Print this page

Аԥсны Аҵарадырра Аминистрреи Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә агуманитартә университети аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит

Жьҭаара 17, 2025 20

Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит аҵара аминистр Хана Гәынбеи Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә агуманитартә университет аректор, аполитикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Андреи Логинови.

Аиқәышаҳаҭраҿы иарбоу ихадоу ахырхарҭақәа иреиуоуп:

аҵара иадҳәалоу азҵаарақәа рҿы аԥышәа аимдара;
анаука-техникатә усеицура арҿиара;
жәларбжьаратәии амилаҭтә
программақәеи апроектқәеи ралахәхара;
аҩганк зызҿлымҳау аинформациа аимдара.