Аспектакль иалагаанӡа, ахәаԥшцәа аҭаан ирбеит 62 шықәса раԥхьа уи анықәдыргылоз актиорцәа иршәыз ацәамаҭәа, ахылԥақәа, афотоҭыхымҭақәа уҳәа рцәыргақәҵа.
Ари аспектакль аҭоурыхтә ҵакы амоуп, избанзар «Аҳәынҭқар ҟьантаз» раԥхьаӡа аԥсуа сценаҿы иқәыргылан Нелли Ешба лнапхгарала 1962 шықәсазы. Насыԥ дууп усҟан ароль хадақәа руак – аҳәынҭқар ҭыԥҳа лроль назыгӡоз Аԥсны жәлар рартист Виолета Маан арахь дахьымҩахыҵыз.
Ахәаԥшцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо адраматә театр анапхгаҩы Хьыбла Мықәба илҳәеит: иахьа 95-тәи асезон злахацдыркыз акомедиа дара рзы акыр шаҵанакуа, шьарда ишырацәоу раԥхьаҟатәи рхықәкқәа. Д.Гәлиа – «Камаҷыҷ», В. Амаршьан – «Аԥсҳа Леон», Ал. Гогәуа – «Елана» Шекспир –«Аҳ-лир», И.Папасқьыр –«Аԥҳәыс лыпату» уҳәа аспектакльқәа рықәыргылара. Октиабр инаркны февральнӡа ицараны иҟоуп Уфа, Владикавказ, иара убас адраматургцәа рлабораториа апроект аԥҵахоит, иреиӷьӡоу аҿар алԥшааны идәықәҵахоит Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рахь,.
Ари аспектакль рызкуп 60-тәи ашықәсқәа рзы уи аԥсуа сценаҿ изырцәажәаз ҳактиорцәа хатәрақәа: Лео Касланӡиа, Минадора Зыхәба, Амиран Ҭаниа, Олег Лагәлаа, Рушьни Џьопуа, Еҭери Коӷониа.
Абар, иалагеит абжеиҳараӡак аҿар рыла иқәыргылоу акомедиа лахҿых. Игәахәара дууп араҟа ароль хадақәа – аҳәынҭқар ироль ахьынаигӡо аиҳабыратә абиԥара иаҵанакуа Кьасоу Ҳагба. Аҳәынҭқар ҭыԥҳа (апринцесса) лроль налыгӡон Милана Џьопуа. Иара убас Тома Аҩӡба, Ира Коӷониа, Бенар Кове, Гәдиса Ҭодуа, Алхас Шамба, Лавренти Ахба, Беслан Ҭодуа, Алхас Шамба, Лавренти Ахба, Беслан Хьиба, Сырбеи Сангәлиа, Тома Гамгиа, Кама Инаԥшьба, Гәында Ажьиба, Кристина Цымцба, Есма Кәыҵниа, Хьыбла Мықәба, Даур Арухаа, Ҭеимураз Чамагәуа уҳәа рыхәмарра лахҿых, аиҳабацәеи аҿари рҟазара аилаӡҩара, ахеибарҭәаара еиҳагьы ахәаԥшҩы даднаԥхьалон. Аҳҭныҭыԥҳа апринцесса Лана Џьапуа лакәзар ахаара цәа лыҟәныҳәҳәа улыршанхон. Ажәацыԥхьаӡа лҿы иааҭшәоз, насгьы шаҟа ирмаананы лаб «ахҭыԥшша» дшылжьоз уамырччар залшомызт. Еиҳагьы дырҿаасҭаны, дырччархәны даарԥшуп аҳәынҭқар иԥҳа, аҳәахьчаҩ Генри димгарцаз, агәыларатәи аҳәынҭқар дыззиҳәарц иалихыз. Уи ироль, «ихҭыԥшшара» заманалаҵәҟьа иқәҿиеит актиор Алхас Шамба.
Иааидкыланы акомедиа агәахәара ду рнаҭеит ахәаԥшцәа. Атеатр ду ирзеиӷьаҳшьоит иахьеиԥш абаҩхатәра ҷыда злоу аҿар алԥшааны утәы-стәы ҟамҵакәа, ахәаԥшцәа ҳдыргәырӷьаларц есымша. Здацқәа ҵаулоу ҳтеатр ду аанҿасра ақәымзароуп, уи ааӡагоуп – иҿырԥшыгоуп, ӡыхьҵас ицқьоу саркьоуп.
Наира Сабекиа