Print this page

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи  уи ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәааи Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭа иаҭааит

Цәыббра 28, 2025 21

Аҳәынҭқарра анапхгаҩцәа  зыԥсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз аибашьцәа Рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Иахьа Лыхны иаадыртуеит  зхы иақәиҭу ақәԥарази абокси рзы аспорттә зал ҿыц. Уи аартызац  ӡбан  лаҵарамза 18 рзы,  Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Гәдоуҭа араион данаҭааз.