Print this page

Аҳәынҭқарра Ахада Станислав Лакоба иҭаацәеи иҭынхацәеи дрыдышшылеит

Цәыббра 24, 2025 42

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада  Бадра Гәынба напхгара зиҭоз Аԥсны анапхгарра рхы аладырхәит иналукааша аҳәынҭқарратә, аполитикатә усзуҩы, амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аветеран, Ахьӡ-Аԥша аорден II аҩаӡара занашьоу, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху апремиа алауреат, Аԥсны аҳәынҭқарратә университет апрофессор, Аԥсны аҭҵаарадырра зҽаԥсазтәыз аусзуҩы Станислав Лакоба аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара иазку алахьеиқәҵаратә церемониа.  

Аҳәынҭқарра Ахада Станислав Лакоба иҭаацәеи иҭынхацәеи дрыдышшылеит.

Иазгәеиҭеит, Станислав Зосим-иԥа трагедиала  иҭахара атәылазы цәыӡ дуны ишыҟоу. Аҭҵаарадырра  аҿиареи амилаҭ хақәиҭратә қәԥареи рҿы иҟаиҵаз алагала ахә ашьара шыуадаҩу.

Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы алахьеиқәҵаратә  церемониа мҩаԥысуеит.

Атеатр аҿаԥхьа Станислав Лакоба аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара иааз ауаа рыла иҭәуп.