Аҽазыҟаҵарҭатә ҭыԥқәа ҩба, аҽыкәабарҭақәа еиҭашьақәыргылан Аԥсны Ахада Бадра Гәынба идҵала. Аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтәи аиҭашьақәыргыларатә усурақәеи иахәҭоу аспорттә инвентар аахәареи рзы иазоужьын 15 миллион инарзынаԥшуа аԥара.
Аартра ацеремониа рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Ҭарашь Ҳагба, Гәдоуҭа араион ахада Валери Аҩӡба, иара убасгьы зыхьӡ нагоу аспортсменцәа: зхы иақәиҭу ақәԥаразы адунеи ачемпион Рашь Хәытабеи, адунеии Европеи рчемпион, Аолимпиатә хәмаррақәа рҿы аџьаз медал занашьаз Денис Царгәыш.