Print this page

Апоезиа — ауаҩытәыҩса игәаҵахь уназго амҩа

Жьҭаара 10, 2025 129

Ажәа гәазырҳага еинаала, аҳаракыра иазцоит ихиаала, ажәа сахьарк, ажәа еинаала, аԥсы аханаҵоит ажәеинраала…

Иҵабыргны, ихааӡа, ҵҩа змам ацәаныррақәеи ахәыцрақәеи угәаҵа иҭарыԥсоит жәеинраалала иҩу ацәаҳәақәа. Урҭ ахьырҵәаҵәа иалху еимхәыцушәа еихаԥсоуп, рифмала иҩычоуп, аԥсҭазаара аритм ргәылакуп.

Апоезиа — ари акырӡа иҳараку бызшәала аԥсҭазаара аарԥшышьа аформақәа иреиуоуп. Уи иамҽханакуеит нҵәара зқәым ажәа сахьарк, аҭоурыхқәа, ацәаныррақәа, агәҭахәыцрақәа, агәҭакқәа. Апоезиа аԥсҭазаара абжьы аныԥшуеит, уи алагьы иара аԥызҵо автор иажәа наӡаӡа еиқәнархоит, иагәыҵак иакызаалоит. Иара ауаҩы идоуҳатә дунеи иахәҭа хадоуп, ес-ииуа абиԥарақәагьы ажәа сахьарк арҿиара ргәацԥыҳәалароуп.

Ишдыру еиԥш, ҳаԥсуа сахьаркыратә литература иагәылакуп ҳашәҟәыҩҩцәа дуқәа рбаҩхатәра ҳаракы зныԥшуа, поезиала иҩу арҿиамҭа ҟаимаҭқәа рацәаны. Урҭ ихацдыркыз амҩа иахьагьы еизҳауеит, ажәа сахьарк ҳбызшәа абеиареи ҳдунеихәаԥшышьеи аныԥшуеит, иҿиалоит иара ҳаԥхьаҟагьы, избанзар нҵәара ақәым ажәа еинаала, уи иамҽханаклоит ашықәсқәа ицәырырго иҿыцу ахәыцрақәа жәпакы.

Апоезиа агәыбылра аҿар рылааӡара инамаданы, жьҭаарамза 2 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет ажурналистика аҟәша аҟны имҩаԥган ажәеинраалақәа зыҩуа ани аԥҳаи Валина Быҭәбеи Гәында Шьоууеи рԥылара.

Уи аиԥылара рхы аладырхәит ажәеинраалақәа зыҩуа алитература абзиабаҩцәа: Нона Лашәриеи Зина Сабекьиеи, иара убас ажурналистика ахырхарҭала аҵара зҵо астудентцәа. Аиқәшәара еиҿылкааит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ажурналистика акафедра апрофессор Екатерина Гьа­ргь-иԥҳа Бебиа.

Валина Бабышь-иԥҳа Быҭәба, апоезиаҟны абаҩхатәра ду злоу, зҩымҭақәа еиуеиԥшым атемақәа ирызку, зыԥсҭазаара зегьы аҵареи ааӡареи ирзызкыз рҵаҩуп. Лара даԥхьеит аҿар ргәаҵанӡа инеиз, аамҭа ицәырнаго азҵаарақәа жәпакы рҭак зныԥшуа, узырхәыцуа, ажәеинраалақәа маҷымкәа. Лара лҩымҭақәа аԥсҭазаара саркьаҵас ирнубаалоит, ауаҩы игәы иҵхо азҵаарақәа дрызнеиуеит, урҭ зегьы ажәа ҳаракыла раарԥшра лыллыршоит. Валина Бабышь-иԥҳа лырҿиамҭақәа данырзааҭгыла ашьҭахь, илзыӡырҩуаз зегьы ирзеиӷьалшьеит агәабзиара, аманшәалара, ақәҿиара дуқәа рнапы злаку аус аҿы. Лара лыԥҳа Гәында Шьоууа лакәзар, Аԥсуа телехәаԥшраҿы корреспондентс аус луеит, ажәа иадҳәалоу аҟазара лан леиԥш ларгьы лыгәбылра ацуп, ажәа арҿиара бзиа илбоит. Гәындагьы аҿар дырзаԥхьеит лажәеинраалақәа, уи ала даҽазныкгьы ишьақәлырӷәӷәеит ажәа ахаангьы нҵәара шақәым, ажәа аҟазара еиуеиԥшым абиԥарақәа ишеимырдало. 

Аиԥылара иалахәыз Нона Шьаликәа-иԥҳа Лашәриа иҩуа дреиуоуп, дырҵаҩуп. Аус луеит Аҟәатәи абжьаратә школ №5 аҿы. Лара лцәажәараҿы иазгәалҭеит аиԥш зеиԥшу аиԥыларақәа шьарда шрыҵаркуа, аҿар рбызшәа абеиара апоезиаҿы ирбар шрылшо, уимоу апоезиа абзиабара згәаҵа иҭоу уи иацәхьамҵкәа рхәыцрақәа ақьаад ахь аиагара рҽазыркыр амҩа лаша шырзаанартуа.

Ажәеинраалаҩра знапы алаку, ашәҟәқәа иргәылаку ацәаҳәақәа малҵас изыԥхьаӡо, аиԥылара зхы алазырхәыз Зина Сабекьиаԥҳа аус луеит Аҟәа араион иаҵанакуа абиблиотекаҿы, иара убас Академиа иатәу абиблиотекаҿы. Ларгьы лҩымҭақәа дырзааҭгылеит, аԥсҭазаара илыҵанаҳәо ацәаҳәақәа дрылацәажәеит, аҿар рыгәҭаны имҩаԥгаз аиԥылара ахә ҳаракны ишылшьо атәы лҳәеит, астудентцәа рыԥсҭазааратә мҩаҿы нҵәара зқәым аихьӡарақәа рзеиӷьалшьеит.

Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны Валина Быҭәба авторс дызмоу ажәеинраалақәа ирыԥхьеит астудентцәа: Зақараиа Хамида, Ферызба Лаура, Кәыҵниа Милена, Хведелиӡе Анжела, иара убас ргәаанагарақәа ҳәо иқәгылеит астудентцәа: Амҷба Мадина, Бебиа Раиана, Логәуа Илона, Ҳаразиа Саида, Ҳаџьым Миранда, Воуба Ревекка.

Аиԥылара мҩаԥысит акыр аԥхарра аҵаны, иалахәыз зегьы гәахәарыла ирыдыркылеит. Иахьатәи аамҭазы аԥсуа поезиа еиҳагьы аӡыргара шаҭаху, уи аҿар разхьарԥшра иақәнагоу акакәны ишыҟоу, убри инамаданы имҩаԥгаз аиԥылара апоезиа иаҵанакуа аилкааразы шьаҿа дуны ишыҟоу уҳәа азгәарҭеит астудентцәа. Дара иҭабуп ҳәа ларҳәеит раԥхьа инаргыланы аиԥылара еиҿызкааз Екатерина Гьаргь-иԥҳа, иара убас ирҭааз асасцәа.

 

 Раиана Бебиаԥҳа,

ААУ афилологиатә факультет

ажурналистика аҟәша

аҩбатәи акурс астудент