Print this page

Жәандәрыԥшь – Владислав Арӡынба ибаҟа аартра...

Жьҭаара 09, 2025 59

Сынтәа, 2025 шықәсазы, «Владислав Арӡынба ишықәс ауп!» ҳәа, Аҧсны зехьынџьара иҳаларҳәеит. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба ус еиҧш иҟаз Аусҧҟа инапы аҵаиҩит!..

Маи 14 аҽны, Владислав иҧсы ҭазҭгьы – 80 шықәса ихыҵуазаарын! Аҧсуа ишықәсрацәа анҵыра иадыукылозар, уи ашықәс акры ыҟахыума: «аҧсуа – иҭәымҭа данҭагылоу!» - аамҭоуп...
Араҟа, иалкаатәу, ари амшныҳәа ҳажәлар ишрыдыркылаз ауп! «Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусҧҟа уалс иҳаднаҵоит, инагӡатәуп!» ҳәа, уалшәагас акәымкәан, агәаҵантә иаауо аҧхарра, агәыблара дуӡӡа рыҵаҵаны, Аҧснаа зехьынџьара ари аус ҧшьа - ишахаҵгылаз ауп!.. Ҧшра ҟамҵакәан, Владислав Арӡынба 80 шықәса ихыҵра иазкны, игәалашәара иадҳәалоу аиҧыларақәа, аиқәшәарақәа, акультуратә хҭысқәа, акьыҧхьтә статиақәа, изкыу ашәҟәы ҷыдақәа рҭыжьра уҳәа, Аҧсны ахышәара-ҵышәара иқәынхо ҳауаажәлар зегьы, гәык-ҧсыкала имҩыҧырго, ихацдыркуа рҿынархеит…
Ас еиҧш гәыҳалалла Аҧсны ҳажәлар рхымҩаҧгашьа ҵаҵҕәыс ирымоугьы ҳәатәуп араҟа! Урҭ уасхырс ирымоу - Владислав Арӡынба изы ргәаҵантә иаауо, изыркыз, иахьагьы изырҳәо иҧшьоу ражәақәа роуп! Иара изы гәрагара ҕәҕәала ирымоу, изырчаҧаз ргәаанагарақәа роуп!.. Цқьа шәазхәыц, рҵакы зеиҧшроу, абраҟа искьыҧхьо, ҳаҧсуа жәлар рҧа хазына, рҵеи лаша изыркыз ражәа лыҧшаахқәа…
Аҧсуа жәлар ргәаҵантә иаауо арҭ ражәа хьыршәыгәқәа, ражәа цаҳә-цаҳәқәа абас иҟоуп: «Владислав Арӡынба – аҧсуа жәлар Ҳаҧхьагылаҩ, Ҳҧыза!», «Владислав Арӡынба – ҳ-Анцәа!», «Владислав Арӡынба – аҧсуа жәлар рыҧсҿыхга, рхәырбҕьыц!», «Владислав Арӡынба - аҧсуа жәлар ҳаиқәзырхаз, Аҧсны зыхьчаз, Ҳаҧхьагылаҩ!», «Владислав Арӡынба – аҧсуа жәлар Аиааира дзыргаз, Ахақәиҭра рзаазгаз!», «Владислав Арӡынба – иахьа иҳамоу Ихьыҧшым Аҧсуа ҳәынҭқарра ҳзаҧызҵаз, раҧхьатәи Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада!», «Владислав Ардзинба – вечный символ Абхазского государства!», «Владислав Арӡынба – аҧсуа жәлар рмилаҭтә Фырхаҵа дуны дыҟан, дыҟоуп, даанхоит наӡаӡа!», «Владислав Арӡынба – зыжәлар рыгәрагара зҽаҧсазтәыз иоуп!», «Владислав Арӡынба – зыҧсҭазаара зегьы ҳахҭнызҵаз иоуп!», «Владислав Ду – ҳара Ҳныханӡанра!»…
Аныханӡанра урысшәала иаанаго «Алтарь» ауп. Уи «алтарь» - Аныханӡанра, ақьырсиантә уахәамаҿы, Жәҩангәашәҧхьарахь рхы рханы ауаа - Анцәа ду иахьимҵыныҳәо иҧшьоу ҭыҧуп! «Владислав Ду - Иҧшьоу уаҩны дыҧхьаӡатәуп («надо причислить к лику святых!»)!», «Ус изаҳҳәалозароуп аҧсуаа ҳныхақәа рымҵан, Анцәа ду ҳаниашьапкуа Ҳныҳәарақәа рҿы, ҳқьырсиантә уахәамақәа рҿы!», - ҳәа…

Саргьы сышәҟәқәа рҿы искьыҧхьхьеит, Владислав Арӡынба изыскхьоу - схы-сыхшыҩ иаӡбыз, сдырра иалнакааз, ажәа лыҧшаахқәагьы. Урҭ ҩуп аҧсышәалеи урысшәалеи: «… 1989-тәи ашықәс аан даацәырҵит, дшьақәгылт Владислав Арӡынба – милҭтә Ҧхьагылаҩны, аҧсуа жәлар рмилаҭтә-хақәиҭратә қәҧараҿы Дҧызаҩны!». «… 1989 год и с восхождением на государственно-политическом небосклоне Абхазии, такая выдающаяся личность, как Владислав Ардзинба, с его появлением на Олимп национально-освободительной борьбы абхазского народа, как Предводитель Абхазии, Лидер абхазской нации!..». «Владислав Ардзинба – великий сын абхазского народа!», «Владислав АРДЗИНБА при жизни удостоился звания «Великий Владислав!» - «Владислав Ду!»… как «всенародный титул» - признание небывалых заслуг!»… «Владислав Арӡынба – дыҧсҿыхгаҩны, дмеилаҭеиқәырхаҩны дҳазкашәеит, усҟан аҧсуаа зегьы !»…
«… Именно 1989 год, все последущие общественно-политические события в Абхазии того года… «взрастили», «выпестовали» Владислава АРДЗИНБА в «Предводителя» - «Аҧыза» в национально-освободительной борьбе абхазского народа!.. Перечисленные факты в «совокупности обстоятельств и причин времени», «момента истории» - выдвинули и поставили Владислава АРДЗИНБА на пьедестал «Лидера абхазской нации» - «Аҧсуа жәлар Раҧхьагылаҩс!»…
«… Абхазский народ зароптал! Приобщился к обособленным молитвам, мольбам!.. Свои молитвенные слова и взоры направили к небесам, где «восседал» Всевышний Бог – Анцәа, к своим Светилищам – Анан-Апсны Лдзаа-Ныха (Аҧсны Аныхақәа Ран), Лых-Ныха, Дыдрыпшь-Ныха (Аҧсны Аныхақәа Раб), Елыр-Ныха… Произносились их – Глас: «Нас спас Владислав Ардзинба!»…
«… Появления личности «великого Владислава Ардзинба» в 1988 году, как вихрь, тайфун на государственно-политическом небосклоне в Абхазской АССР, затем – в Республике Абхазий, абхазы восприняли Знамением, Всевышним Благословением, Знаковым явлением Вселенной в их стране - Апсны! «Анцәа ду Владислав Арӡынба даҳзылбааишьҭит. Аҧсны Анцәа ихазы иалхны имаз, аҧсуаа иҳаиҭаз, иҧсадгьыл акәымзи! Владислав Ду ила ҳаиқәирхыит!». «Всевышний Бог ниспослал нам Владислава Ардзинба! С помощю Великого Владислава он спас нас от погибели! Ведь и земля наша, в своё время была Божественная, подаренная абхазам!», - молились абхазы... И, утвердилось народное пожелание – молитвенная мольба-вердикт «как жертва на Алтаре Свободы и Независимости, как мученика за абхазский народ и Апсны, причислить великого Владислава Ардзинба к Лику святых», «с благо-изволением и волеизявлением Абхазской Церкви!»…
Арҭ, Аҧсуа жәралзегьтәи ргә­аҵантәи иаауа ажәа ҧшьақәа, еицакра рықәымкәан, шьҭа «Аҧсны аҭоурых» иазынхыит! Ас аҧсуа жәлар зегьы РЫБЗИАБАРА «ҟьалан имааӡыит», «иалнахыз далнахҵәҟьеит», «Аҧсуа жәлар рҵеи лаша, рҧа хазына - Владисла Ду - иакәхеит уи!»...

Аҧсны зегьы азы, ихҭысуп ҳәа азыуҳәаратәы иҟалеит, маи 12 аҽны, Жәандәрыҧшь ақыҭан Владислав Арӡынба ибаҟа аартра! Имш иира ҩымш шагыз! Ибаҟа анысҳәа, Владислав ихәамц – ибиуст ауп иҟаҵоу! Аџьаз рҭәаны иалхыу! Ахаҳәеиларҭәатә бетон иқәыргыланы! Владислав Ду иҧшра, иҭеиҭыҧш џьбара, ифырхаҵаратә цәаҩа аныубаало иҟаҵоуп! Даараӡа иманшәаланы, ҟазарыла аҧсуа жәлар Рҧыза, Раҧхьагылаҩ даарҧшуп! Урҭ зегьы Владислав ихаҿсахьа ианирҧшит ари аскульптуратә усумҭа хазына зыҟаҵамҭоу - Витали Џьениа, Аҧсны еицырдыруо аҧсуа сахьаҭыхыҩ аҟаза ду. Абаҟа архитекторс дамоуп Салима Малиаҧҳа.
Владислав Арӡынба – аџьазтә еиларҭәа иалхыу ихәамцтә баҟа (ибиуст) иахаршәыз ашьаршьаф шкәакәа анихырх, уаҟа ааигәа игылаз аҧсуа аруаа ҩыџьа, хынтә еиқәырццакны ихысит!.. Еилақь иеилагылаз ауаа рхаҿқәа ааихалашеит, гәыблыла, гәыраз-блала Владислав Ду иҭеиҭыҧш инагәыдҧшылеит! Урҭ ҳрылагылан ҳаргьы…
Ҳара ҳәа сызҿыу… Ҳаҳҭны қалақь Аҟәантә ҳлеит, ҷыдала уахь ааҧхьара змаз - Анатол Марколиа, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Ахада ихаҭыҧуаҩы, академик, Аҟәатәи афизика-техникатә институт адиреқҭор хада, Азареҭ Аиба, Аҧсны ихьҧшым азаанаҭеидгылақәа Рфедерациа ахантәаҩы, ари астатиа зыҩҩыз, аҭоурыхҩҩы, кавказҭҵааҩ - Игор Марыхәба.
Арахь иааит: Владислав Арӡынба иҧшәма ҧҳәыс – Светлана Џьергьениаҧҳа, Аҧсуа жәлар Рџьыџьтәылатәи еибашьраан зыҷкәынцәа ҭахаз, анацәа Рхеилакқәа рхантәаҩцәа - Тома Аҩӡҧҳа-Езыгәбаиа, Гәыли Кьычҧҳа, Емма Ермолова, Сергеи Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи амузеи анапхгаҩы Гугуца Џьыкырҧҳа, Аҧсны Абыргцәа Рхеилак ахантәаҩы Аполлон Ҭәмаа (Думаа), Аҧсны Аҳәынҭқарра анапхгара ахаҭарнакра зуаз - Џьансыхә Нанба, Гәдоуҭа араион Ахада Валери Аҩӡба, ателехәаҧшра «Абаза» ахантәаҩы Руслан Ҳашыг… Еизеит араҟа – Жәандәрыҧшь ақыҭеи, убас - ааигәа-сигәа егьырҭ ақыҭа-гәылацәа рҟнытәи - ауаа нагақәа, акыр збахьоу, ауаа хатәрақәа, Аҧсны имҩаҧысыз ақырҭуа-аҧсуатә еибашьра иалахәыз – «Аҧсны Афырхацәа», «Леон иорден», «Агәымшәаразы» амедалқәа занашьақәоу - аҧсуа еибашьцәа-аветеранцәа уҳәа…
Абаҟа анаадырт, еизаз ажәлар ашьшьаҳәа иарашҟа ҳҿынаҳхеит. Абаҟа аҿаҧхьа ҳаннеи, Владислав Ду ҳимҵахырхәеит! Ашколхәыҷқәа, анацәа-аҳәса, аҧсуа аруаа уҳәа, ирацәаӡаны, иргәыҵамӡоз ашәҭқәа наганы абаҟа амҵан идыргыло иналаган, дук мырҵыкәан Владислав Ду дбабышӡа, дышәҭылаҳаха дааҟарҵеит!
Аҽнытәи ҳаизара ааиртын, зегьы ҳаарӡырыҩны, ацәажәара дналагеит, абас еиҧш ҳаиқәшәара еиҿызкааз - Џьума Мхаз (Махаз)-иҧа Габуниа. Уи ибжьы ҿацаӡа дцәажәон. Џьума, зқыҭа гәакьа Жәандәрыҧшь аҟны пату зқәу, зџьаабақәа рацәаны иаду, инеидкылангьы 34 шықәса, Маџьыҭ Ҧкьын ихьыӡ зхыу, ақыҭантәи абжьаратәи ашкол адиреқҭорс аус зухьоу иоуп! Уи – 1985-2000,2003-2004 шықәсқәа рзоуп. Иара иахьагьы, уи ашкол аҟны рҵаҩыс аус иуоит, 2017 шықәсазы ихҵоуп аҳаҭыртә хьӡы - «Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы зҽаҧсазтәыз арҵаҩы» ҳәа, Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла далахәылаҩуп… Џьума дгылан мардуанла иаҿаҟаҵаз ахәы ҳракыраҿы. Ишьҭахь, иарҕьареи, иармареи рыла игылаз ахаҳәтә, амармалташьтә лыхқәа рыла ичаҧаз абаҟақәа ҳаргәыдҧшылон ҳара. Ҳахьгылаз аҟнытә аарла иаҳбарҭан, аҧсышәала ахьтәы нбанқәа рыла - Жәандәрыҧшь ақыҭа иалҵны иҭахақәахьоу аҧсуа хацәа-ҕьеҩқәа, урҭ ахаҳәтә-даҟьақәа рҿы зыжәлақәеи зыхьыӡқәеи изынҧҟҟала изынқәаз…
Уаҟа ирнын 1937-1940, 1941-1945, 1992-1993 шықәсқәа рзы иҭахаз ақыҭа Жәандәрыҧшь иалҵыз аҧсуаа – афырхацәа! Иаабоит, урҭ абаҟақәа ирывагылоуп аҧсуа жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан жәандәрыҧшьаа рыҷкәынцәа злеибашьоз акәалӡтәы машьына – БМП-1 руакы. Дара абаҟақәа зыҟаҵамҭақәоу - аҧсуа сахьаҭыхыҩцәа-ҟазацәа Тариел Амҧари Валери Багаҭелиеи роуп...
Џьума Габуниа далацәажәеит Жәандәрыҧшь ақыҭа Аҧсны иамоу ахҧша ду, ақыҭа Ажәанба дуқәа рыжәла ахьӡ ишахьӡу, Бзыҧтәи Аҧсны иаларсу, иагәеисырҭоу – ибаҕьаӡа заҧсуа жәлар иргәылсоу - жәандәрыҧшьаа ржәытә-раҿатә аҭоурыхқәа – иркьаҿ-ркьаҿӡаны! Рызбахә иҳәоит 1914 шықәсазы «Аҧс­уа-шәҩыуаа» - «Абхазская сотня» иалаз жәандәрыҧшьаа 12-ҩык аҽыуаа. Урыстәыла иадгыланы, актәи аимпериалисттә еибашьра ду аҿы, зҽалархәны, урҭ ирчаҧаз ахьыӡ-ахҧша, иаадырҧшыз ргәымшәара, рфырхаҵара. Дрылацәажәоит, 65-ҩык рыӡбахә иҳәоит жәандәрыҧшь­аа-ҕьеиҩқәа «Кьиараз» иалаз, Ҷн­агә (Несҭор) Лакоба Бзыҧтәи Аҧсны еиҿикааз иагәҭылсақәаз, Аҩарданаа раҧхьа инаргыланы. Дрылацәажәеит Сталини Бериеи раамҭазы, 1937-1940-тәи ашықәс еиқәаҵәақәа ирыладырӡыз, жәандәрыҧшьаа – иахьаҧсуацәҟьақәаз, Аҧсуара ныҟәызгаҵәҟьоз ахьракәыз, зыхҧша ҕәҕаӡаз, зхы амҵ ықәзмыртәоз, Несҭор и-«Кьиараз» иаланы, аҧсуаа раҕацәа - ақырҭуа меншевикцәа Аҧсны иахьықәырцаз азы!.. Ихьааганы, игәыҭшьааганы 85-ҩык жәандәрыҧшьаа рхыҧхьаӡара ҳалеиҳәеит, СССР азы, 1941-1945 шықәсқәа рзы, Иџьынџьеибашьра дуӡӡаны иҟалаз аҟны иҭахаз, зыҩныҟақәа изымхынҳәыз! «Ианамуӡах - игәыҟачагоуп!» ҳәа ҳирдыррацы, 71ҩык жәандәрыҧшьаа рхыҧхьаӡара ҳалиҳәит, злахьынҵа шкәакәаз, уи аибашьра ӡыблара иалҵны, зыҧсы еиқәханы зыҩныҟақәа рахь иаазгьы!.. Еиҳа игәыҿкааган рыӡбахә далацәажәеит, 1992-1993шықәсқәа рзы, аҧсуа жәлар Ҳџьынџьтәылатәи еибашьра иалахәыз жәандәрыҧшьаа рхьырҧар! Аҧсуа жәлар шьаҭанкыла иқәсхоит ҳәа, Аҧсны еибашьрала иақәлаз Шеварднаӡе ир ирҿагыланы еибашьыз! Аҧсны иақәлаз ақырҭуа-аҕа инырҵәаразы, иқәхразы зышьҭамҭа зынӡа арыцқьараз, - зхы-зыҧсы иамеигӡақәаз! Урҭ, Аҧсны зхы ақәызҵаз, жәандәрыҧшьаа рхыҧхьаӡара – 32-ҩык ыҟоуп! Иҟан - аҭаацәара иаламлыцызгьы! 5-ҩык жәандәрыҧшьаа ирыхҵоуп «Аҧсны Афырхаҵа»!.. ҳәа ахьӡ ҳаракы.

«Абра иахьа иааҳартыз, уажәы ижәбо, Владислав Ду ибаҟа ҟаҵоуп ақыҭа Жәандәрыҧшь иаланхо, ҳқыҭауаа - ҳажәлар рҧара-­еилаҧса ала!» - аниҳәа, аҽырҳәа сылаҕырӡқәа рҿынархеит! Уи ус иааларҟьаны исыхьт: еилагылаз ауаа ҧыҭҩык – сеицгәарҭаратәы! Сшыӡыҩрыц сӡырҩо, счабра ҭыганы сылаҕырӡқәа срыцқьон… Ҳәара аҭахыума, жәандәрыҧшьаа рҧара-еилаҧса азымхаӡеит Владислав Ду аџьаз-еиларҭәа иалхыу ихәамцтә баҟа, ҳазгәыдҧшылоз! Гәдоуҭа араион абиуџьеттә ҧара ацырхрааны иҟаҵан! Аха, араҟа ихадаз, Жәандәрыҧшь иаланхоз анхаҩы, ихатә џьабаала ирҳаз – зықь мааҭ заҵәык акәзаргьы иишәаз, гәык-ҧсык ала, уи изқь мааҭ дамеигӡакәан, ихы-иҭаацәа ирыгырханы, Владислав Лаша ибаҟа иахьадеиҵаз, ихьахишәааз – миллион рацәала аҧаратә мазара иреиҳан!!! Ҧсуа-ҵасла иуҳәозар: «хәы амаӡамызт!!!».. Аҽны, абас еиҧш, Жәандәрыҧшь ақыҭа ҳаизара ду зызкыз аҵакы, Владислав Лаша ибаҟа аартра ахҧша закәу, Аҧсни аҧсуа жәлари рзы уи иџьабаақәа ахьынӡаҕәҕәоу уҳәа ртәы иазкны, ҳҿаҧхьа иқәгылеит: Тома Аҩӡ-ҧҳа-Езыгәбаиа, Гәыли Кьычҧҳа, Валери Аҩӡба, Џьансыхә Нанба, Валикәа Гобечиа уҳәа. Ажәеинраалақәа ирыҧхьеит ашколхәыҷқәагьы…
Жәандәрыҧшь ижәытәӡоу, ҭоурыхла зыхҧша ҕәҕәоу ҧсуа қыҭоуп! Жәандәрыҧшьаа - иҕәҕәаҟацаӡа «Аҧсны аҭоурых» иаларсу уаауп, аҧсуа жәлар рыцәгьа-рыбзиа – жәынгьы-ҿангьы иазхьаауоз, изныруоз, изҧсҭазаароу роуп!..
Ас анысҳәа, араҟа аӡбыхә мҳәакәан узаҩсуам ақыҭа Жәандәрыҧшьи, уи иаланхо – дара жәандәрыҧшьааи ирызкыу ашәҟәы ду! Уи аԥырҵеит Гәыгәыца Џьыкырҧҳаи Џьума Габуниеи!.. Аҧсны ибзианы еицырдыруо арҭ аҩыџьагьы, иҭрыжьит - «жәлар ирхаргахьаз акакала, хәыц-хәыц еидызкылаз» жәандәрыҧшьаа «ф-абиҧарак рҭоурыхқәа реизга» згәылаӡо аҭыжьымҭа!
1914 шықәса инаркны иахьанӡа аамҭақәа ирҭаӡо ҭоурыхтә ҩымҭоуп, жәандәрыҧшьаа – ирнысымҩоуп, шықәсыла еихшоуп, «Жәандәрыҧшьаа ргәадурақәа» аҟәша алагьы ихыркәшоуп! Араҟа ҳаҧхьоит жәандәрыҧшьаа хаҭа-хаҭала рнысымҩақәеи (рбиографиақәа), рпатреҭқәеи!
Жәандәрыҧшь – қыҭа дууп! Иахьа инхоит 240-ҭӡы. Ақыҭа шоуп 7-цуҭак рыла. Урҭ рыхьӡқәа абас иҟоуп: «Ашәырхәы», «Баалырхәы», «Алаҳашхәы», «Арашхәы», «Акәасқьамҵа», «Аџьахәы», «Аҧшьдәаны»… Ақаҭран мҩақәа рацәоуп урҭ лакьы-лакьо - ақыҭа Жәандәрыҧшь ацуҭақәа ирылсоит. Цқьа рхырхарҭатә ҧанқәа узымдырыр, удырҟьаларгьы рылшоит!..
Араҟа, рҳәоу еиқәшәа, ҭаацәарак еиҧш, еиланхоит 69-аҧсуа жәла рхаҭарнакцәа. Жәлала рхыҧхьаӡара еиҳауп – Григолиаа. Нас ицоит ажәлақәа – Ҟәыруаа, Дасаниаа, Шамаа, Мишьелиаа, Џьуҕьелиаа, Ахьиаа, Гәынаа, Аграа. Иҟоуп уаанӡа Жәандәрыҧшь ақыҭа инхоз, аха иахьа ара иуҧымло ажәытә аҧсуа жәлақәагьы… Араҟа дынхоит еицырдыруо ахәшәтәҩы, – Карамзиа (Агәуа) Тапс. Ақыҭа «Жәандәрыҧшь» ахьыӡ зыжәла ала ишьақәгылоу – Ажәанбақәа - Жәанба, ажәытә ҭоурыхла ирацәаҩӡаны араҟа инхон, аха, иахьа - ҩ-ҭӡы заҵәык роуп инхо!..

Лак-ҩакрада, ҭоурыхла излашьақәгалоу ала, ақыҭа «Жәандәрыҧшь» ахьӡ аауеит ажәытәӡа аҧсуа жәла, аҧсҳацәа ирымазкуаз аҧсуа ҭауадцәа дуқәа – «княжеские дворяне» - «Ажәанба» – «Жәанба» рыжәла ахьӡ аҟнытәи…
Иахьатәи ақалақь «Зугдиди» ахьыӡгьы, Ажәанба рыжәла ахьыӡ «Жәаргьыҭ» аҟнытәи иаауеит! Иаанагогьы «Ажәанбақәа рқыҭа», «Жәан-қыҭ» ауп! Аҧсуа ажәеиларҵәа «Жәаргьыҭ» иаанагогьы – «Жәанаа-рықалақь» - «Город-Званбовцев» ҳәа ауп!.. Жәаргьыҭ (иахьатәи ақалақь – «Зугдиди») ыҟан, иҟоуп ақалақь Қәҭешь (иахьатәи «Кутаиси») азааигәара! Қәҭешь акәзар, ишдыру еиҧш, абжьаратәи ашәышықәсақәа раан – VIII–ХIII-тәи ашәышықәсақәа рзы - Кавказ зегьы ырхыџ-хыџуо аҧсуаа ирымаз аҳәынҭқарра - Абазгаа раҳра аҩбатәи иаҳҭны қалақьны иҟан… Сара ари азҵаара сышәҟәқәа рҿы еиҳа инеиҵыхны салацәажәахьеит…
Амра аҭашәарахьы ахы архон еиҧш, Жәандәрыҧшь ақыҭан Владислав Ду ибаҟа аартра иазкыз аизара ахыркәшамҭахь инеиуан Анатол Марколиеи, Азареҭ Аибеи сареи Аҟәаҟа ҳгьежьит агәалаҟазаара бзиаӡа ҳаманы. Амҩахь, ҳахьеицәажәоз, аҽны жәандәрыҧшьаа иаадыртыз Владислав Ду, Владислав Лаша ибаҟа, даараӡа пату ақәҵаны ҳалацәажәон, Аҧсны азы аҵакы ду иамаз – азгәаҳҭон, иалҳкаауон!..

Игор Марыхәба,
аҭоурхҭҵааҩы, ауаажәларратә усзуҩы