Print this page

Chanel зыршанхаз аԥсуа ҭыԥҳа

Жьҭаара 20, 2025 47

Аԥсуа ԥҳәызба лгылашьа, лтәашьа уҳәа лхымҩаԥгашьа еиҿкаа, ҭеиҭԥшла лыԥшӡара жәытәӡа аахыс аҭоурых иадыруеит. Иҳаҩсхьоу ашәышықәсақәа раан аҳәаанырцәтәи аҵарауааи, аныҟәаҩцәеи аӡәырҩы изныкымкәа иазааҭгылахьан уи.

Лара лыблахкыгара иаршаҳаҭгоуп ҳмилаҭтә сахьаркыратә ажәа азҟазацәа, зхыԥхьаӡара маҷым раԥҵамҭа хьыршәыгәқәагьы. Уи даҽазныкгьы изырҵабыргуа хҭысхеит, мышқәак раԥхьа, адунеи аҟны еицырдыруа Парижтәи амодақәа рыҩны Chanel аҭааҩцәа зыршанхаз Адица Берзениаԥҳа лцәырҵра.
«Аеҵәа кыдхны унапы иадыркыр иззуҭаху удыруазароуп. Уи ҳәарада ицоуп, ишуп… иззуҭаху узымдырыр инаумпыҵҩрны икаҳауеит. Аха, излаузхырҳагоу удыруазар гәрагарала, ишцоугьы акышьа уҽақәуршәоит» ҳәа, Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа ишазгәеиҭахьаз еиԥш, Адица Берзениаԥҳа Ҳазшаз илыцишаз лыԥшӡара имҩақәнаҵаз лҟазара, лхәыҷра аамҭақәа инадыркны «ишцаз акышьа» лҽазлырманшәалеит.
Иарбан ҟазара хкызаалак амаршә кны, еснагь иахӡыӡаалатәуп, алаԥш хаа ахызароуп. Ҩажәи ԥшьба шықәса иреиҳам Адица, ирацәам аамҭақәак раахыс лҽыззылкыз – аамҭа иақәшәо ацәашәҵатәы аӡыргара аусхк аҟны, илылшахьеит имаҷымкәаны аихьӡарақәа раарԥшра. Ҳажәлар ирылаҵәахьоу лыхьӡ наҩхьеит убасгьы, ихатәроу аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа жәпакы рҟнынӡагьы.

Аԥшӡақәа дызларылукааша ахатә ҷыдарақәа акыр ирылаҟоу Адица лнапы злаку аусхк даднагалеит ԥшьышықәса раԥхьа, аус лыцызуаз, афотосахьаҭыхра иазҿлымҳаз лҩыза, иҭылхыз лфотосахьақәа ркьыԥхьразы аҳәаанхыҵтәи ажурналқәа руак ажәа анлыднагала инаркны. Уи аахыс Адица дыблахкыгаха лфотосахьақәа рнылахьеит адунеи аҟны заларҵәара ҳараку, амода азҿлымҳаҩцәа зыхә ҳаракны иршьо, еицырдыруа аҭыжьымҭақәа: “Miu Miu”, “Prada”, “Ralph Lauren”, “Blumarine” аԥхьатәи адаҟьақәа рҟны. Иара убас, ацәашәҵатәы аӡыргаратә рбарақәа ирызку аусмҩаԥгатәқәа акыр рышҟа днарԥхьахьеит Франциа, Италиа уҳәа жәпакы Европатәи аҳәынҭқаррақәа рҟны еицазхарҵахьоу амодақәа рыҩнқәа рахь.
Уажәазы, Адица лоуп Париж, аҭоурых ҵаулеи ахьыӡ дуи змоу амодақәа рыҩны Chanel аҟны имҩаԥысуаз, уи адизаинер ҿыц, зҟазара ҳаракӡоу ацәашәҵатәыӡахҩы Матье Блази раԥхьатәи иколлекциақәа дырбара аазыртыз. Ари, ҳәарада, амодель лхаҭа леиԥш, уи дызхаҭарнаку ажәлари лыԥсадгьыл гәакьеи рӡыргаразы акырӡа зҵазкуа хҭысуп.
Иаҳхысыз ашәышықәса, 20-тәи ашықәсқәа рзы Chanel аподиумқәа рҟны изныкымкәаны лыԥшӡара иаршанхахьан зҭеиҭыԥш ухнахуаз Чачԥҳа Мери. Ааи, аҭоурых шьҭрақәлоит ҳәа башаӡа ирымҳәозаап... ахьышьҭрахь ихынҳәит уи, ари аусхк ахырхарҭала ҳҳәарц ҳалшоит мҩашьарада. Ԥхьаҟагьы шьапымшла!
Ахәаԥшҩцәа аӡәырҩы ишазгәарҭо еиԥш, Адица леинаалара инаҷыданы, иаалырԥшит ҩаӡара ҳаракыла, дызхаҭарнаку ажәлар рхаҿра, рцәаҩа, урҭ рҵас-рқьабз аҳәаақәа дырҭымсӡакәа иӡырылгоз лышәҵатәы ала. Лыҿцәажәарақәа рҟнытә иаҳдыруеит, амодельра амҩа дананылоз аԥхьанатәгьы, лхаҭара иашьаҭоу аԥсуа хымҩаԥгашьа лҿаԥхьа иргыланы лус дшазнеиуаз. Адица лаԥсуара даҽазныкгьы иарҵабыргуеит ацәашәҵатәы ҭзыжьуа, зыхьӡ нагоу афирма Versace аҭыжьымҭақәа рӡыргара анлыдыргала, урҭ мыцхәы ауаҩы ицәеижь ахьхыртуа аҟнытә мап ахьылкыз. Аԥсуа ибзазара иауасхыру Ауаҩра, зегьы ирыцкуп ҳәарада, уи ақәныҟәара ианакәызаалак ауаҩы дарԥшӡоит, дыҭнагоит.

Араҟа иазгәаҭатәуп даҽакгьы. Адица арбарақәа рзы лҽазыҟаҵарақәа рахьтә аԥсшьаразы, август мзазы ҩымчыбжьа ҳәа лыԥсадгьыл гәакьахьтә, Парижҟа даныхынҳәуаз, уахь иналгеит Аԥсны аӡбахә зларылалырҵәаша аҳамҭақәа – абираҟ хәыҷқәа, еиуеиԥшым аҭыԥ ԥшӡарақәа зну аҭыхымҭақәа, сахьала иҩычоу, акалам иалху аҩыгақәа… иара убас, амилаҭтә чысхкқәа ргьамабара злеиҿылкааша – аҩеиқәаҵәа, ашәырҩа, аџьанџьыхәа, ирҩоу аҭыԥантәи ашәырхкқәа уҳәа. Лажәа ауцәамкәа, мыцхәы уамшьуа, лҳәоуқәа еилфаҷа аҷҷаҳәа хатәы бызшәала данҳаҿцәажәоз иазгәалҭеит урҭ ргьама збаз, амодақәа рыҩны Chanel аҟны аус зуа Франциа атәылауаа реиԥш, егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәагьы гәахәара ҳаракыла ишрыдыркылаз, азҿлымҳара ҵаулагьы шаадырԥшыз Аԥсни аԥсуааи рышҟа. Ари ашьаҿагьы, Адица лыԥсадгьыли лыжәлар гәакьеи рахь илымоу абзиабареи, урҭ рыхьӡ-рыԥша аихаҳареи рзы иҟазшьарбагоуп ҳәарада.
Зыжәлар ргәеисыбжь еилыкка згәаҵаҿы изнырны, уи еиламгакәа зҟазараҿы иаазырԥшуа роуп, аразҟы ду зманы, ихаҭәааны аԥсҭазаара ԥхьаҟа анагара зылшо. Ус иҟоу Анцәа идоуҳамч ала ҩнуҵҟалатәи аӷәӷәареи аилкаара ҷыдеи злоу хаҭарақәоуп.
Ианакәызаалак аԥхьаҟатәи зыгәҭакқәеи зшьаҿақәеи маӡоу аԥсуа модель иахьа аус рыцылуеит амодақәа рыҩны Chanel-и, имодоу ацәашәҵатәы аӡыргараҟны зыҩаӡара ҳараку франциатәи ԥштәыхкылатәи ажурналқәа руаки.
Зҭоурых азқьышықәсақәа иргәылоу Аԥсынтәыла ган рацәала аӡыргареи аԥхьаҟатәи аԥеиԥш лаша аихаҳареи ирзааԥсо абиԥара ирхаҭарнаку Адица Берзениаԥҳа ақәҿиара ҳаракқәа лԥеиԥшзааит еснагь.

Ахра Анқәаб