Print this page

Хана Гәынба: аҵарадырра – аҳәынҭқарра ԥхьаҟатәи аԥеиԥш зықәгылоу уасхыруп

Цәыббра 26, 2025 31
Амарафон «Адырра. Аԥхьагылаҩцәа» алахәылацәа рҿаԥхьа дықәгылеит Хана Гәынба.
«Адыррақәа рныҳәа Аԥсны иахьымҩаԥысуа даара сеигәырӷьоит. Аҵарадырра – аҳәынҭқарра ԥхьаҟатәи аԥеиԥш зықәгылоу уасхыруп. Акыр иаԥсоу ҳҿар, ашколи ауниверситети, иара убас, абас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа рҿы ишәоуа адыррақәа рыбзоурала ԥхьаҟатәи аԥеиԥш бзиа ахь ашәқәа шәзаатуеит», – азгәалҭеит амарафон алахәылацәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо Аԥсны аҵарадырра аминистр.