Print this page

Ареспублика ашколқәа рҟны имҩаԥысуеит Аԥсуа бызшәа амчыбжь

Жьҭаара 22, 2025 12

Ари аамҭазы ашколхәыҷқәа рзы азҿлымҳара змоу хҭысны иҟоуп аԥсуа поет Баграт Шьынқәба иқыҭа гәакьа Ҷлоу иҟоу иҩны-амузеи аҭаара.

Заԥхьаҟа ипоет духараны, ипрозаикхараны иҟаз, еицырдыруа ароман «Ацынҵәарах» автор дахьииз иҩны-амузеи експозициаҿы иҟоуп хаҭалатәи имаҭәахәқәа, адокументқәа, афотосахьақәа, агәаларшәагатә ҳамҭақәа.

Аҟәатәи абжьаратә ашкол №6, 8-тәи акласс аҵаҩцәа амузеи адиректор ихаҭыԥуаҩ Марина Џьапуаԥҳа аекскурсиа анырзымҩаԥылга ашьҭахь, ашҭаҿы инеи-ааит. Урҭ Баграт Шьынқәба иажәеинраалақәа ирыԥхьеит, ирҳәеит ашәақәа, инарыгӡеит аԥсуа кәашарақәа.

«Ашколхәыҷқәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аԥсуаа, аурысцәа, аерманцәа, аҟабардақәа, иҟоуп лассы-лассы ақыҭақәа рахь имаауа, аԥсуаа рыбзазара бзианы иззымдыруа. Зегьы азҿлымҳара ду рыманы аекскурсиа мҩаԥызгоз илзыӡырҩуан, азҵаарақәа лырҭон», – лҳәеит ахәыҷқәа ирыцыз аԥсуа бызшәа арҵаҩы Ада Гергиаԥҳа.
«Даара ибзианы иаҳԥылеит, иаҳзеиҭарҳәеит Баграт Шьынқәба иԥсҭазаара, аԥсуа ҵасқәеи ақьабзқәеи рымҩаԥгашьа», – ргәаана ҳацеиҩишеит ахәыҷқәагьы.