Print this page

Асахьаркыратә гимнастика

Цәыббра 17, 2025 22

Аҟәа ақалақь аҿы асахьаркыратә гимнастика Ашкол аадыртит.

Уи иазкыз аныҳәатә церемониа рхы аладырхәит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Ҭарашь Ҳагба, аҵара аминистр актәи лхаҭыԥуаҩ Хьыбла Шамба, аҵара Аминистрра азеиԥши, абжьаратәи азанааҭтә ҵарадырреи рыҟәша аиҳабы Маиа Цыбулевскаиа, Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ашәба, Аԥсны асахьаркыратә гимнастика Афедерациа апрезидент Гәында Кәарҷиа, Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа, аспорттә еилазаара ахаҭарнакцәеи ари аспорт хкы иазҿлымҳау ақәыԥшцәа рҭаацәеи.

«Ашкол ҿыц маха-шьахала аҿиара иаҭыԥны мацара акәымкәа, анаҩс ареспубликатәи жәларбжьаратәи аицлабрақәа рҿы, Аԥсны қәҿиарала ахаҭарнакра назыгӡараны иҟоу ақәыԥшцәа рҟыбаҩ аарԥшра азы хра злоу ҭыԥны иҟалоит», -  иҳәеит Ҭарашь Ҳагба.

Аныҳәатә гәалаҟазаара еиҳагьы еихарҳаит Алина Кабаева напхгара зылҭо асахьаркыратә гимнастика Академиа «Небесная грация» ааӡамҭацәа рықәгылара. Урҭ зеиӷьаҟам ала иаадырԥшит ари аспорт хкы аԥшӡареи уи аҳаракыреи.

 Иахьа ашкол аҿы аус руеит ԥшьҩык азыҟаҵаҩцәеи ахореографи.