Зыҧсадгьыл аиқәырхаразыашьа казҭәаз, аҧсҭазаара бзиа ҳәа ҳзышьҭоу ианалхәдоу, иаҳагьыигәнаҳароуп. «Шәахьеиқәхаз шәызшәырха!» ҳәа раҳҳәошәа ауп аганахьҳгылан урҭ ҳашрыхәаҧшуа. Иҟоуп урҭ рахьтә џьоукы-џьоукы, зхәыҭазмыжьуа, зхы иахәаз, мал-мазарала зҽеибызҭаз. Аха урҭ, шәҩыкрҟынтәи–жәаҩык. Егьырҭ иаанхаз ишҧарыҧсыхәоу? Ҳаибашьра анцоззхы ныҵга-ааҵго зҽеиқәзырхаз џьоукы, иахьа орденла ргәышҧқәа ҩычан, аҭыҧ ҧхақәа рҿы итәоуп. Зыбжа ҳахҭнызҵаз афырхацәаирыҧсҭазаашьозеи?
Ҳара иҳаӡбеит ҳаиҿцәажәарц март 15-16-рызтәи Гәымысҭатәи ажәылараиалахәыз Зураб Кархалаа. Иара иахьа аҩбатәи агәыҧ змоу инвалидуп, изшьапык имнахит аибашьра адәаҿы.
– Сара аҧсуа гвардиа анеиҿыркаа нахыс салан, – иҳәеит уи. – Аибашьраианалагаз, аҧхьатәи амшазы, ҳҩыза, Борис Инаҧшьба иавтобус ала Гәдоуҭаҳцаны абџьар ааҳгеит. Салан усҟан еиҿкаахаз агәыҧ «Ветерок». Уи еиднакылоззегьы Аҳабла ҿыц иаланхоз аҷкәынцәа ракәын.
Азныказы, иааурыз ҳзымдыруа ҳанықәха, партизан ҳасабала ашьхақәаҳаҽрымаҳдарц ҳдәықәлеит, аха нас Виктор Какалиа дҳахьӡан ҳирхынҳәит.
Гәымысҭа ахырҕәҕәарҭаҿ ҳҭыҧқәа аанаҳкылеит. Усҟан командирс дҳауитРаульи Бигәаа. Уи амашәыр данақәшәа ашьҭахь, еиҳабыс дҳарҭеит ТариелТапаҕәуа.
Иара, зхы ныҧхьакны, аибашьцәа ахы иаҿазыжьуа дреиуамызт, еснагь аҧхьадгылазар акәын. Ашәарҭара зегьы раҧхьа иара идикылон.
– Ишәыцыз шәҩызцәа ҳурдырырц ҳҭахын?
– Иҳацқәаз аҷкәынцәа: Борис Инаҧшьба, Едик Касланӡиа, Руслан Лагәлаа, Ҷыҷыкәа Ҕәарзалиа, Едик Шьанаа, Ҭемыр Тапаҕәуа, Борис Џьопуа, Борис Какоба убас егьырҭгьы.
– Марттәи ажәылара раҧхьаӡатәи шәжәылара акәызма?
– Ҳара ианвар азы ҳдәықәлеит Аҟәа аҭарцәразы, аха Гәымысҭа ацҳаҿыҵаҟала, хыхьала ицаз аҷкәынцәа ҭахеит, ианҳақәымҿиа, ҳдыргьежьит.
Марттәи ажәыларазы гәыҧк азыҟарҵон Пицунда – «Иҷыдоу агәыҧ» ҳәа, ҳара ҳазлаз аҧшыхәратә гәыҧ акәын.
Х-гәыҧкны ҳшан, ҳкомандирцәа: Алик Лазба, Тариел Тапаҕәуа, Одиссеи Адлеиба. Арҭ рызегь зхы зымшаҭоз ҧхьагылаҩцәан.
Ҳара аҧшыхәратә гәыҧ злаҳакәыз ала, зегь раҧхьа аӡы ҳарит. Ҳаиҳабы Алик Лазба иакәын. Иҳацқәаз рахьтә Виталик Арсҭаа зегь раҧхьа аснариадиҵаҧжәеит. Иҧа Рустик дҕьаҵәы-ҕьаҵәуа дихахеит, сара сицхраауеит ҳәасахьынаихаххыз, егьи иганахь даҽа снариадк тҟәацит, саргьы сшьапысымнахын уа снаиваҳаит. Ҳҩыза Едик Шьанаагьы ус ихьит. Уи иара уаҵәҟьаашамҭаз иҧсы ихыҵит, дшьабаны дыҧсит.
– Ишәыцхраауаз амедеиҳәшьцәа шәыцызма?
– Урҭ уахь аӡы аӡәгьы дызҳацмырит, ҳаргьы ҳхықәкы анагӡара ҳахьымӡеит. Уахыки-ҽнаки уа ҳанхеит. Ишьыз, ихәыз анырацәаҩха, зегьы џьаракҳҽеидаҳкылеит. Ацхырааразы ҳашьҭахьҟа иҳахьӡараны иҟаз уаҩыднармышьҭит.
– Нас алҵшьас иҟашәҵеи?
– Иҳацын ауаҩы игәы зызҭаз аҷкәынцәа. Изхысҳәаауа, Тариел Тапаҕәуа ахыиқәшәеит, дахькажьыз сыҷкәын дызбозар ҳәа ихы дахьҩахаз, аснаипер ихымҭадагеит. Уи ишьҭахь аснаипер иҭирҟьаз даҳцәагеит Одиссеи Адлеиба.
– Ихьанҭоуп аҧсра абла ухыҧшыло, ихәны икажьу еиқәырхарагьы, – иуцхраада, уалызгада?
– Даара аџьабаа сыдырбалеит Ҳашба Зураби уи иҷкәыни (Хамса ҳәаиарҳәон). Урҭ ирылымшо ианалага, заб дышьны дышьҭаз Ҭемыр Тапаҕәуа(Таник) «саҭоумҵан, саб», иҳәан, илахь днагәыӡны, даанижьит. Сара салигеит, иҧсы схоуп. Ҳара дҳацын аҷкәын қәыҧш Малыш Џьынџьал, аҩыза цқьа, аҩызабзиа, акыр аџьабаа ибеит. Аибашьра адәаҿы убри акырӡа аҵанакуеит. Малыш далигеит иршьыз ҳҩыза Едик Шьанаа.
Ҳгәыҧаҿы даара ирацәаҩын ҧхьаҟа ицаны, аҕацәа рнырҵәара иахыццакуазарҧарцәа, урҭ мкәанызаныкәа ахы иаҿалон, дара роуп аиааира ҳзаазгаз, иҭахазгьы дара роуп. Зхы ныҵга-ааҵга иҳашьҭаз, зхы мацара еиқәзырхаз, урҭгьы аиааира ҳалахәуп рҳәоит.
– Иахьа уҧсҭазаара шҧаҟоу, узбжак зыхҭнуҵаз уҧсадгьыл шҧаузыҟоу? Аҳәынҭқарра аҟнытә хылаҧшрас иумозеи?
– Сара ахаангьы мазеи сашьҭаӡамызт. Аҧсны Ахадараҿ снеит, џьара аусурҭааҭыҧк аҟаҵараҿы ацхыраара сырҭарц. Сидикылеит Ахада, адҵа ииҭеит ақалақьахада. Уи аџьармыкьа аиҳабы инапы ианиҵеит сызҵаара аӡбара. Уижьҭеииахьанӡа акрааҵхьеит, аха макьана иӡбоу ҳәа акгьы ыҟам.
Зураб Кархалаа занааҭла дшьаҵаӡахҩуп. Убри изанааҭ ала аус иуратәы, 3- метрак зҵазкуа аҭыҧ аиура иихьчоз адгьылаҿы дахыбаахеит. Зыбжаракзыҧсадгьыл иазҭаз афырхаҵа, иахьа ахыбра хәыҷы дыҵатәаны иҭаацәаныҟәигарц даҿуп. Ари гәнаҳара дуӡами Анцәа иҿаҧхьа? Лассы-лассы иҭаауаашәахтәылхыҩцәа: «уара аусура азин умаӡам, аҩны утәаз» ҳәа иазҳәо, рышҟаиҳазцәырҵуеит азҵаара: ишҧарурыз – ихаҭыҧан дара ыҟазҭгьы, ирылшарызмаатәанчахәы ала ахныҟәгара?!
Зураб имоуп дызхыҽхәаша ахшара. Иарҕьажәҩа, ихатәҩыза Анҭица Ҭаниа-ҧҳа илыллыршеит ҩыџьа ахшара иаҧсаны рааӡара. Рыҧҳа иреиҳау аҵарадалган аус луеит рҵаҩыс. Рыҷкәын Ерик Кархалаа иакәзар, акырынтә Аҧсныахьӡ ҭигахьеит, напышьашәала аисразы ҩынтәны Евро-Азиа дачемпионхахьеит, СНГ дачемпионуп. Аибашьра амца иалҵыз Зураб Кархалаа иҭаацәараирзеиҕьаҳшьап агәабзиареи аҧсҭазаараҿы аманшәалареи.
Наира Сабекиа