Print this page

Аԥсни Псковтәи атәылаҿацәи рмедиахолдингқәа аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит

Жьҭаара 24, 2025 22

Псков имҩаԥысуаз VI Жәларбжьаратәи амедиафорум аҿы еицаҳзеиԥшу акультуратә ҭынхақәа раларҵәаразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит «Аԥснымедиа» анапхгаҩы хада Роберт Џьопуеи «Амедиацентр 60» анапхгаҩы Ирина Федоровеи.

Роберт Џьопуа инаҵшьны иазгәеиҭеит ажурналистика «ҳаидызкыло цҳак аҳасабала» ишахәаԥштәу:

«Атәылақәеи ажәларқәеи еидызкыло ацҳақәа иреиуоуп ажурналистика. Ҳнапы зҵаҳаҩуа ааиқәышаҳаҭра Аԥсни Псковтәи атәылаҿацәи рыбжьара аизыҟазаашьа бзиақәа рырҿиара иацхраауа шьаҿоуп».

Ирина Федорова иазгәалҭеит аиқәшаҳаҭра шықәсык аԥхьа ихацыркыз аусура ишаҵнаҵо. Илҳәеит:

«Агәра ганы сыҟоуп, ҳаԥхьаҟа аус дуқәа шаҳзыԥшу. Иҳамоу азҿлымҳарақәа хырхарҭала еиԥшуп, аусеицуразы алшарақәа рацәоуп. Шәԥышәа шәымдареи аиҩызара аизырҳареи ҳазыхиоуп».