Print this page

Аҧсны Ахада Бадра Гәынба Аҧсны жәлар Аҧсуа бызшәа амш рыдиныҳәалеит

Жьҭаара 27, 2025 18

Адныҳәаларҿы иазгәаҭоуп:

«Акыр иаҧсоу ҳауаажәлар!


Иахьа ҳара иазгәаҳҭоит ҳажәлар рзы лымкаала аҵак ҷыда змоу аныҳәа-Аҧсуа бызшәа амш. Шықәсык ахь мышкы абызшәа иамшны ишрылаҳәоугьы, ҳмилаҭ рзы амшқәа зегь ҳхатәы бызшәа иазкызароуп. Уи ҳмалқәа зегь ирмалуп, уи ҳаиқәырхагоуп, ҳгәадуроуп.

Аҧсуа бызшәа ижәытәӡатәиу абызшәақәа ирхыҧхьаӡалоуп, уи аиқәырхара уалҧшьоуп ҳара ҳзы, уи иаанаго хмилаҭ аиқәырхара ауп.

Аҳәынҭқарра анапхгара ирылшо зегь ҟарҵоит аҧсуа бызшәа адгылара аҭаразы. Абжьаратә школқәа рҿы аҧсуа бызшәа арҵаҩцәа руалафахәы иацҵоуп. Ас еиҧш иҟоу аусхкқәа ирыцҵахоит. Аусбарҭақәа рҿы аиҧыларақәеи, аизарақәеи ҳәынҭқарратә бызшәала иахьымҩаҧырго ахыҧхьаӡара есааира иацлоит. Ахшыҩзышьҭра аҭоуп изызҳауа аҿар агәцаракра роурц азы ҳаамҭазтәи атехналогиақәа аҧсуа бызшәа рыларҵәара.

Шәааи еиқәҳархап ҳбызшәа ҧшӡа, ҳцәажәалап аҧсышәала, идҳарҵап ҳҳәыҷқәа, ирылаҳааӡап уи агәыбылра.

Ҩнаҭацыҧхьаӡа иҩныҩлааит наунагӡа аҧсуа бызшәа, наунагӡа иҟазааит аҧсуа жәлар, иҟазааит Аҧсуа ҳәынҭқарра!»