Print this page

Ҳрыцҳарақәа ирышьаҭоу

Цәыббра 16, 2025 30

Зыԥсаҭа бзиахаша Мирод Гәажәба иӡбахә змаҳац дыҟамзар акәхап «сара саԥсыуоуп» ҳәа згәаҵантә ихәыцуа дарбанзаалак.

Уи ижәлар дырҿахәҳәаҩын иҵабыргны. Ус шакәҵәҟьоу даҽазныкгьы ишьақәнарӷәӷәоит анаҩстәи акьыԥхьымҭа.
Ишәыдаҳгало М.Гәажәба истатиа акьыԥхь абеижьҭеи акыр шҵуагьы иаҳәо аҿахәы есааира иҿыцхалоит аԥсуа ҭаацәарақәа рзы.
Саԥсуоуп ҳәа зхы зыԥхьаӡауа ауаҩы иааԥхеишьаратәы иҟоуп иахьа иуаҳауа аԥсуа бызшәа ҳара-ҳарала ҳаҩнуҵҟа ҳанеицәажәо. Хаҭала сара акырынтә сашаҳаҭуп зхы бзиа избо ауаҩы иааизымчҳаша аҽыԥныҳәақәа. Аха рыцҳарас иҟалаз аҽыԥныҳәа ҟазҵаз дышиашаз схаҟны иааганы счабра аасҿысшьуаны аҟароуп… уаҳа исымчзеи?
Иахьа даҽа аамҭанык еиԥшымкәан амилаҭ анеиҿцаауа, ианеибадыруа, аиҩызара ду анрыбжьоу, атәым милаҭ иреиуоу ақәла, ма аҩыза умилаҭ рқьабз шьахәқәа иурбарц уҭахны унымҩахыҵуеит. Дагәылаурԥшуеит рыцәгьа-рыбзиаҿы ирымоу рқьабз ҟаимаҭқәа. Урҭ дыргәыларымхаларц, иџьеимшьарц залшом, аха аџьашьатәқәа ируакхоит абызшәа иаҳауа, иагьиҳәоит шәҵасқәа бзиоуп, аха шәбызшәа ӷаргәышьоуп. Гәыбӷансгьы иаҳҭахуеи!.. Аԥсуа бызшәа амчхара ззымдыруа ауаҩы данузыӡырҩуа уажәа ҽа бызшәак ала ихарҭәаауа ианҿаԥушь, иазыӡырҩуа амилаҭ аԥсуа бызшәа иазынагӡом аҿахәы ҳәа агәаанагара изыннажьуеит, еиҳарак аԥсуа қыҭа шьхақәа рашҭа ианҭыҩуа алымҳа ҭшьаага. Ҳәарада, иарбан милаҭ бызшәазаалакгьы, иахьа иара ахатәы бызшәала мацара ишьақәгылан цәажәашьа амам. Иахьа абызшәақәа зегьы реиҳа ибеиоуп ҳәа ирыԥхьаӡо англыз бызшәагьы 25 процент рҿынӡа иатәым абызшәақәа алоуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Еигәылацәоу абызшәақәа хеибарҭәаауеит амилаҭ еиҭнырԥсахлауа амаҭәарқәа ирыхҟьаны . Уи иаанаго абызшәақәа реибарбеиароуп. Уи еилкаау, патула иныҟәгатәу усуп. Араҟа ҳара ҳгәала хазуп – ажәеилаԥсала ацәажәара. Ари иаанагауа милаҭ хыччароуп, культура лаҟәыроуп, хьацәгьа хьабзиа ҳәа змам уаҩуп ус зхы мҩаԥызгогьы
А-30-тәи ашықәсқәа рзын Аԥсни аԥсуааи ҭызҵаауаз аҵарауаҩ Осип Мондельштам иҩуан аԥсуа бызшәа ауаатәыҩса раԥхьаҟатәи рбызшәа ауп ҳәа.
Акыр бызшәақәа шьаҭас ирымоу ҳаԥсуа бызшәа ашәышықәсақәа ишрықәлоугьы иҟан иларҟәны ианаӷрагылаз аамҭагьы. А-37-тәи ашықәс хырҵәагақәа рыӡбахә анҳамоугьы, уи ҳа ҳзынгьы иҟан рҳәоит, ҳашьцәа ақырҭцәагьы. Ииашоуп араҟагьы ҳрыцҳарақәа реиԥшымзаара ҵаҵӷәык аман. Иршьыз, ма харада ахара здылаз ақырҭуа дҭахаргьы иҭыԥ иара имилаҭ иааникылон, аԥсуа иҭахаз инхарҭагьы имаҵурагьы иаҳмбацыз «ҳашьа» иааникылон. Иара убриалагьы аԥсуа ибызшәа дырӡҩауан, иҭыԥ дырҩашьон..

Имаҷӡазаргьы иаагап акык-ҩбак ҿырԥштәык аҳасаб ала. Гәылрыԥшь араион иахьаҵанакуа ақыҭа Баӷбаран аԥсуаа инхоз рхыԥхьаӡара 10-нтә рыла еиҳан . 49-50-тәи ашықәсқәа рзын Қырҭтәылантә иааганы ирыландырхаз рхыԥхьаӡара иахҟьаны иахьа Баӷбаран ақыҭан азеиԥш еизарақәа раан аҳра зуа иацы иааз «асас» ибызшәа акәхеит. Аԥсуа иџьынџь дгьыл аҿы ибызшәа иааҵра иавахеит. Еицырдыруа аԥсуа қыҭа Лыхны иаланхоит 75 процент аԥсуаа, 25 процент еиуеиԥшым амилаҭ рхаҭарнакцәа рыланхоит. Ишаҳбо еиԥш араҟа аԥсышәала аизарақәа мҩаԥыргаратәы ишыҟоугьы амилаҭ раҳаҭыр аҿынтә урысшәала имҩаԥысуеит. Уи патуеиқәҵароуп, уаҩроуп, аха зегьы ус ҟарҵом, ҳара ҳаҳаҭыр аӡәы ибар зыҟамлеи, уи ҳабакылнаго?! Маӡа-аргама абызшәа аҵшәаара, абызшәа аҿахәы арцәыӡроуп, уи ҳацхраауеит ҳаргьы, ахәышҭаарагьы ацәҳарӡуеит.
Иҟоуп исса-мыссоу, аха акыр ҳазҳәо алабҿарбагақәагьы. Иаҳҳәозар асигарета «Мзиури», урысшәалагьы «Мзиури» ҳәа ауп ишану, ус иагьахәҭоуп, аха «Аԥсны» 3-хьӡык аиуит: «Аԥсны», «Аԥхазеҭи», «Абхазиа». Абарҭ ԥҟарак ала рышьақәыргылара ахәҭаӡами, нас зҿырымҭуеи уи абжьақәыргара зыхәҭоу? Иахьа абызшәа аҿаҟәара – уаҵәы зынӡа аҿабароуп… Араҟа иаазгар сҭахуп хҭыск сзықәшәаз. Қарҭ азааигәара ишьҭоу Гардабани араион иахьаҵанакуа иҟоуп ауҭраҭых аарыхырҭа совнхара дук «Лило» ҳәа изышьҭоу. Аԥсабаратә ҭагылазаашьа иахҟьаны уахь уназго амҩақәа ҩбаны еихагылоуп, уаҟа иубоит аҩырақәа «Диди лило», «Патара лило» ҳәа ахьану. Избан урысшәала «Большои лило», «Мальенки лило» ҳәа изаными? – анысҳәа, – ҽнак ара шаҟа милаҭ хкы ыиасуа удыруоу, урҭ зегьы зныкала ҩажәак ақырҭшәа днамырҵои, – ҳәа сеиҳәеит сзызҵааз ахаҵа. Абарҭқәа ангәаҭатәу ҳара уҵга-сыҵга ахҿыхроуп ҳзышьҭало, арахь иахылҿиаауа ҳбаӡом. Уиакәында ҳаԥсуа хьыӡқәа ԥхашьаны имариоу ашҟа ииаҳгоит. Абар схаҭа сзықәшәахьоу! Шықәсқәак раԥхьаҟа сыҷкәын Хәажәарԥыс ахәышәтәырҭахь днанагеит. Иан длыманы Аҟәа дахьышьҭаз саннеи, аҷаԥшьаҩ сналышьҭуам Хәажәарԥыс зыхьӡу ҳара чымазаҩ дҳамам ҳәа. Акыртәи ҳаимак ашьҭахь дырҩегьх асиа ҳахәаԥшуа ҳҿылаҳхазар, абар «идырқьырсианыз» сыҷкәын «Гәажәба Гена!» Иҟалеи, дыз-Генахеи ҳәа еилкаауа сҿаасхазар, Гәдоуҭа аполиклиникаҿы дахьларгаз «Хәажәарԥыс» ҳәа ахьӡ ахьаныз анылба аҳақьым лкьатеиах ԥҵәаанӡа дыччозаарын. Аҟәа иахьҩеиз иан Хәажәарԥыс дацәԥхашьан Гена ҳәа анылҵазаап. Ирацәаӡами ас зыхьуа анацәа? Нас изџьаҳшьозеи ҳбызшәа, ауаса кьымшәашәа еиԥш егьырҭ аҳәынҭқарратә бызшәақәа иахьрывахаз!.. Иаԥырхагада иахьа ҳдоуҳатә культура ԥсыс иахоу ҳбызшәа амӷьацара? Хара ҳазцари, ҳрыхәаԥшыпи иахьа иҿкыз акооперативтә хәҳахәҭырҭақәа рыхьыӡқәа: «Арго-навтис», «Черноморец», «Ҭамуниа» уҳәа шаҟа хкы. Нас ари иаанаго амилаҭ рџьынџь дгьыл аҟны атопонимика ҳәа аԥсуаа иҳамоу ҳгәыхь арымжьыжькра акәӡами, иԥсаху ҳџьынџьхьӡқәа дырҩегьых рыцҵара акәӡами?!
Ҳреспубликаҿы аконституциа азин иаҳнаҭаз ахархәара ахьаҳамҭо, ҳхала иахьаҳҿаҟәо ҳшыланарҟәуа шәазхәыцыр сҭахуп абри иаԥхьо сашьцәа, саҳ́әшьцәа.

М.Гәажәба
(Агазеҭ «Авангард» аҟынтә)