Print this page

Аԥсны Афырхаҵа, ТАСС афотокорреспондент Андреи Соловиов (07.10.1953-27.09.93) имемориалтә ӷәы амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аҟәа

Цәыббра 27, 2025 25

Андреи Соловиов дшьын 1993 шықәса цәыббра 27 рзы, ақырҭуа снаипер инапала.  

Жьҭаарамза 7, 2023 ш. Аҟәа, аинрал В. Аршба ихьӡ зху амҩа, аҩны №47 аҿы Аԥсны Афырхаҵа дахьҭахаз азааигәара, имемориалтә ӷәы шьақәыргылан.

Андреи Соловиов – Урыстәыла иналукаша афотожурналистцәа дыруаӡәкын. Асовет Еидгыла аҵакыраҿы бџьаршьҭыхлатәи аиҿагыларақәа жәпакы ахҳәаа рзиухьан. Ақырҭуа-аԥсуа еибашьраан Аԥсны изныкымкәа даахьан. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Андреи Соловиов Гәымсҭатәии Мрагыларатәии афронтқәа рҿы иҟаиҵаз афотосахьақәа аибашьра ахроника ахьтәы фонд иалалеит.