Print this page

Закәанда ахыбрақәа рыргылара – мап!

Жьҭаара 24, 2025 17

Ақалақь архитектор хада Беслан Багаҭелиа апрокуратура аусзуҩцәеи аҳҭнықалақь аҳаблақәа рыҩнусбарҭақәа рнапхгаҩцәеи  ицны изакәанымкәа иргылоу ахыбрақәа раарԥшразы планла иазԥхьагәаҭоу  аусмҩаԥгатәқәа наигӡоит.

«Аҳҭны-қалақь ахада Ҭемыр Агрба инапынҵала есымчыбжьа агәаҭарақәа мҩаԥаагоит. Ақалақь аҿы иҟоуп хыԥхьаӡара рацәала закәантә шьаҭада иргылоу ахыбрақәа. Џьара-џьара аихагылақәа дыргылахьеит, џьара-џьара ахыбра ауасхыр ашьҭаҵара иаҿуп. Ҳара аргылара ахьымҩаԥысуа аҭыԥқәа рахь ҳнеиуеит, ахыбра аԥшәмацәа ҳаарыԥхьоит, азԥхьанҵақәа раҳҭоит, апкаанҵақәа еиқәҳаршәоит. Ас еиԥш агәаҭаратә усмҩаԥгатәқәа есымчыбжь имҩаԥысуеит», -  иазгәеиҭеит Беслан Багаҭелиа.