Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра аҧсшәа реиҳәеит аҭоурыхтә ҭыҧ Лыхнашҭа жәытә-натә аахыс имҩаҧысуа ҭагалантәи аныҳәа зхы алазырхәыз асасцәеи аҧшәмацәеи, иара убас аныҳәа рыдиныҳәалеит.
Ахада иҳәеит амилаҭтә қьабзқәа рыхьчара иамоу аҵакы, иазгәеиҭеит ари аныҳәа ажәлар шеиднакыло.