Print this page

Ажәытә напҟазарақәа еиқәырхауа

Жьҭаара 27, 2025 17

Аԥсны абџьарҟаҵаҩцәеи ажьицәеи Реидгыла ацәыргақәҵа мҩаԥысит Аҟәа.

Аԥсны абџьарҟаҵаҩцәеи ажьицәеи Реидгыла ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Рауль Кобахьиа иазгәеиҭеит ацәыргақәҵа есышықәса ишымҩаԥысуа, аҟазацәа иреиӷьу русумҭақәа афонд аҿы ишаанхо, анаҩс ацәыргақәҵатә зал аиҿкааразы.

«Аидгылаҿ уажәы 15-ҩык рҟынӡа ыҟоуп – ажьицәа рыдагьы иалахуп аҭоурыхҭҵааҩцәа, археологцәа, аетнографцәа. Иҟоуп жәытә традициала ацәа аус адызулогьы», — иҳәеит иара.

Кобахьиа иара убасгьы иҳәеит Аҟәатәи абааш аҩада-мраҭашәаратәи аганқәа руак аҵакыраҿы ишеиҿкаахо аекспозициатә зал, уаҟа аҿар адырра ҿыцқәа рыҭаразы ишымҩаԥыргыло  аҟазара-классқәа, алекциақәа.

Иара убас, аҭааҩцәа ирыдгалахоит  абжьаратәи ашәышықәсақәа ирыҵаркуа аҭоурыхтә артефактқәа – ахәымпалқәа, аҳәызбақәа, аџьаз иалху аихақәа, анапхаҵақәа.

Иалкааны ахшыҩзышьҭра арҭеит асахьаҭыхҩы Баҭал Џьапуа еиҭашьақәиргылаз  ахысҩы ихаҿсахьа,  уи ихыци, ихәымпали, имаҭәеи, иабџьари релементқәа.

Ацәыргақәҵа еиднакылеит ҳаамҭазтәи аҟазареи атрадициеи. Уи абзоурала асасцәа ажьира иадҳәалоу  амаҭәарқәа ахьырбаз инаваргыланы аҟазара-классқәа рхы рыладырхәыртәгьы алшара рыман.