Print this page

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба ҭабуп ҳәа реиҳәеит аекологиатә усмҩаԥгатә зхы алазырхәыз атәыла ауааԥсыреи «Аԥсны агәыԥи».

Цәыббра 26, 2025 36

«Аиааира Амш азгәаҭара аламҭалазы, иаҳҭахын аӡәк еиԥш ҳаидгылан ҳтәыла арԥшӡара ҳҽазаҳшәарц. Ҳәарада, ас аусеицура акыр аҵанакуеит. Ари хҭыс хәыҷызаргьы, зегьы иҳанаҭеит алшара ҳхатә лагала аҟаҵара. Убри азоуп изаԥшьызгаз ари аусмҩаԥгатә», – иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.


Бадра Гәынба иазгәеиҭеит аусмҩаԥгатә ааӡаратә ҵакгьы шамоу.

«Ирацәаҩны аҿари ашколхәыҷқәеи ари аусмҩаԥгатә иалахәуп. Уи даҽазныкгьы иднарбоит ҳтәыла аԥшӡара, иреилнаркаауеит дасу ирылшоу ҟарҵалар шакәу ҳҳәынҭқарра аинтересқәа рыхьчаразы. Абас еиԥш иҟоу аус маҷқәа рылоуп ԥхьаҟа аихьӡара дуқәа ишрылаго. Агәраганы сыҟоуп абиԥара ҿыцгьы, ҳтәыла аиӷьтәразы аџьа шырбо», – иҳәеит аусмҩаԥгатә иалахәыз Аԥсны Ахада Бадра Гәынба.