагәыҭны иҟоуп. Иахьа аҵарауаа аус руеит абызшәа, аҭоурых, акультура, аекономика ахьчаразы.

Аҭҵаарадырра амш аҽны ҭабуп ҳәа расҳәоит аҵарауаа, Аԥсны зну аизҳазыӷьара амҩаҿ ирбо аџьабаазы».