Print this page

Иахьа Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа Қырҭтәылатәи Аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахы иақәиҭыртәиижьҭеит 32 шықәса ҵуеит

Цәыббра 27, 2025 38

Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны иҟоу Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз Рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭаҵан.


Иҭахаз ргәаладыршәарц арахь иааит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр Владимир Делба, Жәлар Реизара адепутат Лаша Ашәба, Аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, Жәлар Реизара адепутатцәа, атәыла Анапхгара, аибашьра аветеранцәа, хатәгәаԥхара еибашьра иаази иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи.

Цәыббрамза 27, 1993 ш. азы аԥсуаа ацәыӡ ду рыманы, аӷа иҿагылара иаиааины, Аҟәа ахы иақәиҭыртәит. Аԥсуа ар ақырҭуа агрессорцәа ишыриааиз акәын ари ахҭыс иаанагоз.

12 мшы ицоз Аԥсны аҳҭнықалақь ахақәиҭтәразы ари аоперациа напхгара арҭон атәылахьчара аминистр, аинрал-маиор Сулҭан Сосналиеви Аԥсны Арбџьармчқәа рыштаб Хада анапхгаҩы Сергеи Дбари.

Уи инашьҭарххны, хымш рыҩнуҵҟа Аԥсуа ар Егры аӡиас ашҟа инаскьеит, цәыббра 30 рзы Қырҭтәылеи Аԥсни рҳәынҭқарратә ҳәааҿы ишьақәыргылан Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ.