Акциа амҩаԥгара аԥшьгаҩыс иамоуп Агуманитартә Программақәа Рцентр. Акциа мҩаԥыргоижьҭе 26 шықәса ҵуеит.«Абар уажәшьҭа 26 шықәса инеиԥынкыланы ари акциа мҩаԥаагоит ахәылбыҽха, цәыббра 27 рзы. Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы анышә иамадоу аибашьцәа рҳаҭгәынқәа зегьы рҿы агәалашәаратә цәашьқәа аҳаркуеит.
Раԥхьатәи ашықәсқәа раан аӡәырҩы рхала, ма рхәыҷқәа рыманы иаауазҭгьы, иахьа урҭ рмоҭацәагьы рыманы иаауеит. Ари Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз зегьы ргәалашәара иазку естафетоуп», – лҳәеит Агуманитартә Программақәа Рцентр аусзуҩы Лиана Кәарҷелиа.