Рхәыҷқәа уи рыларааӡон, иддырбон, ирзеиҭарҳәон. Раб Аԥсны еицырдыруаз ихатәраз уаҩын, Аԥсны аполитикатә еибарххарақәа иҟаз, ақырҭцәеи аԥсуааи реиҿагыларақәа еснагь иалахәыз иакәын. Ақырҭцәа имҩаԥыргоз аполитика иаҿагылаз раб ихәыцшьа, ицәажәашьа ҿымҭӡакәан Осман дазыӡырҩуан.
Гәынба Шьалуа Пушкин ихьӡ зхыз Қарҭтәи арҵаҩратә институт афилологиатә факультет доушьҭымҭан. Иԥшәма Алла занааҭла дмедиаҳәшьан. Аус луан Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы.
Шьалуа Қарҭ аҵара аниҵоз аамҭазы, аҵара рҵон: Еҭери Коӷониа, Борис Гәыргәлиа, Шамил Ԥлиа, Гьаргь Гәыблиа уҳәа егьырҭгьы.
Гәынба Шьалуа акыр шықәса рҵаҩыс еиуеиԥшым ашколқәа рҟны аус иуит. Нас Гәдоуҭа араион Ахадара аҟны акультура аҟәша аиҳабыс диаргеит. Убри аамҭазы аԥсуа ҭоурых аҿы еицырдыруа «Аԥсуа шәҟәы» зыхьӡыз, 130-ҩык аԥсуаа рнапы зҵаҩыз, Шьалуа Шьыгә-иԥа инапы анаҵаиҩы ашьҭахь, апартиагьы далырцеит, аусурагьы дамырхит. Усҟантәи аамҭазы «Аԥсуа шәҟәы» иаӡбаз азҵаарақәа рацәахеит. Ақәымчреи ақәыӷәӷәареи зегьы ихигеит. Усҟан иара иааирԥшыз апатриотизм аҭоурых аҿы иаанхеит.
Шьалуа ихәыҷқәа ашколаҿы ибзианы аҵара рҵон. Иԥа Осман Н.Лакоба ихьӡ зху Гәдоуҭатәи абжьаратә аԥсуа школ дҭан. Уаҟа уахгьы-ҽынгьы дызцыз иҩызцәа: Барцыц Анзор, Гәазаа Оскар, Бестаев Бадра Гәдоуҭатәи абжьаратә школ №4 ахь ианиас, Османгьы уахь диасуеит. Ажәабатәи акласс Жәандәырԥшьтәи абжьаратә школ аҟны далгоит.
Ашкол даналга арра дахысуан Владивосток. Шьалуа иԥазаҵә арра данырга, уаҟа арратә ҭоуба аныҟаиҵоз дцеит. Осман иаб инеира иаҟара ицнаҵеит. Усҟан иԥа иҟны иҟазаара акапитан Иурченко ахә ҳаракны ишьеит, усгьы иҳәеит:
– Шьалуа Шьыгә-иԥа, амшынуаа ҳҭоурых аҟны ас еиԥш иҟоу, абасҟак иахьыхароу аҭыԥ аҟынтәи аҭаацәа рахьтә аӡәы даауа иҟамлацызт. Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит!
Шьалуа иԥшәмеи иареи ирылшоз зегьы ҟарҵон рыхшара рзы. Осман арра дахьынӡаҟаз рыԥҳа Есма ААУ дҭалеит, Осман аррантә даныхынҳә иаргьы аекономикатә факультет дҭалоит. Дшыстудентхаз еиԥшҵәҟьа ахеилак «Генекс» аҟны аусура далагоит.
Осман даныхәыҷыз инаркны иҩны дадҳәалан, шамахамзар џьаргьы даангылаӡомызт. Даара ашәҟәқәа дрыԥхьон. Баграт Шьынқәба ироман «Ацынҵәарах» изныкымкәан даԥхьахьан.
Осман ҩнуҵҟала дышәхьан, дгәылҭәаахьан, ибзиангьы идыруан ақырҭцәа 1989 ш. азтәи рымақаррақәа ус баша ишыҟамыз. 1992 ш. нанҳәамза 14 инаркны Осман Шьалуа-иԥа аԥсадгьыл ахьчаразы дгылеит. Иара иҩызцәа Оскар Гәазаа, Аслан Барцыц, Џьон Кәарацхьелиа, Бадра Бестаев уҳәа, Гәдоуҭа ақалақь иаланхо Нодар Шьаҟрыл раԥхьа днаргыланы, аибашьра амҩа ианылеит.
Гәынба Осман Гагра ахақәиҭтәра далахәын. Ашьҭахь, Гарцкиа Авҭандил напхгара зиҭоз агәыԥ «Евкалипт» ахь диасит, урҭ Гәымсҭатәи ахырхарҭаҿы еибашьуан. Иалахәын: ианартәи, хәажәкыра 15-16-тәи ажәыларақәа, Камани, Гәымеи, Ахбиуки рҭарцәра. Иуадаҩыз, ишәарҭаз аибашьратә мҩа ианын Осман дызлаз архәҭагьы. Гәыма аҭарцәраан ӷәӷәала дхәын, ишьапы данықәгыла иаразнак дхынҳәит афронт ахь.
– Осман, – иҳәеит иаб усҟан, – иулшоз зегьы ҟауҵеит, ахәра уоуит, маҷк уаангыл, абар, Гәдоуҭатәи арратә комиссариат иузаарышьҭыз ашәҟәы, уаҟа аус уурц рҭахуп.
Осман ихы-иҿы иԥсахит, урҭ ирҳәоз иара изы акгьы шаҵанамкуаз ҳәаны, иҩызцәа ахьыҟаз амҩа дықәлеит. Иара аибашьраҿы дԥышәан, дхаҵан.
– Осман дабиԥазаҵәын, дааӡан хаҵаҵас, – иҳәеит ицеибашьуаз Шьаҟрыл Нодар. – Уи иҩызцәа дыргәадуран, уахгьы-ҽынгьы сиацәажәаландаз ҳәа уҟалон. Аибашьраҿы ицыз, знык иҿцәажәаз, дызбаз рзы хашҭра иқәымкәан рхаҿы даанхон. Урҭ зегьы ргәалашәараҿы ицқьаз, шәара ззымдыруаз хаҵаны даанхоит.
Осман Аҟәа агаразы ажәылара иалагаанӡа аҩны дааит. Уи иааира ҭаацәала еигәырӷьеит, иԥылеит, афатә ҷыда ҟарҵеит. Осман иаб, иан, иаҳәшьа Есма рызхара дырзымбо, иҿыгәҳәаауа иацәажәон. Ицара аамҭа анааи, зегьы аԥсшәа реиҳәеит, аха акыраамҭа аидыҵра рцәыуадаҩны иеидгылан. Зылабжышқәа ззымҵәахыз иан Алла лхы ааигәыдикылан, лгәы шьҭыхуа ус иҳәеит:
– Маҷк ауп иаанхаз, ирласны аӷа Аԥсны далаҳцоит, нас зегьы рҭыԥқәа рҟны игылоит. Ижәбап ҳаԥсадгьыл Аԥсны ишәҭы-какаҷуа ишыҟало, избо зегьы ҳаҵашьыцлоит Нас ашҭа дынҭыҵит. Ҭаацәала дышцоз ихәаԥшуан, лаԥшыла днаскьаргон. Амҩаду анҵәамҭаҿы даннеи, Осман дааҳәын дыччо инапы иҭаацәа рахь иааиҟьеит. Ишьҭаланы иааиз амашьына дынҭатәан ицеит.
1993 ш. цәыббра 18 рзы аҳҭнықалақь Аҟәа аҭарцәраан, Аиааира жәаҩа мшы шагыз, Осман дҭахоит. Уи иҭахара иҩызцәа ршьапы иқәнарҟьеит. Дышьҭан адауаԥшь иаҩызаз, иабиԥазаҵәыз, аҭаацәара аԥҵара иахьымӡаз Осман Шьалуа-иԥа Гәынба.
Аибашьра ӷәӷәа цон, аха акы иацәымшәакәан Осман Гәынба дицхрааразы зҿыназхаз Быҭәба Асҭамыр ахәра иоуит. Адәы ҟьаҟьаӡа ихтны иахьыҟаз, Осман ишҟа изымнеиуа дышьҭан. Азныказы ажәҩан лашьцеит, ихаҳәхеит аԥсабара иҩызцәа аибашьцәа рзы. Иҭахаз иԥсыбаҩ алыргеит. Дааргон Гәдоуҭаҟа. Дызҭаз амашьынаҿы уахгьы-ҽынгьы ицыз иҩызцәа Џьон Кәарацхелиеи Оскар Гәазааи ихатәан:.
Гәынба Шьалуа иҩны, игәара, иҭахыра шьхныԥсылеит. Иан аԥҳәыс ԥшӡа Алла Аҩӡба-Гәынба ахәышәтәырҭаҿы ахәцәа ацхыраара рыҭо, лхалаҭ шкәакәа лҽылаҳәаны, лхы шьҭымхӡакәан, илылшо нагӡо апалата дшыҩназ, аӡә лнапқәа лызқәа инықәылҵеит, ашырҳәа лхы дҩахеит, иаразнак иагьылдырит иҟалаз, ажәа заҵәык ауп илҳәаз, – «Осман», уаҟа лыԥсгьы лылшәшәеит.
Аҭоурых иаӡыржәны иамаз иаб Шьалуа Шьыгә-иԥа акыр иҽирӷәӷәазаргьы, илабжышқәа дырхәаҽуан, нас аҩны аӡәгьы дахьимбоз днеины деиҵақьызқьызны дҵәуон… Осман имаҭәақәа анишәырхуаз, иџьыба аҭаҭын ҭырхит. Уи ацәаҿы ианын «иҟалап сзамыхаргьы… Иҟалап сыршьыргьы». Гәынба Осман иџьыба иҭаз аҭаҭынҭра аҭоурых иазынхаразы С.П.Дбар ихьӡ зху амузеи аҟны иҟоуп. Уи иҭаҭынҭра ацәа Осман илҵыз ашьала ишәуп.
Гәынба Осман дызлаз агәыԥ акомандир Гарцкиа Авҭандил: – Цәыббратәи ажәылара аан ҳкоманда аҟнытә иҳацәҭахеит: Осман Гәынба, Џьон Кәарацхелиа, Оскар Базба, Анзор Барцыц, Чына Барцыц, Лиова Бганба. Усҟан урҭ анҭахаз Џьон арота акомандирс дыҟан. Осма Гәынбеи Оскар Гәазааи авзводқәа командирцәас ирыман. Арҭ аибашьцәа ҳкоманда иагәыцә хадақәан, ахааназ ԥсра рықәым – иҳәеит.
Гәынба Осман иаб Шьалуа Шьыгә-иԥа лассы-лассы амузеи даҭаауан. – Ара санааилак, Осман дызбазшәа сгәы ҟалоит, уи адагьы, ҳаҷкәынцәа зегьы кыдыӷӷаа иахькыду иԥшьоу ҭыԥуп. Урҭ зегьы рыблақәа ҭраа исыхәаԥшуашәа збоит, исҭахуп аибашьра иҭахаз аӡәаӡәала изызҳауа аҿар ирдыруазарц, рҭоурыхқәа арҵага шәҟәқәа ирнылаларц, – иҳәон иара.
Гәынба Осман аамҭа кьаҿк иалагӡаны аус иуан Аҟәа Аботаникатә баҳчаҿы, Гәдоуҭатәи апарк аҟны. Убри инамаданы, 1996 ш. «Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ зыхҵаз Осман Гәынба ихьӡ амырӡразы, ари апарк ихьӡ ахырҵеит. Шьалуа иԥсы ахьынӡаҭаз игәы иалаз, игәы иҵхоз ируакын, уи ус ҳаиҳәон, амузеи аусзуҩцәа:
– Иахьа зыҷкәынцәа аибашьра иалганы изҵәахыз, зхаҭақәа зынӡа уахь имнеиз удырцәажәаӡом, урҭ пату, ҳаҭыр рықәуп… Аҭоурых анцәа имырӡааит, досу зусҭқәаз, изҿыз аҭоурых иазаанхааит.
Ашәы зҽылаҳәаны ашҭа иқәубаауа Осман иан Алла лыҷкәын иҭахара лгәы ҿнакаауеит, лхьааи лгәырҩеи лыкәшан илхаԥоит, аха хәышәтәҩыс илымоу, лгәырҩа маҷк илхазыршҭуа лмоҭа Саид Ҭаниеи лыԥҳа Есмеи урҭ рбара, рыҟазаара лхьаа арԥсаҳәоит…
Гәынба Осман иашҭа ҭоурыхтә шҭоуп. Ани аби рԥазаҵә иԥсҭазаара аҵкьыс иԥсадгьыл еиӷьишьоит. Афырхаҵа ихьӡ ахааназ ԥсра-ӡра ақәӡам.
Гәынба Осман Шьалуа-иԥа иҩызцәеи иареи зыԥсы ақәҵан ирыхьчаз наӡаӡа ҳаԥсадгьыл Аԥсны иагәыцәзаауеит, иахаҿызаауеит. Абиԥазаҵә иԥсадгьыл ахәышҭаара ахааназ ицәыӡӡом, ифырхаҵара!
Гугуца Џьыкырба