Print this page

Ҳаԥсуа қыҭақәа реиқәырхаразы

Цәыббра 15, 2025 142

2025 шықәса нанҳәамза 27 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аминистрцәа Реилазаара алахәылацәа алархәны аилатәара мҩаԥигеит, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны ареспублика аекономика аҿиараҿы ихадоу ахырхарҭақәа ирызку адҵақәа жәпакы ҟаиҵеит.

Ҷыдала ахшыҩзышьҭра рыҭан аҳәынҭқарра аҿиараҿы астратегиатә ҟазшьа змоу ақыҭанхамҩеи атуризми. Атуризм атәы ҳалацәажәоит даҽазны, иахьа ҳазааҭгылоит ақыҭанхамҩа аусхк.
Аҳәы­нҭқарра Ахада ақыҭанхамҩа аминистрра аҿаԥхьа иқәиргылаз ауснагӡатәқәа иреиуоуп - «2026 шықәсазы ақыҭанхамҩа аҿиара» захьӡу ахықәкытә программа аԥҵареи ашьақәырӷәӷәареи. Убасгьы, ақыҭақәа рҿы анхамҩақәеи анап­лакҩцәеи рыцхырааразы ажәалагалақәа реиқәыршәара. Ари ахырхарҭа акырӡа аҵанакуеит ақыҭақәа рҿы усурҭала анхацәа реиқәыршәареи ақыҭанхамҩатә хашәалахәы аизырҳареи рзы», – иҳәеит ақыҭахамҩа аминистр Беслан Џьопуа. Ақыҭанхамҩа аҿиара ишиашоу иадҳәалоуп ақыҭақәа рҿы асоциалтә зҵаарақәа рыӡбара. Абри аконтекст аҿы, Аҳәынҭқарра Ахада асоциалтә политика аганахьала иҟаиҵаз амҩақәҵарақәагьы хшыҩзышьҭра рыҭатәуп. Иарбоу аусмҩаԥгатәқәа ақыҭауаа рыԥсҭазаара аиӷьтәреиаҿар ақыҭақәа рҿы раанкыларазы аҭагылазаашьақәа раԥҵареи ирызкуп. Иазгәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара, Аԥснытәи ақыҭанхамҩатә аалыҵ аконкуренциа аизҳара алнаршоит, атәыла афатә-ажәтә аганахьала ашәарҭадара аиқәыршәареи ареспублика аекономика аҿы ақыҭанхамҩатә ҟәша иҟанаҵо алагала аизырҳареи иацхраауеит.
«Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иҟаиҵаз адҵақәа ақыҭанхамҩа Аԥсны аекономиказы иамоу астратегиатә ҵакы шаҟа иҳараку аилкаара аанарԥшуеит. Адҵақәа рынагӡаразы иаԥҵоу аҿҳәара ҭшәақәа, Аҳәынҭқарра Ахада ақыҭанхамҩа аҿиараҿы ирццаку, илымкаалатәу алҵшәақәа раарԥшра игәы ишҭоу аныԥшуеит»,- иҳәеит ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьапуа. Аминистр иазгәаиҭеит, сынтәа Аԥсны Ахада идҵала ԥсыхәа ахьынӡамаз ала ишышьҭыхыз ақыҭанхамҩа аусхк иазоужьыз аԥара. «150 миллион мааҭ змаз ҳбиуџьет еизырҳан 250миллион мааҭ рҟынӡа, абиуџьет иҵегь еизҳалоит ҳәарада», иҳәеит иара. Аминистр иажәақәа рыла, убасгьы Бадра Гәынба адҵа ҟаиҵеит, ақыҭанхамҩатә аалыҵ аарыхреи аҭиреи знапы алаку, анаплак маҷқәа змоу анхацәа иршәо ашәахтәқәа еиҳа рырмариаразы ацхыраара аҟаҵаразы. «Раԥхьа иргыланы араионқәа рахь иаҳашьҭит ашәыҟәқәа, араионқәа рхадацәа иаҳзаарышьҭраны иҟоуп қыҭацыԥхьаӡа аферма­қәеи, еиуеиԥшым анаплакқәеи змоу зегьы рсиа. Уи анҳаулак анаҩс аусдкылаҩцәеи ҳареи ҳаиқәшәараны ҳаҟоуп. Ҳаицрылацәажәароуп ргәы иҵхо, изыргәымҵуа, рус аҿиараҿы ирԥырхагоу азҵаарақәа зегьы. Урҭ рызкызар ауеит ааглыхра ахаҭа еиԥш аҭирагьы. Анаҩс, ауп иҳарҳәаз ҳасаб азуны, аус аиӷьтәразы иҟаҵатәны иаҳбо ҳажәалагалақәа Аҳәынҭқарра Ахада иахь ианнеиуа», иҳәеит аминистр.

Беслан Џьопуа иаз­гәаиҭеит, ад­­ҵақәа зегьы ианаамҭоу иш­хырқәшахо, урҭ рынагӡашьа хаҭала хылаԥшра шаиҭо Бадра Гәынба. Аԥсуа-қырҭуатә еибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы ақыҭанхамҩа аҿиара еиуеиԥшым аетапқәа ирхысит , иҟан еиҳа ианхьысҳаз, иҟан еиҳа аҩаӡара анышьҭыҵыз, аха иарбан аамҭазаалакгьы ақыҭанхамҩа аминистрра иалшоз зегьы ҟанаҵон ақыҭанхацәа адгылара рыҭаразы. Ҳәарада, иуадаҩыз аамҭақәагьы маҷмызт. Акырынтә анхацәа рҽаҩра бжьнаххьан ицәырҵыз ахәаҷа-маҷа, мамзагьы аԥсабаратә цәырҵрақәа – ақәа ӷәӷәақәа, аԥшасрақәа, аарҩара. Иахьагьы иуадаҩуп аҳәара ақыҭанхамҩа зеиӷьыҟам ала иҿиеит, ашьапы иқәгылеит ҳәа. Макьана аҟаҵатә даараӡа ирацәоуп, аха уаанӡеиԥш иахьагьы аиҳабыра ари аусхк агәцаракра арҭоит. Еилыркаауеит Аԥсны аекономика ҵаргәа ӷәӷәаны иаҵагылоу атуризми ақыҭанхамҩеи ацхыраара ду шырҭаху. Беслан Џьопуа иҳәеит узыргәырӷьо акәны ишыҟоу аԥеиԥш змоу, лыҵшәабзиала аҿиара иаҿу ахырхарҭақәа жәпакы ақыҭа нхацәа хадала аус ахьрыдыруло. Урҭ иреиуоуп ахшлых аус ахьадыруло афермақәа, ашьхарыжь ахьырааӡо абаҳча дуқәа, урҭ еиҳаракгьы Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭаҿы иҟоуп.
Аминистр иажәақәа рыла, ақы­ҭанхамҩа аҿиара ҩ-хәҭакны иушозар, ганкахьала хықәкылатәи аминистрра иазыԥҵәоу абиуџьет аԥарала аҿиара, егьи аганала уахәаԥшуазар еиуеиԥшым аинвестициатә лагалақәа рыла аҿиара. Абанкқәа рҿы аԥара қьырала агареи аинвесторцәа радыԥхьалареи мҩаԥысуеит ҩ-ҳәынҭқаррак ирыбжьоу аиқәышаҳаҭрақәа жәпакы инарықәыршәаны. Убас, Лабра ақыҭан аус ауеит ажьааӡарҭа ду, уи ақыҭа аҿиараҿы ацхыраара ду ҟанаҵоит. Аҭыԥантәи ауааԥсыра рымацара ракәымкәа, агәыларатәи ақыҭақәа рынхацәагьы усурҭа ҭыԥла еиқәнаршәоит. Убасгьы, Гәылрыԥшь араион аҿы уажәшьҭа ихыркәшахоит иҵегь заа аусура иалагахьаз ацитрустә шәыр хкқәа рыдкыларҭа. Уи зегьы зыҟаҵоу ақыҭанхацәа ацхыраара рыҭаразы ауп. Иҟоуп апроект ахшхырҵәы аус ахьадырулогьы. Ари азауад ду Кәтоли Лабреи ақыҭақәа рҳәааҿы иҟоуп, азауад дыргылахьеит амыругақәагьы ааргахьеит, ирласны аусура иалагоит. Ахш аархәалоит анхаҩцәа рҿы, иааргалоит аҳәаанырцәынтәи. Ари апроект аҩныҵҟатәи аџьармыкьа ҳара иаҳтәу аалыҵ ала аиқәыршәара хықәкыс иамоуп.
Абас ала узлацәажәаша, уагь­ызхыҽхәаша ҳамоуп. Ақыҭақәа рҿы анаплакқәа раартра анхацәа усурҭа ҭыԥла реиқәыршәара иацхраауеит. Ирацәоуп иҭацәу адгьылқәа. Урҭ зегьы ақыҭанхамҩа иатәӡам, аха ақыҭанхамҩахь иаҵанакуа аус дырутәуп, иҳәеит аминистр. Беслан Џьопуа иазгәеиҭеит, Аԥсны Ахада ақыҭанхамҩа аминистрра аҿаԥхьа иқәиргылаз адҵақәа зегьы ҳаԥсуа қыҭақәа реиқәырхареи рыҿиареи, анхацәа рыбазашьа аҩаӡара ашьҭыхреи ишацхраауа.

Елана Лашәриаԥҳа