Print this page

Адыррақәа рцентр аартуп

Цәыббра 25, 2025 29

Аԥсны Ахада Ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа иқәгылараҟны инаҵшьны иҳәеит атәыла азанааҭтә лшарақәа рырҭбааразы акрызҵазкуа ашьаҿа шыҟаҵоу.

«Иахьа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысуеит аҵак ду змоу, Адыррақәа рцентр ааартра иазку ахҭыс. Ари аҵараиуратә проект ҿыцны иахьыҟоу адагьы, атәыла азанааҭтә лшарақәа рырҭбааразы аҵак ду змоу шьаҿаны иҟалеит. Астудентцәа алшара ҿыцқәа рзаазыртуа, Аԥсни Урыстәылеи рҵараиуратә наӡаӡаара еизааигәазтәуа шьаҿа бзиоуп. Аусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны атуристтә усхк арҿиара иазынархоу аицлабра «Асас изыԥшу Аԥсны» ҳекономиказы ихадароу аусхкқәа ируакуп», – иҳәеит Беслан Бигәаа. Иара убас, араҟа астудентцәа ироуа адыррақәа зыквалификациа ҳараку аспециалистцәа разыҟаҵаразы уасхыр ӷәӷәаны иҟалоит ихымԥадатәны. «Атәыла анапхгара ахьӡала Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, аплатформа «Асас изыԥшу Аԥсны» иҭабуп ҳәа раҳҳәоит аҵак ду змоу ари апроект анагӡараҟны русеицуразы», - ҳәа иажәа хиркәшеит Беслан Бигәаа.