Иахьатәи аҽазыҟаҵарақәа ретап хықәкы хадас иамоуп – аконтртеррористтә операциа амҩаԥгараан амчратә усбарҭақәа русура аҳәаақәҵара.
Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп: Аҳәынҭқарра ашәарҭадаратә маҵзура иҷыдоу аҟәшақәа, Аоперативтә усмҩаԥгатәқәа рынагӡара аҟәша, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, Атәылахьчара аминистрра.
Арратә зыҟаҵарақәа рыплан инақәыршәаны, "атеррористцәа" ирымпыҵархалаз аобиектқәа иакәшан иаанкылатәын, анаҩс урҭ «ирымпыҵархалаз» ауаа рхы иақәиҭтәын.