Print this page

Аминистрцәа Реилазаараҿы

Жьҭаара 14, 2025 20

Аԥсны иреиҵаӡоу ауалафахәы 20 000 мааҭ ыҟазароуп ҳәа ишьақәыргылан Аминистрцәа Реилазаараҿы.

Уажәы иреиҵаӡоу ауалафахәы абиуџьетнҭыҵтәи аиҿкаарақәа рҿы 10 000 мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  Уи азы ԥхынгәымза  28, 2022 шықәсазы иҭыжьыз «Мызкатәи иреиҵаӡоу ауалафахәы  ахышәа-ҵышәа ашьақәыргыларазы» ақәҵара  аиҭакра алагалахеит.

2025 шықәса аԥхьатәи хәымз аихшьалақәа рыла, ареспубликаҿы иреиҵаӡоу ахныҟәгаратә аҩаӡара — 16 200 мааҭ ҳәа ишьақәыргылоуп, уи уажәы иҟоу иреиҵаӡоу ауалафахәы аасҭа еиҳауп.

Афинансқәа Рминистрра ԥхынгәымза 1, 2026 шықәса иахымгакәа аҳәынҭқарратә усбарҭақәа, аусҳәарҭақәеи аиҿкаарақәеи русзуҩцәа мызктәи руалафахәы еиҵаӡоу ахышәа-ҵышәа ашьҭыхразы ажәалагалақәа ахәаԥшразы Аминистрцәа Реилазаара ахь анашьҭра азы анапынҵа аҭоуп.  

Ақәҵара азинмчы аиуеит 2026 шықәса ажьырныҳәамза 1 инаркны. «Иарбоу аусшәҟәы еиқәыршәан, анаҩс ишьақәырӷәӷәан Аԥсны Аџьатә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 122 анагӡара иазырханы. Иарбоу ахәҭаҷ ишаҳәо ала, Аминистрцәа Реилазаара астатистика аусхк аҿы азинмчы змоу аусбарҭа ишьақәнаргыло адыррақәа ирықәныҟәаны еиҵаӡоу мызктәи аулафахәы шьақәнарӷәӷәоит. Уи ахныҟәгаратә минимум еиҵамзароуп», –  иҳәеит аекономика аминистр Ҭемраз Амқәаб.

«Уаанӡа иреиҵаӡоу ауалафахәы — 5 000 мааҭ ҳәа ишьақәыргылан, анаҩс 10 000 мааҭ ахь ишьҭыхын, ҩышықәса раԥхьа — 15 000 мааҭ ҳәа. Ҳазҭоу ашықәс азы, астатистиказы Аҳәынҭқарратә еилакы адыррақәа рыла, 2025 шықәса 5 мыз рыла мызкы азы ахныҟәгаратә минимум 16 200 мааҭ рҟынӡа инаӡеит», –  иазгәеиҭеит аекономика аминистр.

Аекономика Аминистрра афинансқәа Рминистрреи астатистиказы Аҳәынҭқарратә еилаки русеицурала еиҵаӡоу аулафахәы 20 нызқь мааҭ аҟынӡа анагаразы апроект еиқәнаршәеит.

«Ақәҵара азинмчы аиуеит ажьырныҳәамза 1, 2026 шықәса инаркны. Аусдкылаҩцәа аамҭа роуроуп,  2-3 мыз рыла русзуҩцәа руалафахәы ашьҭыхра аҽазыҟаҵаразы», – иҳәеит Ҭемраз Амқәаб.

Аԥыза-министр Владимир Делба аусхкқәа жәпакы рҿы бжьаратәла аулафахәы 20 нызқь мааҭ еиҳауп ҳәа иазгәеиҭеит.    

«Аҭагылазаашьа ахылаԥшра аҭахуп, аиҭакрақәа алагалалатәуп, усҟан ииашоу ашәахтәқәҵарагьы ҟалоит, ииашаны аџьаԥса ашьақәыргыларагьы алыршахоит. Мамзар иахьа усхкқәак рҿы ауалафахәы 50 – 60 нызқь рҟынӡа инаӡоит, егьырҭ аиҿкаарақәа рҿы иадырбоит 5 - 6 нызқь мааҭ, уи, ҳәарада,  иҟоу аҭагылазаашьаҵәҟьа иақәшәаӡом», -  иҳәеит Владимир Делба.