Print this page

Аекологиа ахьчара

Жьҭаара 23, 2025 44

Аекологиазы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа изныкымкәа дрылацәажәахьеит аҵыхәтәантәи жәашықәса рыҩнуҵҟа иҵарны иқәгылоу аекологиа иазку азҵаарақәа жәпакы, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп апальмақәа рҭагылазаашьа, ахьатә бнақәа реиқәырхара, ашыц аҭагылазаашьа, амармалташьтә бты аиааиразы иҟаҵатәу.

Аҟәеи, Аԥсны амшын аԥшаҳәа иахьаҵанакуа егьырҭ ақалақьқәеи рҟны изызҳауа апальмаҵлақәа ирызкны, Савели Ҷыҭанаа иазгәеиҭеит Амшын Еиқәа аԥшаҳәа иахьаҵанакуа асубтропикатә пальмақәа рзы ипроблеманы иҟалаз ишәарҭоу ахәаҷа-маҷа ҟаԥшь аҿагылара қәҿиарала ишымҩаԥысуа. Уи иажәақәа рыла, Аԥсны, ҷыдала Аҟәа апальмақәа рыда ухахьы иузаагом. Аҳҭнықалақь ахаҿсахьеи арҭ атропикатә ҵиаақәеи еиҟәыҭхашьа рымамкәа еидҳәалоуп. Азнаказы ашәарҭара ӷәӷәа ыҟан апальмақәа ахыӡӡаар алшоит ҳәа, аха иахьатәи аамҭазы азҵаара ахәҭакахьала иӡбоуп. Иааиԥмырҟьаӡакәан имҩаԥысуа ахәшәтәрақәа алҵшәа ааргеит, аҵлақәа рҭагылазаашьа уажәшьҭа акырӡа еиӷьуп.
Савели Ҷыҭанаа иажәақәа рыла аԥсабара ԥырхага ӷәӷәа азҭо ахәаҷахкқәа цәырҵит Шәача имҩаԥысуаз аолимпиадатә хәмаррақәа рышьҭахь. Арҭ азҵаарақәа даара ауадаҩрақәа цәыраргеит иара уаҟагьы. «Иааизакны иуҳәозар, долгоносик ҳәа изышьҭоу апальма зфо ахәаҷа зынӡаск ақәхра даара иуадаҩуп. Избан акәзар, Аԥсны аекосистемаҿы ари иҿыцу хкуп, макьана ицәырымҵӡацт иара зфаша, ԥсабарала иаӷоу даҽа хәаҷахкқәак. Аҟәа иааизакны аҭагылазаашьа аиӷьхара шыҟоугьы, Афон Ҿыци Гагреи макьана ашәарҭара шыҟац иаанхоит. Аԥсны изызҳауа апальмахкқәа рацәоуп, дара рыбжьара иҟоуп иҷыдоу ахкқәа. Урҭ иреиоуп афиник зҿало бутиа. «Аекологцәеи, ақалақьқәа рнапхгареи, акоммуналтә усбарҭақәеи ҳажәҩа еибыҭан аус еицаҳуеит. Иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит апальмақәа реиқәырхаразы»,-иҳәеит Савели Ҷыҭанаа.

Иараубасгьы акыр зҵазкуа проблеманы иҟоуп Аԥсны абнақәа «риммунитет» алаҟәра азҵаарагьы. Лымкаала ҳазааҭгылозар ахьатә бнақәа ақәӡаара иаҿуп. Арҭ абнақәа аекосистемазы аҵак ду рымоуп. Ахьала ичоит абнақәа ирылоу аԥстәқәа. Ахьаҵлақәа ҳабнақәа рҿы даара ирацәоуп, урҭ иҳаракӡоу ҵлақәоуп, ахьамҿлых ахә ҳаракны иршьоит, ахьаҿы иара убасгьы ичоит амати еизызго ашьхыцқәа. Ажәакала еилкаауп ари аҵлахкы шаҟа ихәарҭоу. Аԥсны амшын аԥшаҳәа инаркны 1500 метра аҳаракыра аҟынӡа ирызҳауеит ахьатә бнақәа. Ижәытәӡатәиу, Кавказ аԥсабара иахәҭаку, ашәҟәы ҟаԥшь иану ари ареликт ақәӡаара ашәхымс ихықәгылоуп. Аҵлақәа аԥырхага рызҭо акәыкәбаа хкы- крифонектриа аҵлақәа рзы акьыба чымазара иаҩызоуп. Савели Ҷыҭанаа иажәақәа рыла, иара ҳекосистема иалоижьҭеи ҩажәи жәаба шықәса инарзынаԥшуеит, аха усҟан аҵлақәа еиҳа иӷәӷӷәан, аиммунитет рыман аҟынтәи иаиааиуан. Шықәсқәкак раԥхьа ицәырҵыз, ахьа аԥхасҭа азҭо, «каштановая орехотворка» захьӡу ахәаҷа хкы ахьаҵлақәа ргәабзиара арԥсыҽит, уи иахҟьеит акәыкәбаа аларҵәарагьы. Зегь реиҳа аҭагылазаашьа зыруадаҩуа акәны иҟоуп ахьабнақәа иахьрызҳауа аҭыԥқәарахь неишьа ахьамам. Ашьха ҳаракырақәа рахь ахәшә казҭәаша атехника ҷыда нагашьа амаӡам,шьапылагьы цыцра-цырала абна дуқәа хәышәтәышьа рымам. «Уажәы ааскьа Кәыдырҭатәи аҩхааҿы сыҟан. Угәы унархьуеит иубо асахьа, урыҵаԥшны рыхәаԥшразы убла узымхо иҟоу аҵла дуқәа хҩааны игылоуп. Егьырҭ аекологиатә зҵаарақәа зегь раасҭа иахьатәи аамҭазы, ахьақәа реиқәырхара иацу ауадаҩрақәа зегьы ирыцкны исыԥхьаӡоит»,- иҳәеит аеколог.
Ашыц аҭагылазаашьа дазааҭгыло Савели Ҷыҭанаа иазгәеиҭеит, Бзыԥтәи аҩхаа аҿы изызҳауаз ашыц еиқәырхоуп ҳәа ҳҳәар шалшо. Аха ус иҟам егьырахь, аҳаракырақәеи, ашьхареи ирҿыиааз ашыцқәа хҩааит. Избан акәзар, уахь ахәшә нагашьа ҟамлеит. Аверталиот еиԥш адельтаплан алагьы ақәҭәаразы изныкымкәа аҽазышәарақәа шыҟаҵазгьы. Аҳәырԥсаррақәа рҿы еиԥш, Аԥсны араионқәа зегьы рҿы аҭагылазаашьа шамахамзар еиԥшуп. Ажәытә шыц ҵлақәа ахҩаара, ақәӡаара иаҿуп. Иззымдыруа дыҟамзар акәхап ашыц ҳабшьҭрақәа шаҟа пату рзақәыз. Асаби ихчнырҵоз раԥхьаӡатәи ахчы иҭарҵоз ашыц абӷьы акәын. Ашыц ԥхьаӡан амч змоу, агызмал мчқәа ахәыҷы имԥан иаазымго аҳасаб ала. Уи анаҩсгьы, ашыц ашәҟәы ҟаԥшь иану, аҵааршә ду ҟалаанӡа арҭ аҭыԥқәарҿы изызҳауаз реликтуп. Ашыц даара аҽынкыланы ауп ишазҳауа, шықәсык ахь сантиметрак аҟынӡа ауп аура ахьеиҵыҵуа. Иара хҭазкыз «самшитовая огневка» ҳәа изышьҭоу ахәаҷахкы аҵлақәа ахьықәнахыз аҭыԥқәа рҿы, аҿа агылара иаҿуп. «Ашыц иалшоит ахеиқәырхара. Ҳәарада, аҵла дуқәа рҭыԥан реиԥш-зеиԥшыз ргылара аамҭа акыр аҭахуп. Аха, ашыц шанымӡаауа азы агәра ҳгартә, ҳгәы ҳарҭынчыртә ҳаҟоуп",- ҳәа азгәеиҭеит аеколог.
Савели Ҷыҭанаа далацәажәеит сынтәа даҽа аамҭанык еиԥшымкәа ипалыпылуа иҿиаз амармалташьтә бты атемагьы. Аӡәгьы изы имаӡаӡам ҵыԥх аасҭа сынтәа ари ахәаҷа хкы еиҳа ишырацәоу. Аиашазы угәы каҳауан, ахьҭақәа ианрылага ҽыԥхьакра ҳәа абнақәа ирылҵны аҩнқәарахь еихаз абтқәа аҭыӡқәа иркыдчыланы иҟаз аныубалак. Аеколог иажәақәа рыла, урҭ раԥыхра аус аҿы акыр аҵанакуеит реизгара. Аҽыԥхьакразы аҩныҟа ианеихалак ҷыдала дара рзы, акәалаԥқәа рыргылара ҟалоит, дара уа ианҭеибаҳәалак анаҩс урҭ ублыр алшоит. Амармалташьтә бты анырҵәаразы ахәшә акаҭәара ҟалаӡом, уи ԥырхага рнаҭоит ашьхыцқәа. Абас ала даара ақыҭанхамҩа аԥырхага азҭо, шәиҩажәа ҵиаахкы хызфаауа абты макьана иаԥырхагоу, ԥсабарала иаиааиша даҽахкык еилкааӡам. Аха, Савели Ҷыҭанаа агәра ганы дыҟоуп аамҭа иагьа агаргьы зегьы акоуп хыхь излацәажәаз ахәаҷахкқәа зегьы ԥсабарала ираӷоу, изфо даҽакы цәырҵраны ишыҟоу. Макьана уи цәырҵаанӡа иахьынӡауала раанкылара аҽазышәалатәуп.

Елана Лашәриаҧҳа